Sputnik, Сырма Ашәԥҳа
Ҭурҳан Ҳәымсаҵә раԥхьа Ҭырқәтәылантәи иҭоурыхтә ԥсадгьыл данаҭаа, дзықәгылаз адгьыл абыржәгьы абжьы иаҳауеит. Усҟан ииԥылаз аԥсуаа, иаҳаз аԥсшәа, ифаз аԥсуа чеиџьыка, ахааны ихашҭраны дыҟоума?!
"Уи сара сзы сыԥсы ҭанаҵы исыцу разҟуп. Аибашьра анцоз аамҭазы, аӷба Трабзонынтә Аҟәа ианнеи – "ах, Аԥсны абас исымбандаз", — сҳәеит. Абомбақәа ахьалаԥыржәо, амца шыра ахьыҟоу, аԥсҭҳәа еиқәаҵәақәа ахамԥар ҟалома? Ҳаԥсадгьыл ахьчара рхы- рыԥсы ақәырҵеит ҳаибашьцәа хазынақәа, рыԥсы ҭынчзааит. Дара ирыбзоураны Аԥсны Аиааира дуӡӡа агеит, ахақәиҭра аиуит. Уи узеигәырӷьо хҭысуп, аха ушьҭахьҟа уанхьаԥшлак, ихьааугаша рацәоуп. Аибашьра-ауаҩытәыҩса ихшыҩ анеилаԥсо, данхагахо аамҭоуп. Уи аԥышәара ӷәӷәа иахысит ҳауаажәлар. Уигьы лахьынҵоуп. Аԥсны ҭоурыхла иаҳҳәозар, изхысхьоу акырӡа ирацәоуп. Анцәа ҭабуп ҳәа иасҳәоит саԥсыуаны сахьишаз. Ҳаԥсуара ҳазшаз имырӡааит!".
Кадыр Аӡынба иакәзар Аԥсны аибашьра ашьҭахьҵәҟьа дааит. Акыргьы деимдеит, аԥсуа қыҭақәа ибеит, апсуа жәлар рлакҭа дҭаԥшит.
"Сара сабдуцәа Ахҷыԥсантәи иааит. Саб иабду Ҳасан иоуп Аԥснынтә ахҵәара зықәшәаны Ҭырқәтәылаҟа иааз. Усҟан еицааз Аӡынбақәа жәабаҟа ҭӡы ыҟан. Ҳендеқь ақалақь, Кәарацәгьа ҳәа зыхьӡҵаны ишьақәдыргылаз ақыҭаҿы анхара рҽазыршәеит. Сара сабду Ҭаҳир ихьӡын. Ԥшьҩык ахшара иман. Аԥсны сцаны санаа ашьҭахь, аԥсышәала ажәеинраала зҩып ҳәа агәаҳәара соуа салагеит.
"Аԥсуаа ҳахьыҟазаалакгьы ҳаԥсадгьыл амаҵ ҳуроуп ҳаԥсы ахьынӡаҭо. Аидгылара, аибабара, аиҭынҳара, аиашьара аныҟәгара ҳара ҳаԥсуара иҳаднаҵоит", ҳәа ражәа хдыркәшеит дара.