Агастрономиатә еицлабреи анапҟазацәа рцәыргақәҵеи мҩаԥысит Тҟәарчал
19:04 28.11.2026 (ирҿыцуп: 19:26 28.11.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Апроект мҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада ирылеиҳәаз Ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны ақыҭа, ареспублика араионқәа зегьы амҽханакуеит.
АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Агастрономиатә еицлабреи анапҟазацәа рцәыргақәҵеи мҩаԥысит Тҟәарчал, афестиваль "Ақыҭа амч — Аԥсны агәадура" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит араион ахадара.
Ақалақь иахьа иаанартит ареспублика араионқәа зегьы зымҽхазкуа, ақыҭақәа рыҿиара, амилаҭтә традициақәа реиқәырхара, ауааԥсыра раԥшьгарақәа рыдгылара иазырхоу апроект.
"Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Габелиа иажәақәа рыла, афестиваль ԥшь-блокк ӡырнагеит: акультура, аспорт, агастрономиа, анапҟазара.
Агастрономиатә еицлабра рхы аладырхәит аҭыԥантәи ашколқәа рдиректорцәеи рҵаҩцәеи. Урҭ амилаҭтә чысхкқәа ӡырыргеит.
Тҟәарчал араион ақыҭақәа рҟынтәи анапҟазацәа рнапкымҭақәа аадырԥшит. Иара убасгьы имҩаԥысит ашьапылампылтә турнир.
Акультуратә программа иаҵанакуан араион ахәыҷқәеи аҿари зықәгылаз авокалтә еицлабра.