Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

© Фото : группа в Facebook "Памяти павших за Родину"Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год.
Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нхыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа ирызку агәалашәарақәа Cырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, ҳиааира аагара ааигәазтәыз, хатә гәаԥхарала еибашьуаз рхыԥхьаӡара маҷҩым. Иҟан ҭаацәарак аҟынтә ҩыџьа-ҩыџьала иахьаауаз. Убарҭ ируаӡәкуп Нхыҵ-Уаԥстәыла инхо, аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз Вадим Алборов иҭаацәа. Вадим иашьа Едуарди иареи Аԥсны еицеибашьуан. Едуард, аибашьра изыннажьыз ахәрақәа ирхырҟьаны, иахьа игәабзиара акыр иуашәшәыроуп.

"Цугуровка, Шрома имҩаԥысуаз ажәыларақәа дрылахәын сашьа. Ахәра ӷәӷәала ианиоу, ахәышәтәырҭаҿы дышьҭан. Игәабзиара шааиӷьхаз еиԥш, иаразнак Аҟәа агаразы имҩаԥысуаз ажәылара ихы алаирхәит. Аха, Аиааира абара дзахьымӡеит…Сгәы снархьуеит", — аибашьра ахҭысқәа дыргәыланахало дҳацәажәон аветеран Едуард Алборов.

Вадими Едуарди раб Торбег ҳаниҿцәажәоз иазгәаиҭеит, иҷкәынцәа дшыдмырԥхашьаз, акызаҵәык хьаас имоу, Вадим ибаҩ ахьыҟоу ахьизымдыруа ауп.

"Сара иахьеиԥш исгәалашәоит, Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа аниаҳа, Вадим ииҳәаз ажәақәа: "Ҳашьцәа, аԥсуаа ҳрыдгылароуп, ԥшрак ҳәа ҟамҵакәа уахь амҩа ҳақәлароуп", — ҳәа. Ииҳәаз иажәа ҩбасымтәит, избаназар диашан. Ирылшоз ала, сыҷкәынцәа цхыраара ҳәа акыр рзыҟаҵазар, сгәы рыладууп", — иблақәа хьаа шәкы рхыубаало еиҭеиҳәон аибашьцәа раб.

Кабардинские добровольцы и абхазские ополченцы. Пицунда 1993. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥҳа лгәалашәарақәа: саб сгәазхара дысзымбацызт

Торбег иҭахыуп аԥсуааи, ауаԥсааи уаҳа аибашьра Анцәа ирзааимгарц, аҭынч ԥсҭазаараҟны инхарц.

Вадим Алборов иҭаацәа инарцәыхарамкәа инхоит Роберт Џьусоев иҭаацәа. Роберт дабиԥазаҵәын. Аԥсны аибашьра ианалага, иҭаацәа маӡала дырцәыбналаны Аԥсныҟа дааит еибашьра. Иҭаацәа иара ихабар раҳаит, Аԥснынтә иԥсыбаҩ аҩныҟа ианрызнарга…

Роберт иан Екатерина, лылаӷырӡқәа лҿыҵкьаса лыҷкәын иӡбахә далацәажәон. Уи лызхара дылзымааӡацызт, дылзымбацызт.

"Аусура аганахь ала џьара сдәықәырҵоит ҳәа ҽыҵгак ҳаиҳәеит. Ҳаргьы иажәа агәра ҳгеит, избанзар амц ахаан иҳәомызт. Усҟан сыҷкәын аԥсуаа шәихьчарц азы амҩа Аԥсныҟа дықәлозаарын. Ииашан иҟаиҵеит, аха сгәы ҿкааауеит дысгәалашәацыԥхьаӡа. Ан лыхшара анышә иаҭара мариоума…" — дҳацәажәон ан.

Лара иагьа илцәыуадаҩзаргьы илгәалалыршәоит лыҷкәын дшылзааргаз атәы.

"Сара ауҭра сҭан. Ус агәашә шьоукы аадыххылеит. "Бан дыԥсгәышьеит, ибыурызеи" — ҳәа сарҳәеит. Аха, сара иаразнак сцәа иалашәеит сан шлакәымыз, сыҷкәын шиакәыз" — анаҩс, лылаӷырӡқәа уаҳа лыдмырҳәеит.

Герой Абхазии Казбек Мижаев - Sputnik Аҧсны
Зыԥсҭазаара ҩеибашьрак иҭазыгӡаз

Роберт иани иаби рықәрахь инеихьеит. Акыр ирцәыуадаҩуп рыҷкәын ида аԥсҭазаара. Аха, рхьаа цәгьа рцәа иҭарыгӡар акәхеит. Ус ҳазшаз рылахь ианиҵеит.

"Сыҷкәынзаҵә ида аԥсҭазаара уадаҩуп. Иара иԥсы ҭаны дҳамазҭгьы, иахьа ҳгәы ҭганы ҳаҟазаарын. Аха, егьаурым, иҳаурызеи?.. Аҭынч ԥсҭазааразы дҭахеит, иԥсы ҭынчыз. Шәҳәынҭқарраҿы еснагь аҭынчра шьақәгылазааит. Аныҳәақәа ԥшӡала еснагь иазгәашәҭалааит. Ҳара ҳгәы шәыладууп!" — дцәажәон аибашьра аветеран иаб.

Уаҳа ҳадгьыл аҿы ахааназы иҟамлааит аибашьра, изызҳауа абиԥара аҭынч жәҩан аҵаҟа рыԥсҭазаара мҩаслааит. Аиааиреи аҭынчреи ҳзаазгаз рҿаԥхьа ҳхырхәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0