Аԥсуа милаҭтә спорттә хкқәа рзы ачемпионат ахыркәшаратә хәмаррақәа мҩаԥгахоит Лыхнашҭа
20:14 27.11.2026 (ирҿыцуп: 21:58 27.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 27 — Sputnik. Аԥсуа милаҭтә спорттә хкқәа рзы ачемпионат ахыркәшаратә хәмаррақәа мҩаԥгахоит абҵара 28 рзы Лыхнашҭа.
Ахәмаррақәа хацыркхоит асааҭ 10:00 рзы. Ахәбатәи атур аҳәаақәа ирҭагӡаны еиԥылоит Ҷлоуаа, аҟәатәи ахәбатәи ашкол, кәтолаа, афонҿыцтәи "Аԥсар" акомандақәа.
Ачемпионат аҿы макьаназы аԥхьагылара амоуп Афонҿыцтәи акоманда иҳәеит Амилаҭтә спорт хәмаррақәа рфедерациа ахада Адгәыр Гәынба.
"Егьырҭ амилаҭтә спорт хкқәагьы — акьан ахалара, ахаҳәрԥара, алабашьаршәра ихәмарраны иҟоуп. Уи азы акомандақәа рҟынтәи азыҳәақәа ҳауит", — иҳәеит иара.
Уи адагьы, аҽны 18 шықәса зхымҵыц ақәыԥшцәа рыбжьара Аԥсны аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа ранаршьоит. Актәи аҭыԥ ааннакылеит Ефрем Ешба ихьӡ зху аҟәатәи ахәбатәи ашкол, аҩбатәи — Баграт Шьынқәба ихьӡ зху ашкол №1, ахԥатәи — кәтолтәи акоманда.
Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла, аиааира згази аԥхьахәгаҩцәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи, ахраҿақәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи ранаршьоит. Аԥхьахәтә фонд — 600 нызқьмааҭ.
Аиҿкааҩцәа — Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы, Амилаҭтә спорт хкқәа рфедерациа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала.