Зураб Хьыбба: узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом

© Sputnik Нонна ТхуазбаЗураб Хьыбба
Зураб Хьыбба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа аԥсуа бызшәа ахархәараҿы ицәырҵуа апроблемақәеи урҭ рыӡбашьеи атәы далацәажәоит занааҭла ифилологу Зураб Хьыбба.

Афилолог Зураб Хьыбба далацәажәоит абызшәа ахархәараҿы ицәырҵуа апроблемақәа ишыриааитәу.

Sputnik

– Зураб Арзамеҭ-иԥа, угәы ишԥаанаго, иахьа ҳауаажәлар рыҩныҵҟа аԥсуа бызшәа ишахәҭоу ахархәара амоума?

– Аҵыхәтәантәи аамҭазы аԥсуа бызшәа ахархәара хьысҳахеит, ишахәҭоу ҳхы иаҳархәаӡом. Ашколқәа рҿы иахысуеит, ауниверситет аҿы аԥсуа секторқәа ирҭоу – убарҭ цәажәоит. Егьыс абжьааԥны ақалақь уналалар, инеиԥынкыланы аԥсшәа уаҳаӡом. Ҳақалақьқәа рҿы ари аҩыза аҭагылазаашьа ҳаман ҳара аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара анеиҵазгьы. Иахьа уахьнеилакгьы аԥсуа бызшәа уаҳартә иҟауҵар ҟалоит, издыруа алацәажәозар. Аха издыруа алацәажәаӡом. Узламцәажәо абызшәа аҿиара аиуӡом.

– Ҳбызшәа аԥсуаа ҳхала мап ацәаҳкуашәа иахьа иҳамоу аҭагылазаашьа ҵаҵӷәыс иамоуи?

– Раԥхьаӡа иргыланы, 151 шықәса раԥхьа иҟаз ахҵәараан ҳабӷа иԥырҵәаз уажәыгь иаҳзеиҵымхӡацт. Нас атәым милаҭ рацәаны иҳаландырхеит. Абызшәа ус иҟоуп, иара зтәу ажәлар рызегьы инеиԥынкыланы ианалацәажәо, аӡы еиԥш ицоит – хьаа рымаӡамкәа иалацәажәоит. Аха ҳара ҳақалақьқәа рҟны амилаҭ еилаԥса нхоит. Кварталк абжа аԥсышәала ицәажәоит, егьи аквартал аҿы уаннеилак, урысшәала умцәажәар ада ԥсыхәа амамкәа иҟоуп макьана.

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа аара ианалагоз сара сгәырӷьеит. Урҭ аурысшәа рыздырӡом, иааир аԥсышәала ада изцәажәаӡом, ҳаргьы аԥсышәала ҳцәажәара еиҳахоит ҳәа сшақәгәыӷуаз, ара ианааи уамакгьы ҳзықәгәыӷуаз ҟамлаӡеит.  Аурысшәа зҵаз еиҳа еиҳахеит, избанзар рыхныҟәгараҿ ирыхәо, еиҳа ирыцхраауа иаракәхеит. Нас иара аҭырқәшәагьы ара ибзианы аус ауа иалагеит. Ҳара ара инхогьы аурысшәа ҳҳәоит, дареи ҳареи ҳаилаӡҩаны аԥсшәа еизҳарҳартә ҳзыҟамлаӡеит.

Сара уамашәа избо, ҳавараҿы инхо милаҭк ыҟоуп, ателехәаԥшра рымам, ауниверситет рымам, аҩырагь рымаӡам, аха иахьнеилакгьы рбызшәала ицәажәоит. Тәымџьара аус руазаргьы, аҩны ианааилак рбызшәала ицәажәоит. Хәыҷгьы-дугьы рхатәы бызшәа рдыруеит. Убри феноменс иаҵоу даара иинтересуп. Дара даҽа бызшәак уаҩҵас ирдырыр рҭахӡам, избанзар рбызшәа аԥхьа идыргылоит. 

– Аԥсуа бызшәа ахархәараҿы иахьа иҳамоу апроблема амцхә ирацәаны иалацәажәоит ҳәа зҳәо ауаа ыҟоуп зны-зынла. Уаламцәажәакәа апроблема аӡбара алшома? 

– Уалацәажәеит ҳәа мацара акгьы алҵӡом, аӡбара аҭахуп. Иарбан усзаалак ахыи аҵыхәеи амоуп. Ахы ала ҳалагозар, ахәыҷбаҳчақәа инадыркны ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵалатәуп. Ахәыҷбаҳчақәа рҿы абызшәа здыруеи иззымдыруеи џьарак еилатәамзароуп. Сара сгәаанагарала, аԥсуа гәыԥ хазы иҟазароуп. Избанзар, ахәыҷы атәым бызшәа иаразнак игәникылоит. Иахьатәи ҳхәыҷбаҳчақәа реиҳарак рҿы аԥсшәа здыруеи иззымдыруеи еилатәоуп. Ари аус иахәоит ҳәа иҟарҵоит, аха алҵшәа иамоу ауп аус злоу. Иахьала лыҵшәас иамоу убри ауп – аԥсшәа здыруаны уахь инеиуа раԥсшәа аархадыршҭуеит. Избанзар иззымдыруа еиҳауп, уи аԥыжәара агоит. Психологиала ус иҟазар акәхап – аԥсшәа зҵарц уахь рбызшәахьы иианагоит егьырҭ ахәыҷқәагьы. Убри аҟнытә акыраамҭа еиҟәыҭханы иҟазароуп аԥсшәа здыруеи иззымдыруеи. Иззымдыруа хазы аус рыдулатәуп.

Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы сахьынаԥшааԥшуа ахәыҷқәа рааӡараҿы аԥсшәа маҷхеит. Аламала аԥсышәала агарашәа џьара иуаҳаӡом. Ақыҭақәа рҿгьы иаҟәыҵхьеит. Ахәыҷы данилак инаркны иаҳауазар ауп ихатәы бызшәа. Иара итәы имаҳар, иаҳауа акәхоит ихатәы бызшәаны иҟало. Аԥсшәа ахархәара маҷхеит егьырҭ абызшәақәа аинформациа аиуразы еиҳа иманшәалахеит азын. Насгьы ауаа амал иашьҭалеит. Уаҟагьы егьырҭ абызшәақәа еиҳа ирзыманшәалахеит. Иааҳакәыршан ажәабжьқәа урысшәала еиҳа еиҳахеит. Ҳара ҳтәгьы ыҟоуп, аха макьана иаҵахоит. Иаҵамхартә аус адулара аҭахуп.

– Аԥсуа бызшәа – ҳәынҭқарратә бызшәоуп, иара ишахәҭоу еиԥш аус аурц азын иҟаҵатәуи?

– Зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра ахылаԥшра ӷәӷәаны иазыруа иалагароуп. Еиҭасҳәоит ахәыҷбаҳчақәа инадыркны ашколқәеи егьырҭ аҵараиурҭақәеи зегьы ирыцклаԥштәуп. Ашколқәа рҟны аԥсуа бызшәа иазку амаҭәарқәа рҿы ада аԥсшәа аныҟамла, уи лыҵшәаданы иаанхоит.

Ашкол ҳанҭаз 5-тәи акласс инаркны анемец бызшәа ҳҵон. Иҳазҵама анемец бызшәа? Убри иаҩызахоит аурыс школқәа рҟны аԥсшәа зҵо аԥсуа хәыҷқәа рбызшәагьы. Избан уахь изҭарҵо? Уахь иҭарҵоит ахәыҷқәа рыԥсҭазаара еиҳа иманшәалахоит ҳәа иазхәыцны. Урыстәыла ицар, ирхымыччап, аурысшәа бзианы ирҳәап ҳәа. Аха убри аамҭазы ани аби рхәыҷы аԥсшәа дшалахәдартәуа усҟак гәхьаас иркӡом… 

Дышхәыҷу аԥсшәа зурҵаз ауаҩы игәхьааиго далагоит, далацәажәар иҭаххоит. Атәымџьара даныҟоу ашьҭыбжьқәа иаҳар иҭаххоит. Аурыс бызшәа ашьҭыбжьқәа даҽакуп, аԥсуа шьҭыбжьқәа зынӡа даҽа цәаныррак урҭоит. Убри азын ахәыҷы аԥсшәа дшыхәыҷу иурҵар, нас игәхьааиго далагоит, иара ихәҭакхоит. Уи адагьы, ахәыҷқәа ашкол ианалго аԥсуа бызшәа бзианы ирзымдыруазар, аттестат рмоуа иалагар, мамзаргьы иарбан заанаҭзаалакгьы, аԥсуа бызшәазы аԥышәара иахымскәа алимит рмоуа иалагар, уаҟагьы иазхәыцуа, абызшәа аҵаразын амҩақәа рыԥшаауа иалагоит. Формалла акәымкәа, ишахәҭоу еиԥш. Абарҭқәа зегьы рҟны аҳәынҭқарра амч аҭахуп. Убасҟаноуп мҩак ианықәло.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

Аныҳәақәа раан аԥсуа телехәаԥшра сахьахәаԥшуаз аԥсышәала арепортажқәа рацәан, уи иснарбеит – аԥсшәа здыруа маҷӡам. Уи даара сгәы иахәеит. Аха ақалақь уалалар, аԥсшәа здыруа шмаҷым аныԥшӡом, инеиԥынкылан џьара аԥсшәа уаҳаӡом. Ааигәа зны ԥсшьаҩык дысзаан, аҿар ԥшӡаӡа, ихааӡа иҟоуп, аԥсышәала изымцәажәои ҳәа дсазҵааит. Рыгәҭыха дара рбызшәала ирҳәартә шәбызшәа алшара амаӡами ҳәа иџьаишьеит. Ари сара сгәы снархьит, ҳәарада. Атәымџьарантә иааз ирҭахуп аҳәаанырцә ишнеиз рбарц, даҽа культурак, даҽа бызшәак иазыԥшуп. Аха ҳара ҳхы ргәаҳарԥхап ҳәа рбызшәала ацәажәара ҳалагоит. Аиаша ҳҳәозар, дара ирҭахӡам ҳара ҳбызшәа шҳамоу даҽа бызшәак ала ҳахьцәажәо.

Даҽазны сыԥсшьаҩы ус иҳәеит: "Аԥсышәала инеиԥынкыланы иахьцәажәо ҭыԥк ахь сыугар иауеи" ҳәа. Схәыцын, аха ақалақь аҩныҵҟа уи аҩыза аҭыԥ ҳәа акгьы сгәаламшәеит – ақыҭахь думгозар. Иара ақыҭаҿгьы уажәшьҭа рбызшәа еилаԥсаны ауп ишцәажәо. Абри сацәыԥхашьеит сара. Исҳәарц исҭаху – абызшәа иззымдыруа ирыздырӡом, аха издыруа рхы иадырҵароуп иалацәажәарц. Абызшәа изҭаху, бзиа избо дара-дара рхы иадҵаны аԥсышәала еицәажәалароуп.

Фазиль Искандер џьара иҳәеит: Амца аиқәырхаразын ауп аҩны здыргылаз, аха аҩны андыргыла, амца ҩныргеит акәымзар» ҳәа. Ҳаргьы ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз рыбзоурала ҳҳәынҭқарра еиҿкаахеит. Убри аҳәынҭқарра зҳамоу ҳбызшәа аиқәырхаразоуп, зегь раԥхьа иргыланы. Ари аҳәынҭқарра атрибутқәа ируакуп. Зқьышықәсала ишьақәгылоз абызшәа адоуҳа, аинформациа иамоу зегьы ааныжьны даҽакы ахьы ҳаиасырц ҳалагеит. Ҩ-бызшәак еиваргыланы ргара уадаҩуп. Еиҳа зҳәара мариоу аԥыжәара аго иалагоит. Иахьа ус ада ԥсыхәа ыҟамкәа избо рацәоуп, ҳбызшәа аԥыжәара аҭатәуп. 

Аҳәынҭқарра аганахьала ақәыӷәӷәара ҟаҵаны иацклаԥшыр, аԥсышәала имцәажәар ада ԥсыхәа шыҟам ауаа ианырдырлак рбызшәа иашьҭалоит, ишьҭырхуеит. Зехьынџьарагь рхы иадырхәо иалагоит. Амала убри ҩ-напыкла иазнеитәуп. Абызшәазын згәы былуа зегьы ирылшо ҟарҵароуп ҳбызшәа ахархәара ашьҭыхразы. Усҟан шәарҭа ҳәа акгьы ҟалаӡом ҳәа сгәы иаанагоит сара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0