Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

© Фото : Сырма АшубаЕфкан Цыба
Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамзазы, Шрома ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы ахәра ӷәӷәа зауз Ефқан, иԥсҭазаара аиқәырхара залыршамхеит, ҳаӷацәа рхымца дзацәымцеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ануԥхьо, уи ахьчаразы хеигӡарак ҟамҵакәа уахь игоу амҩа ԥшааны уабдуцәа рџьынџьдгьыл аиқәырхара уандәықәло, аҟазаареи аҟамзаареи алакҭа уанҭаԥшуа… Аха, ԥсуаҵас уԥсадгьыл аҿаԥхьа иуду ауалԥшьа анынаугӡо, уи ахаҵара иатәуп.

Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахьчара иааз рахьтә раԥхьатәи ԥсҭбаран, аибашьраҿы Ефқан Цыба иҭахара. Ефқан, Ҭырқтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Џьгьарда деиуан.

© Фото : Сырма АшубаЕфкан Цыба
Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Ефкан Цыба

"Сыԥсадгьыл ахьчара абыржә санымца, ахы ианақәиҭыртәлак аума санцо? Хаҵаҵас сҭахар еиҳа еиӷьуп, ԥсадгьылда амҩаду санхалар аҵкыс", — иҳәалон Ефқан иҩызцәа данрацәажәоз.

Абҵарамзазы, Шрома ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы ахәра ӷәӷәа зауз Ефқан, иԥсҭазаара аиқәырхара уаҳа изалыршамхеит, ҳаӷацәа рхымца дзацәымцеит.

Ҭырқәтәылантәи иааны зыԥсадгьыл зыхьчоз арԥарцәа, ауасиаҭ ажәа нрыжьхьан. Иҭахоны иҟалозар, рыԥсадгьыл аҿы анышә иамардарц. Уи дақәшаҳаҭын Ефқангьы.

Еснагь зхы-зҿы еихаччо иҟаз Ефқан, иҩызцәа реиԥш дҭахар, аԥсуаҵас, Аԥсны анышә дамардарц ауасиаҭ ажәа инапы шаҵаиҩхьазгьы, иан иҟалҵаз аҳәарала, иԥсыбаҩ Ҭырқәтәылаҟа идәықәҵан. Усҟантәи аамҭазы, Адаԥазар ақалақь аҿы, Ефқан иҭахара заҳаз зегьы еизеит. Хьыӡла-ԥшала дымҩаԥганы анышә дамардеит иқыҭа гәакьаҿ Џьгьарда.

Ефқан Цыба инышәынҭра иахагылоу абаҟа иаҵаҩуп абас еиԥш иҟоу ажәақәа: "Ахақәиҭраз еибашьуа ԥсра рықәӡам!.."

Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатә гәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз Сергеи Тигиев - Sputnik Аҧсны
Аветеран Тигиев: сҩызцәа рыбжеиҳараҩык аибашьра иқәнахит

Ефқан данҭахаз амш азы, иара убас аибашьра иадҳәалоу аҭоурыхтә рыцхәқәа рзы, иара инышәынҭраҿы хәыҷи-дуи зегьы еизоит, дыргәаладыршәарц аибашьҩы, еизҳауа абиԥарақәа ирдыруазарц Аԥсны аҭоурых.

Ефқан иан, Милеҳаҭ Асланыҟәа, Аԥснынтә аԥсыуак дылбар, лыҷкәын иԥсы ҭаланы лаԥхьа даагылазшәа дааҟалоит. Хаҭала, сара слықәшәахьеит Ефқан Цыба иан Ҭырқәтәыла. Лара илҳәарц илҭахыз лгәаҵа иҭаԥсоз лылаӷырӡқәа илдырҳәомызт. Аха, егьа ус акәзаргьы ҳацәажәара дналагеит:

"Аԥснынтә аӡә данызбалак, Ефқан сыбла даахгылоит. Насгьы исгәалашәоит иҩызцәа иреиҳәалоз ажәақәа: "Сҭахоны сҟалозар, алаӷырӡ кашәымҭәан. Аԥсадгьыл ахьчараз иҭахо, ус иқәнагам, алаӷырӡ иаҭәам. Сыҽсырӷәӷәарц салагоит, аха сгәырҩа анысиааиуа ыҟоуп, ишԥазури. Ус шаҟаҩы аибашьра хлымӡаах иалаӡзеи…" — луанытә дқәыԥсычҳауа дцәажәон Милеҳаҭ.

Ефқан, дхәыҷы аахыс дыздыруаз иҩызцәа лымкаала ихцәажәоит. Ааишьагиуль Ашәԥҳа лакәзар, Ефқан дҭахеит ҳәа анлаҳа, лҩызцәеи лареи Аԥсныҟа иаразнак излаара иашьҭалеит. Урҭ ргәы иҭакны ирыман усгьы, аха рҩыза иҭахара раара еиҳагьы иарццакит.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

"Аибашьра ианалага аҽны инаркны ажәабжь хлымӡаахқәа ҳаҳауан усгьы. Аха, ҳҩыза Ефқан Цыба иҭахара, абомба ааҳаларыжьызшәа ҳцәа ҳҭанарӡыӡааит. Ефқан, абҵарамза 6 рзы, Адаԥазар ақалақь аҿы анышә дамардеит. Ҳҩызцәа зныз авидеокасетақәа ҳрыхәаԥшлон ҳаизны. Ефқан уаҟа ус иҳәалон: "Ацхыраара ҳәа акыр шәзыҟаҵозар, шәхы шәамеигӡан". Аԥсныҟа амҩа ҳанықәла, ҳҩыза Ефқан Цыба дҭамхазшәагьы ҳааҟалеит", — илгәалалыршәоит Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа Ефқан ицзызҳаз Ааишьагиуль Ашәԥҳа.

Уԥсы зқәуҵаша Аԥсадгьыл уманы уҟазар, иарбан уи еиҳа ихадароу?! Ҳаибашьцәа рыԥсы ахҭынҵаны иҿыху аԥсадгьыл аҿы иахьа ишьақәгылоу аҭынчра наӡаӡтәхааит.

Ҳџьынџьуаа изларҳәо ала, аибашьраҿы егьа уадаҩра рхыргазаргьы, дара рзы зегь реиҳа иҷыдоу аамҭаны иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0