Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

Аишьцәа Маҳмуди Аҳмади, Пицунда ақалақь аҿы инхоит. Рхы-ргәы иақәгәырӷьоит, рхы иахашшауа иҟам, иҭаацәароуп, ирызҳауеит рыхшара.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Амҳаџьырра ихнарҵәаз ҳауаажәлар, ишдыру еиԥш адунеи ахы-аҵыхәа иалаԥсоуп. Сириа инхо аԥсуаа ракәзар, хыԥхьаӡарала ирацәамзаргьы, рмилаҭтә хдырра мырӡӡакәа иааргоит, ргәы иалоуп рхатәы бызшәала ишырҭаху иахьзымцәажәо, аха дара изларҳәо ала, раԥсуара аԥсы ҭоуп, уи дара рзы акраҵанакуеит.

Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахьаагара иацу ргәалашәарақәа

Сириа инхоз аишьцәа Маҳмуди Аҳмеди Қәышьбақәа, реиҳабацәа рҟынтәи лассы-лассы Аԥсны аӡбахә раҳалон, еиҳарак раб ирзеиҭаиҳәоз ажәабжьқәа акыр ирацәан. Убри акәхап урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыл иадзыԥхьалазгьы. Ран дадыгоуп. Маҳмуҭ, 1987 шықәса рзы Дагесҭан амедицинатә институт дҭалоит. Уа, Аԥснынтәи аҵара ицызҵоз аԥсуа ԥҳәызба илыбзоураны, 1988 шықәса рзы даауеит Аԥсныҟа, археолог Гиви Смыр ичарахь. Анаҩс, 1990 шықәса рзы дҭалоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет абиологиатә факультет.

Ус, 1992 шыкәса рзы ихьӡоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Леон иорден" занашьоу Маҳмуҭ Қәышьба, Аԥсны Аиааирамҩахь инагаз амҩа аҵыхәтәанӡа данысуеит.

"Аԥсны ақырҭқәа ртанкқәа алалеит ҳәа ажабжь ҳаҳаит. Аԥсуа телехәаԥшра аефир ала, ажәлар аҽеидкылара аамҭа ишҭагылаз ааҳалаҩит. Адырҩаҽныҵәҟьа, Гәдоуҭаҟа хцеит. Иаҳбон ажәлар шыгәжәажәоз, абџьарқәа ишрышьҭаз", — игәалаиршәоит Маҳмуҭ.

Раԥхьа, аҟабардақәа еидызкылоз агәыԥ алахәцәеи дареи еибадырит. Ԥшьзводкны иҟаз абаталион шьақәгылеит, аԥсуаагьы алан.

"Аибашьра ианалага, Дәрыԥшь ҳаҟан. Аибашьраҿы иҭахаз, "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ зыхҵоу Фарид Арҩҭаа, иашьа Ариад, сара џьарак ҳаицын, аԥсыуак иҿы аргыларатә усқәа ҳарҿын",  — иҳәеит аибашьҩы.

Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

Сириантәи еибашьуаз ҳгәыԥ еиднакылон аишьцәа Фариди Риади Арҩҭаа, аишьцәа Дани Недали Аграа, аибашьраҿы иҭахаз Гасан Џьарқас. Акыраамҭа Лиосик Цыгәба ибаталион аҿы ҳаҟан", — аибашьра ахҭысқәа игәалаиршәон Маҳмуҭ Қәышьба.

Маҳмуҭ егьа ицәыуадаҩзаргьы дрылацәажәеит ахьаа зцыз аибашьра ахҭысқәа.

"Ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт. Сара агәрагара еснагь исыцын Аиааира ҳара ишаҳгоз. Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырԥашьа змам аԥсҭбарақәа. Ажәылара ахыркәшамҭаз, ҿаҵак иадамхаргьы адгьыл ахы ишақәиҭхаз анубалак, хымԥада уамыргәырӷьарц залшом. Аха, инагӡаны агәырӷьаха уаӡом, избанзар уи агәырӷьара зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз рацәаҩын, аҵыхәтәантәи рымҩахь инаскьагатәын…"-дцәажәон аибашьҩы.

Аԥсны Аиааира анага, Маҳмуҭ Қәышьба, Аҟәа ақалақь Аиааира ашҭаҿы дыҟан.

Аԥсны аибашьра анеилга, ахныҟәгара шыуадаҩызгьы, Маҳмуҭ имаз ахачҳара иабзоураны, иԥсадгьыл аҿы анхара далагеит. Иҵара хыркәшаны аусура далагоит аҟәа аекспиременталтә потологиеи атерапиеи рԥышәарҭатә институт аҟны науктә усзуҩыс. Иара убас, илаз аҟазара иабзоураны, амҿы аус адиулон.

Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

"Аԥсны уԥсадгьыл акәзар, егьа уадаҩра уԥгыларгьы, уааиаироуп. Зегь раԥхьа иргыланы, угәы каумыжьроуп. Ауадаҩрақәа иахьабалакгьы иҟоуп. Еизҳауа ахәыҷкәа, аҿар хымԥада, аԥсҭазаара бзиа рзыԥшуп. Ҳара зцәыӡра иаҿыз ҳхатәы бызшәала ҳхәыҷқәа ахьцәажәо, уи гәахәара дууп"-ҳәа азгәеиҭоит Маҳмуҭ.

"Дагесҭан аҵара анысҵоз, раԥхьа аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь сныҟәон. Уаҟа аурыс бызшәа цгьамкәа исҵеит. Аԥсышәала ишысҭаху еиԥшҵәҟьа сзымцәажәозаргьы, еилыскаауеит. Аԥсшәа ушыхәыҷу улымҳа иаҳароуп, ашьаҭа бзиа умамкәа иуадаҩуп ахархәара"-иҳәеит Қәышьба.

Маҳмуҭ Қәышьба иашьцәеи иаҳәшьцәеи, иҭаацәеи ишырҭахаз еиԥшҵәҟьа изеигәныҩуамызт аибашьра ашьҭахьҵәҟьа. Ус ишыҟаз, 1994 ш. рзы иашьа Аҳмад, Сириантәи Аԥсныҟа даауеит.

"Ҳара аҩнаҭаҿы иҳаман аԥсуа ааӡара, иазгәаҳҭон аҵас, ақьабз. Аԥсуара, арабтә ҟазшьақәа акыр ирцәыхароуп. Аԥсшәа ҳаб иакәын издыруаз, ҳара ҳан лбызшәа, адыга бызшәа акәын, уи акәын иаҳдыруаз. Ҳара Аԥсныҟа еснагь мчык ҳахон", — дҳацәажәон Маҳмуд иашьа Аҳмад.

Зыԥсҭазаара ҩеибашьрак иҭазыгӡаз

Дамаск ҳанынхоз, ауҭра шаадрыхуазҵәҟьа ҳамбаӡацызт. Аха, аԥсҭазаара аԥышәа зегьы уанаршьцылоит.

Аҳмад, иабшьҭра аҭоурых дазааҭгыло иазгәеиҭеит:

"Қәышьаа аишьцәа ԥшьҩык ыҟан. Хҩык Ҭырқәтәылаҟа иагеит, зегь иреиҵбыз Аԥсныҟа дхынҳәит. Аӡәы Сириаҟа дагеит. Уа Голлантәи аҳаракырақәа рҿы ҳанхон. Шьам-ари иԥшьоуҭыԥны иахәаԥшуан. Ҭырқәтәылантәи Сириаҟа иагаз ыҟоуп, Сириантәи Иорданиаҟа иагаз, рлахьынҵа убас еиԥш иарблаҟьеит аԥсуаа", — аҭоурых дазхьаԥшуа дҳацәажәон Аҳмад.

Аишьцәа Маҳмуди Аҳмади, Пицунда ақалақь аҿы инхоит. Рхы-ргәы иақәгәырӷьоит, рхы иахашшауа иҟам, иҭаацәароуп, ирызҳауеит рыхшара.

"Ҳара ҳрепатриантцәаӡам, ҳара ҳаԥсацәоуп, ҳаԥсадгьыл Аԥсноуп!", —рыхшыҩҵак абас еиԥш ихдыркәшеит аишьцәа Қәышьаа.