Арадио

Аргәынԥҳа ҳџьынџьуаа абызшәа дырҵаразы акурсқәа ирызкны: аамҭала ҳаиқәшәом

Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа зҵо акурсқәа ҩ-гәыԥкны ишоуп, аиҵбыратәи аиҳабыратәи, ҳәа лҳәеит Sputnik арадио ҭелла иалҭаз аинтервиу аҿы ахатәы бызшәеи алитературеи рырҵаҩы, ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа дырҵаразы Ҭырқәтәылаҟа ицаз Елис Аргәынԥҳа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Елис Аргәынԥҳа ҳџьынџьуаа аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа ирызкны

"Аԥсуа бызшәа зҵо акурсқәа ҩ-гәыԥкны ишоуп, аиҵбыратәи аиҳабыратәи ҳәа. Мчыбжьык ахь ҩынтә имҩаԥаагоит ҩ-сааҭк ицоит азыҟаҵарақәа. Еиҳарак Аграа, Кәаӡбақәа рацәаҩуп. Аиҳабацәа рзы азыҟаҵарақәа уахынла ауп ианымҩаԥаҳго, избан акәзар аусқәа руеит, аҿар ракәзар урҭгьы рацәаҩӡам", — лҳәеит Аргәынԥҳа.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.