Аԥсны аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусура арӷәӷәоит амандаринақәа аҳәаа рахыгара аиҵахара ҟамларц
13:50 28.11.2026 (ирҿыцуп: 15:02 28.11.2026)

© Foto / Таможенный комитет РА
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Аԥсны аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусура арӷәӷәоит амандаринақәа аҳәаа рахыгараҿы аиҵахара ҟамларц азы ҳәа адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭа аиҳабы Русҭам Латипов.
Ацитрустә шәырқәа рахыгара жьҭаарамза инаркны ажьырныҳәамза анҵәамҭанӡа имҩаԥысуеит, шамахамзар урыстәылатәи аџьармыкьақәа рахь ауп иахьнаргоугьы. Регионқәак рџьармыкьақәа рҿы Ашықәс ҿыц азы аԥсуа мандаринқәа рыхәҭа 25-30% рҟынӡа инаӡоит.
"Ацитрустә шәырқәа аҳәаа рахыгара аамҭеи Ашықәс ҿыц аан аидара хьанҭақәа, егьырҭ автотранспорттә хархәагақәеи рыла Урыстәыла аҳәаа ахысра аамҭа иахьынӡауа иркьаҿтәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Латипов.
Аԥсны амандарина аҽаҩра амҽхак 40 нызқь тонна инареиҳаны иазыԥшуп. Аалыҵ атәыла алгаразы аԥсуа-аурыс ҳәаа ҩ-цәаҳәак рхы иадырхәоит.