200 нызқьҩык инареиҳаны урыстәылаа рааԥхьарақәа Путини дареи реимадаразы инеит
15:36 28.11.2026 (ирҿыцуп: 15:53 28.11.2026)

© Sputnik / Сергей Бобылев
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. 200 нызқьҩык инареиҳаны урыстәылаа рҟынтәи ааԥхьарақәа Владимир Путини дареи реимадаразы ишиашоу ицо ацәаҳәахьы инеит.
Урыстәыла ахада ииасуа ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵоит ԥхынҷкәын 10 асааҭ 12:00 рзы. Адҵааларақәа рыдкылара иалагеит абҵара 27 рзы, апрограмма хыркәшахаанӡа иацҵахоит.
Анеиросет "ГигаЧат" адыррақәа рыла, зегь реиҳа ааԥхьарақәа ааит асоциалтә политика атемала. Еиҳа изызҿлымҳау азҵаарақәа хәба рахь иаҵанакуеит иара убасгьы аинфраструктура, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи, аекономикеиа, АОҶ ирызкны.
Ишиашоу ицо ацәаҳәахьы еиҳа лассы-лассы ирыҩуеит аҳәса — 59% азыҳәарақәа дара рҟынтәи иааит ҳәа астатистика аанагоит анеиросет.
"Владимир Путини ашықәс аихшьаалақәеи" — 2023 шықәса раахыс ишиашоу ицо аефир ала имҩаԥысуа есышықәсатәи программоуп. Уаҟа Урыстәыла ахада ашықәс аихшьаалақәеи, ажурналистцәеи атәылауааи рызҵаарақәа рҭакқәеи ҟаиҵоит.