Наамық Арсҭаа: ҳбызшәа аҿы иҵәахуп ҳазхысхьоу азқьышықәсақәа рымаӡа

Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Арсҭаа Наамық игәаанагара ҳзеиҭеиҳәеит аԥсуа бызшәа ахархәара иахьатәи аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Sputnik

Sputnik

Зегьы еицырдыруа акоуп 150 шықәса раԥхьа ахҵәара ду ҟалаанӡа аԥсуаа Аԥсны ықәырҭәаан ианынхоз – ара аҳра зуаз аԥсшәа шакәыз. Ииашоуп усҟан Аԥсны иаҵанакуаз адгьылқәа рҳәаақәа хазын, иахьа еиԥш иҭшәамызт. Аԥсуа жәлар рхыԥхьаӡарагь акырӡа еиҳан. Усҟантәи аамҭақәа рзы зышьаҭа зҳаз атрагедиа иахылҵыз ауп арҭқәа рганахь иҳамоу апроблемақәагь зыхҟьазгьы.

Усҟаноуп атәымбызшәақәа рымҽхак дырҭбаауа ианалага ҳажәлар рыҩынҵҟа. Нас хәыҷ-хәыҷы иахьатәи ҳҭагылазаашьа аҟынӡа ҳааит. Аха иахьала аҵаа ԥсасиуа, ҳауаажәлар рҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуа иалагеит. Амала ара иахьааиуа, акыр шықәсақәа раахыс имырӡкәа еиқәдырхаз рыԥсшәа абанӡараҳауеи? Дара шазыԥшыз еиԥш зехьынџьара ахьхьаҳәа иуаҳауама?

Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Ҳара Ҭырқәтәылантә ҳанааи аԥсшәа рацәаны иҳаҳуеит ҳәа ҳазхәыцуан. Уаҟа унеир зегьы аԥсышәала ицәажәоит ҳәа сгәы иаанагон. Аха сахьааиз избаз даҽакуп. Аԥсуаа аԥсшәа здыруагьы ирымҳәар рҭахуп, иԥхаршьошәа исзааиуеит. Убри сзеилкааӡом. Сара арахь санаауаз сзықәшәалак зегьы аԥсышәала аҷҷаҳәа аҭак сырҭо иҟаз џьысшьон. Раԥхьа санааиз уи аҟара исбарҭамызт, сыԥсны сааит ҳәа сгәырӷьаҵәа сыҟан. Аха уажәы хәыҷык сгәы каҳашәа иҟоуп, саԥсшәа ахьысмаҳауа сгәы иҵаханы иҟоуп.

Аԥсныҟа иаауа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа еиҳарак иахьынтәаауа Ҭырқәтәылантәи ауп. Иаауа рахьынтә ирацәаҩны аԥсшәа рдыруеит. Ауаҩы игәы иаанагар ауеит дара ибзиами – апроблема ыҟаӡам ҳәа. Аха аҭагылазаашьа даҽакала иҟоуп. Ара иахьааиуа инхароуп, аус руроуп, аҵара рҵароуп. Усҟан аԥсшәа мацара здыруа апроблема рызцәырҵуеит.

"Мшыбзиақәа" — ҳәа иахьыҩнало аҭак тәым бызшәала ирырҭоит. Уи аус аиҿкаараҿгьы, аԥсҭазаараҿгьы ауадаҩрақәа рызцәырнагоит. Зны-зынла атәым дгьыл аҿы иааизшәа агәаанагарагь анроуа ыҟоуп. Ари рыцҳароуп, ҳәарада, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз аԥсуа изин абас ианеилагоу. Цқьа уаназхәыцлакь иунарбоит ҳҳәынҭқарратә бызшәа ахархәара ицәырнаго ауадаҩрақәа ахьынӡаҵаулоу.

Ҳбызшәа иаҳдыруа ибзианы иҳазхоит ҳәа ҳазҳәаӡом, избанзар аҭак ҳазҭо иаҳдыруа аԥсшәагь ишахәҭоу аҭак ҳарҭаӡом. Ҳахьнеилакгьы аԥсышәала аҭак ҳазҭо ҳԥылаӡом, аԥсышәала аҭак ҳазҭо рхыԥхьаӡара маҷуп. Ҳангәаҟлак аурыс бызшәа здыруа шьоукы ҳрышьҭалоит. Аԥсны ҳаҟаны аурыс бызшәа здыруаны иҟоу ҳазишьҭалари ҳәа сазхәыцит. Ари иашаӡам ҳәа сгәы иаанагоит.

Зураб Хьыбба: узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом

Ҳбызшәала зехьынџьара иуаҭаху узыҟаҵаӡом, аԥсшәа мацара удыруазар иазхаӡом ара. Ара ҳ-Аԥсноуп ҳанхар ҳҭахыуп. Сара сынхоит ҳәа сааит акры зуроуп, ак ҟасҵароуп сусқәа анысыӡбо аԥсышәала исыӡбар, сцәажәалар сҭахыуп, аурыс бызшәагь сыздырӡом, аҭырқәшәагь заҳауа аӡәгьы дыҟаӡам уигьы сашьҭаӡам. Сара сыбызшәа зҳәо, аҭак сыбызшәала исызҭо ауаа сҭахыуп сус аныҟасҵо, избанзар сара саԥсуоуп. Ҭырқәтәыла саныҟоу сусқәа сбызшәала исзыҟаҵаӡом, избанзар уи тәым ҳәынҭқарроуп.

Аха ара са сыԥсадгьыл ами зехьынџьара аԥсышәала сцәажәалар сҭахыуп. Сыбызшәала сцәажәо, аус аҿы саннеилакь апроблема соуит. Сымацара сакәӡам, зегьы апроблемақәа рацәаны иҳазцәырҵуеит. Иаҳҭаху анаҳҳәалакь аҭак рызҳаҭаӡом иахьырзымдыруа азын. Издыруагь ирҳәар рҭахӡам, иԥхаршьома сыздыруам. Ажәакала иуҳәозар ҳаԥсшәа мацара ара иузхаӡом. Иззымдыруа рацәоуп азын агхақәа рацәаны иҳауеит ҳусқәа рҿы.

Араҟа ицәырҵуеит даҽа зҵааракгьы. Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи иаауа аԥсуаа рҟынтәи имаҷым аҿаргьы. Урҭ реиҳараҩык аԥсшәа рыздырӡом. Раԥхьаӡа ианааиуа иалагоит аҵара, нас ишнеиуа ирызцәырҵуеит анхара-анҵыра аусура, ирыдҳәалоу апроблемақәа уаҟа аԥышәа иднарбоит дара ирҵо абызшәа шакәым аус зуа, ахархәара змоу. Усҟан изҿу абызшәа ааныжьны еиҳа ахархәара змоу аурыс бызшәа аҵарахьы ииасуеит. Аԥсшәа анаҩстәи аамҭахь инарыглан.

Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Иазгәаҭатәуп раԥхьа иаақәоз аԥсшәа рҵо, рхы иадырхәо ишыҟаз. Аамҭа цацыԥхьаӡа аԥсшәа аҵара аасҭа аурысшәа аҵара еиҳа иазҿлымҳахо иалагеит. Ара аӡәгьы гәыбӷан узиҭаӡом, избанзар иахьааиз аԥсҭазаара ирыднагало иароуп. Аԥсшәа мацара иҵар ашкол дҭазар аҵара изҵаӡом, аус иуазар ԥсышәала мацара, иус избаӡом. Абарҭқәа роуп изыхҟьо Аԥсны иааиуа ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа раԥхьа аԥсшәа мҵакәа даҽа бызшәак ахь иахьиасуа.

Са сзықәшәақәаз сара исымдыруеи. Аԥсуа бызшәада уаҳа ԥсыхәа сымаӡам, даҽа бызшәак ара сара исыздырӡом. Ирацәаны сангәаҟуа ҟалоит. Аус санаҿу аурысшәала мацара аҭак сызҭо ахьырацәоу азын сусқәа аныҟамло рацәоуп. Убри азыҳәан ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Аԥсшәа аҵара ааныжьны аурысшәахь ианиаслакь еиҳа ирласынгьы ирҵоит, избанзар зехьынџьара ираҳауеит, аԥсшәа шамахамзар ираҳаӡом.

Ҳа-Аԥсны, ҳаԥсуара, ҳқьабз ара иҟоуп ҳәа игәыӷуеит. Аԥсшәа ззымдыруагь сыԥсуара сцәыӡуеит, слеишәа, сқьабз сцәыӡуеит ҳәа ара даауеит, дахьааиуагь абызшәа иҵар иҭахуп, аха ииҵо иара ихәарҭаӡам, избанзар аҭак иауӡом. Иус аԥсшәа мацарала иахьизымыӡбо азы даҟәыҵуеит, игәы каҳауеит, аурысшәахь дмиасыр ада ԥсыхәа иоуӡом, убри ауп изыхҟьо. Еиҳарак аус азоуп аурысшәа зырҵо. Дынхарц, дынҵырц абызшәа иҭахуп.

Уи азын аԥсшәа мацара азымхозар иҟаиҵари? Ианамулак аурысшәа аҵара далагоит. Ҳара аԥсшәа здыруагь аурысшәа ҳҵар ҳҭахуп, избанзар ишаҳҭаху аус ҳзуӡом аурысшәа ахьаҳзымдыруаз. Нас еиҳа аус зуа абызшәа иҵар акәхоит.

Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

Аԥсшәа  арҵаразын иҳагу рацәоуп, ара. Иҵегь игәцаракны ҳазнеироуп, нас иааиуагь иҵо далагоит. Иааиуа аԥсҭазаара иднагало ауп ишьҭихуа.

Атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи Аԥсныҟа ихынҳәуа ҳауаажәлар, араҟагьы ҳбызшәа иахҭысуа анырбалакь ргәы рҭынчны изтәом. Дара ирҭахуп аԥсуаа зегьы рбызшәала ицәажәалар, рбызшәала еилибакаалар – ус иҟаларц азын иҟаҵатәугьы иазхәыцуеит.

Ҳбызшәа араҟа апроблемақәа амоуп, аха уи ҳариашароуп. Етап-етапла иҳаӡбароуп иҟаҵатәқәоу. Нас уи алыҵшәа ҳахәаԥшыроуп – ишыҟалазгьы. Ари азҵаара ҳара иаҳмыӡбар аӡәгьы избаӡом. Иалшози, иалымшози зыхҟьаз еилаҳкаароуп.

Ҳара ҳ-Ҳәынҭқарраҟны ҳбызшәа иаҳзышьҭымхыр ҳҳәынҭқарра ззаҳҭахуи? Ҳара ара ҳзааз ҳхы еиқәҳархап ҳәа ауп. Ассимилиациа ҳахьуазар, уа Ҭырқәтәылагь иҟоу уи ауп ҳнымхози. Ҳара иаҳҭаху ҳҳәынҭқарра шьақәгылан ҳбызшәала аус ауа иҟаҳҵар ҳҭахуп. Аҳәынҭқарра аиҳабырагь абри иацԥыҳәароуп, иацныҟәароуп, иазааԥсароуп. Зегь раԥхьа аԥсуа бызшәа  аԥхьа иргылан ирымазароуп. Ҳахьнеилакгьы аԥсышәала ицәажәозароуп. Макьана аԥсшәа здыруа рацәоуп, уи ҟауҵар ауеит, аха иахьа ишцо ала уаҵәы уи мариахаӡом, еиҳагьы иуадаҩхоит.

Ҳазхымсыз аԥышәара: Ҭамила Арышԥҳа абызшәа арҵара апроблемақәа ирызкны

Иахьа ҳахьнеилакгьы аԥсышәала ҳрацәажәоит – дара "Здравствуйте!" ҳәа аҭак ҳарҭоит. Уара, — "саҭоумҵан исзеилкааӡом, аԥсышәала иҳәа", ануҳәалак ухәмаруа џьыршьоит. Ирзеилкааӡом ҳара ишаҳзеилымкаауа. Зны-зынла ишакәым ианҳацәажәогьы ыҟоуп, еиҳарак амилициа, ишакәым иҳацәажәо иалагоит, ари иашаӡам са сгәанала. Аԥсны уҟазар раԥхьа аԥсышәала "Мшыбзиа" ҳәа ҳҳәар ами ауаҩы данаҳбалакь.

Нас изеилымкаауазар даҽа бызшәак ахь ирхар ауеит. Убас иҟаларц азын Аҳәынҭқарратә маҵураҿы иҟоу рызегь аԥсышәала ицәажәо егьырҭ амҩа ддырбароуп. Ҳашколқәа зегьы аԥсышәала еиҿкаатәуп. Аусурҭақәа зегьы рҿы аԥсшәа мацара ҳхы иаҳархәо иҟаҳҵар, усҟан ԥхьаҟа ҳцоит, убас схәыцуеит сара.

Ҳазхылҵыз ҳабдуцәа, урҭ рабдуцәа рбызшәа – урҭ адунеи амаӡақәа злаадыртуаз ҳаԥсшәа – иԥшьоу ныхак иаҳзаҩызоуп ҳара. Иаралоуп адунеи ҳареи ҳазлеибарку. Иара аҿы иҵәахуп ҳазхысхьоу азқьышықәсақәа рымаӡа. Уи иахылҵуа ашьҭыбжьқәа идырԥсаҳәоит ҳаҩныҵҟатә ԥсабара. Ара ҳазлацәажәо апроблема, аԥсуара зегьы згәы азыбылуа ауаҩы, игәы инамырхьыр залшом. Аха дарбан аԥсуазаалак, дахьыҟазаалак еиликаауа далагар ҳбызшәа иҳаднаҵо аҭакԥхықәра, усҟан арҭ ауадаҩрақәа зегьы аамҭалатәхоит, илашахоит ҳбызшәа уаҵәтәи аԥеиԥшгьы.