Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Анапаҵаҩра
Аԥсуа Ҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу аӡбара зҭаху апроблемақәа рацәоуп, аха зегь раасҭа иуадаҩу Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәа иазку азакәан ишахәҭоу аус ауа аҟаҵара, ҳбызшәа ахархәараҿ ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбара ауп. Ари апроброблема аӡбаразы иҟаҵатәу азы Аԥсны Жәлар Реизаара адепутат Алмас Џьапуа игәаанагара еилылкаауан Sputnik аналитик Нонна Тхәазԥҳа.

Аамҭақәак рзы иҟан аҽыҵга азакәан ыҟаӡам ҳәа. Аха Жәлар Реизараҿы Аԥсуа бызшәа азакәан рыдыркылеижьҭеи быжьба-ааба шықәса ҵуеит. Амала иахьа уажәраанӡа уи азакәан ақәныҟәара залыршамхеит акәымзар. Азакәан ақәныҟәаразы иҟаҵатәу даара ирацәоуп. Зегь раԥхьа иргылан азакәан анагӡараз иаԥҵоу апрограммаҿы иарбоу ауснагӡатәқәа системала еиҿкааны рықәныҟәара иалагатәуп. Ҳәарада уи аныхтә рацәаны иаҭахуп, аха знымзар зны ҳаналамга ҳҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәамхозар еиӷьхом. Уи аԥсҭазааратә ԥышәа  иаҳнарбеит. Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан иахьа уажәраанӡа аус ауртә мҩақәак  ахьаҳзымԥшааз иахҟьаны ирацәаҩуп аурыс бызшәагь ҳәынҭқарратә бызшәоу џьызшьо ауаа.

Ҳәынҭқарратә бызшәас иахьа Аԥсны иԥхьаӡоу аԥсуа бызшәоуп. Даҽа ҳәынҭқарратә бызшәак Аԥсны иҟаӡам. Аурыс бызшәа аҳәынҭқарратә бызшәа иаҟараны ахархәара амоуп ҳәа азакәан иануп, аха ҳәынҭқарратә бызшәаны иԥхьаӡаӡам. Уи ҳхы иаҳархәоит аусмҩаԥгатәқәа рҿы, иаҭаху аетапқәа ҳархысаанӡа иара аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥаҳгаанӡа иара аԥсуа бызшәа ахархәара инарҵаулан ҳалагаанӡа иара аурыс бызшәа ҳхы иархәаны, макьана ицхыраагӡаны иҟаҵаны зегь ҳариашарц азоуп ус изыҟаҵоу, мамзар ҳәынҭқарратә бызшәас азакәангьы иану, Аԥсны Аконституциагь иану аԥсуа бызшәоуп даҽакы ыҟаӡам.

Ҳагԥҳа: раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп

Аԥсуа бызшәа Аҳәынҭқарратә закәан аҿы еилырганы иарбоуп аҳәынҭқарратә бызшәагьы егьырҭ абызшәақәагьы рзинқәа, рҭыԥқәа. Иара убас иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә бызшәа иадҳәалоу ауснагӡатәқәа зегьы. Анаҩстәи аамҭақәа рзы аԥсшәа ахархәара, аҿиара ирызку азҵаарақәагь алкаауп. Аха апроблема ахьыҟоу азакәан анагӡараҿы ауп.

Аԥсуа бызшәа Азакәан анамыгӡара зыхҟьо ҳара ҳакәзар ҟалап, аха ҳара анысҳәо ажәлар ракәӡам. Сгәы ишаанаго иара аус адызулараны иҟоу амчрақәа иара апарламент аума егьырҭ роума азакәан аус адулаӡам. Азакәан аусура иалазырго апрограамақәа аԥҵоуп. Апрограммақәа иҟаҵаз уаанӡа  ишьҭыхны срыхәаԥшхьеит, инагӡаӡам.

Азылаԥшра рыҭаӡам апрограммақәа ҟаҵоума иҟаҵаму? Убри азыҳәан уаанӡа акы ҟарҵахьазаргьы хәыҷык аамҭа анахылалакь иҟарҵахьоугьы быжьнахуеит. Уи зыхҟьо азакәан иахылаԥшран иҟоу амчрақәа ахаҵгылара ахьарымҭо ауп. Аҳәынҭқарратә мчрақәагьы жәлар реизарагьы  рымацара абиԥарақәа рҿаԥхьа аҭакԥхықәра здыло рымацара ракәхаӡом ҳара зегьы ҳакәхоит.

Ансамбль Ерцахә - Sputnik Аҧсны
Еснагь иԥсҿыхган: аԥсуаа рҟны ашәа ацәырҵшьеи аҵаки

Избанзар ус ҳгәы иаанагоит ҳхәыҷқәа абызшәа дмырҵаӡакәа ашкол аҟны инаган ирысҭоит, аԥсуа школ иасҭар уа иддырҵоит ҳәа. Аха иара ахәыҷы база ҳасабла иидыруа акы аныҟам ашкол аҟны акы ирҭеит ҳәа изышьҭыхӡом. Ҿыц ишьақәгыло аҭаацәарақәа зегьы рҟны шамахамзар рхәыҷқәа дара аԥсуааны, аԥсшәа рхаҭақәа ирдыруаны рхәыҷқәа урысшәала ирацәажәан рхәыҷқәа аԥсшәа рзышьҭымкааӡеит. Абри абас ианыҟоу абра акгьы аҭахӡам, зынӡа имариоу зҵаароуп, аха иузгәамҭо, ухы уацкламԥшуа уаналагалакь, ахәыҷқәа адәахьынтәигьы иааргоит, уара ухы узацклаԥшӡом азыҳәан аҭак урысшәала ируҭо уалагоит, уи маҷу џьушьоит.

Аха аӡәы иҟны имаҷуп зықьыҩк рҟны, жәанызқьҩык рҟны, аҭаацәарақәа зегь рҟны ус аныҟалалак нахыс абызшәа аӡра Аҳәынҭқарратә мчрақәа рымацара ракәӡам ҳаргьы иаҳхарахоит хымԥада. Шамахамзар хыхь ишысҳәаҳ еиԥш ауп аҭаацәарақәа рҿы аҭагылазаашьа шыҟоу.

Аамҭа мыцхәы иццакны ицоит. Аԥсуа бызшәа ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иахьатәи абиԥара ҳнапы иануп. Иахьа иҳахәҭоу аныҟаҳамҵа уаҵәы иаҳзыҟамҵар, нас иаҳцәыцәгьахар алшоит. Аԥсуа жәлар етноск аҳасабала реиқәырхара иазку Аԥсуа ҳәынҭқарра – ҳбызшәа иацклаԥшны, аҳәынҭқарратә закәан иахылаԥшны имҩақәнамҵар иара ҵнашәаауеит. Ари зегьы еицырдыруа акоуп. Аха аус аҿы ианнеилакь уаҟа иаангылоит, аиҭаҵра мариахом. Убри азыноуп ари апроблема аамҭа-аамҭала изышьҭаҳхуа, ҳзазхьаԥшуа.

Тапшь-иԥа Атилла - Sputnik Аҧсны
Тапшь-иԥа Аҭилла илакә

Ибзианы уашьклаԥшыр иубоит аԥсшәа ахархәара ахьмаҷу зыдҳәалоу аҵаратә система ашьақәгылашьа шакәу. Ауаа ирҭахы-ирҭахым ирызгәамҭаӡакәа иианагеит уаҟа еиҳа аԥыжәара змаз абызшәахьы. Ихадазар зыхәҭоу аҳәынҭқарратә бызшәа аганахь иавахо иалагеит. Аԥсшәа узымдыруазаргь Аԥсны унхар-унҵыр, аус уур ауеит ԥырхага умаӡамкәа. Абри шьаҭанкыла иԥсахымзар ада ԥсыхәа ыҟамзар ҟалап уажәшьҭа.

Аԥсуа дызусҭазаалакь, адунеи аҿы дахьыҟазаалакь иҩны ароуп. Ибызшәа идыруама, изымдыруама иҩны дыҟоуп. Аха хымԥада Аҳәынҭқарра уаланхарц азыҳәан абызшәа уҵароуп. Уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам. Мамзар абызшәа ҳацәхьаҵуазар усҟан ҳаидтәалан еибаҳҳәароуп аҳәынҭқарра ахаҭа ҳҭахӡам ҳәа. Аҳәынҭқарра иара абызшәа ахаҭа иасимволуп, абызшәа иагәылаҵәаху рацәоуп. Абызшәа аныҟамлалакь нас амилаҭ ахаҭа ҟалаӡом азыҳәан абызшәа аиқәырхара ҳаназхәыцуа иара амилаҭ аиқәырхара ауп зыӡбахә ҳҳәо.

Абри еилкааны ирымазар сҭахуп зегьы. Абызшәа аиҭашьақәыргылара даараӡа иуадаҩу зҵаароуп, аха иҟоуп убас  ҭагылазаашьақәак атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны зынӡа абызшәа рцәыӡны аӡәы-ҩыџьа рыда уаҳа уаҩы изымдыруа нас ишьҭыхны рыжәларқәа иддырҵо. Аха уи дара-дара агәацԥыҳәара ахьрымаз иабзоуроуп.

Ҳара маҷк ииашамкәа ҳазнеиуазар ҟалап, ауаа зегьы еиԥшым. Аӡәы ари рацәак иаҳҭаху зҵаарам ҳәа игәы иаанагозар ҟалоит. Убри аганахьала аҳәынҭқарратә идиологиа ыҟазароуп. Дара аҵарауаа ахцәажәозароуп иахьа хәлаанӡа. Абызшәа ыӡыр шыҟало, ауаа идеилдыркаауазароуп. Мазарас иҳамоу иреиҳау иара ҳбызшәа ахаҭоуп. Адунеи аҿы иҟоу ажәларқәа рбызшақәа рахьынтә зегь реиҳа иажәу бызшәоуп. Абас ибеианы ишҳамоу иаҳзеиқәмырхар даара хьысҳарахоит ҳара ҳзыҳәан.

Сҭамҧыл - Sputnik Аҧсны
Ахеиқәырхара: ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспораҿы абызшәа аҭагылазаашьа

Иахьа уажәраанӡа Аҳәынҭқарратә бызшәа иазку азакәан анагӡаразын иҟаҵоу ахьмаҷу азын аусқәа еиқәылеит. Ахәыҷбаҳчақәа инадыркны Аҳәынҭқарратә структурақәа налаҵаны зехьынџьара аус рацәоуп. Аха ауадаҩрақәа ирцәымшәакәа хәыҷы-хәыҷла акәзаргьы ихацырктәуп. Иҟоуп азакәан, уи анагӡараз апрограмма. Ҳзакәан хада Аконституциаҿы иарбоуп Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәа. Азакәанқәа рганахь акгьы ҳагӡам – иаҳзынхаз урҭ рықәныҟәароуп.

Сара сгәанала иара абызшәа аԥхьа инаргылан ҿырԥшыгас иҟазароуп дара апарламентаагьы, ачынуаагь рзын. Иахьа абызшәа ззымдыруа  гыланы ицааит ҳәа сҳәаӡом. Избанзар акадрқәагь ҳагуп, аус зуа ауаа даара имаҷны иҳамоуп. Аха ари азҵаара даара принципиалла иқәыргылатәуп. Апарламент ахь аума, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь аума ауаҩы даннеиуа, даҽа хәышықәса рнаҩсан Аҳәынҭқарратә бызшәа изымдыруазар дзымнеиуа иҟаҵатәуп. Избанзар, сара сзыҳәан даара рыцҳара дууп, хьысҳароуп Жәлар реизара адепутат, мамзаргьы иҳараку ачынуаҩ дцаны даҽа џьара тәым бызшәала данрацәажәо.

Иаҳҳәап Ҭырқәтәыла ҳажәлар ахьынхо, дара аԥсышәала иацәажәо иара ихатәы бызшәа изымдыруа – аҭырџьман ила еиҭарго ари ҳара ҳарԥхашьоит. Аҳәынҭқарра амаҵ зуа, абри аҳәынҭқарратә бызшәоуп ҳәа иахаҵгыланы мҩак азырԥшаароуп.

Кәыдрытәи аиҩхаа - Sputnik Аҧсны
Аҭоурых аӡеибафара

Уи мышкала изыҟалаӡом. Иахьа аԥсшәа ззымдыруа шәдәылҵны шәца ҳәа аус ахьыруа иузраҳәаӡом. Аха программала еиқәыршәаны,  ирҵартә аҭагылазаашьа рыҭаны, хышықәса, хәшықәса анихыҵлакь нахыс уажәнатә ирылауҳәоит – хәышықәса рнаҩсан – абар иахьышәҵаша, абар ишәыцхраауа. Аха хәышықәса рнаҩсан ахәыҷгьы Аҳәынҭқарратә бызшәа изымдыруа ашколахь дааҳашьҭуам. Аҭагылазаашьа шәаҳҭеит, ишәҵартә ианыҟала нахыс  ианышәзымҵа, Аҳәынҭқарратә усурақә ааныжьны шәцар акәхоит, мамзар ишәҵар акәхоит.

Сгәы иаанагоит ирҵоит ҳәа. Избанзар атәым бызшәақәа шықәсык ала ирҵарц иалагоит. Аԥсуаа рхәыҷқәа атәым ҳәынҭқаррақәа рахь ианцалакь абызшәа иаразнак ирҵоит. Абыржә Ҭырқәтәыла ицо зынӡа ирзымдыруа шықәсык аҩнуҵҟа ҩ-бызшәак иҵоит – англыз бызшәеи аҭырқәшәеи. Шықәсык аҩныҵҟала ҩ-бызшәак узҵо уҟазар хышықәса, хәышықәса, жәа-шықәса рыҩныҵҟала ухатәы бызшәа узымҵо ҟалашьа амаӡам иануҭахха. Исзымҵеит зҳәаз игәра згаӡом.

Абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп. Жәа-шықәса, жәаҩа шықәса раԥхьа иҟарҵаз апрограмма иану рацәоуп. Аха уажәтәи аамҭа иақәшәо азҵаарақәагь рацәахеит. Уажәы аинтернет, амобилтә еимадарақәа, акомпиутерқәа рхархәара амҽхак даара иҭбаахеит. Хәыҷи-дуи зегь рҟынӡа инаӡеит. Убри аҟнытә ашәҟәы аасҭа еиҳа акомпиутер ззымариоу рзыҳәан акомпиутер иҭагалатәуп. Ажәарқәагь еиқәыршәатәуп аҭел аҟны аума даҽаџьара аума, акомпиутер аҟноума иаартны даԥхьо, ашәҟәы имамзаргьы аԥшаара марианы. Уажәы ижәдыруеит ахәыҷқәа  атәым ҳәынҭқарра акырџьара рҟны апланшет, мамзаргьы акомпиутер аҟны рыҩныҟатәи адҵақәа ҟарҵоит, зегь уа иҟарҵо иҟаланы иҟоуп.

Виачеслав Чрыгба. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Виачеслав Чрыгба: аԥсуаа ҳмилаҭтә хаҿра аԥсуа бызшәада иаҳзеиқәырхаӡом

Иахьа акәымзаргьы хымԥада уахь ҳамгар ҟалаӡом, убри азыҳәан хәыҷы-хәыҷла иазҿлымҳау рзыҳәан, изку-изышьҭу рзыҳәан уахьтәи агангьы еиҿкааны иҟаҵатәуп. Сара издыруеит уажәы апроектқәа рыдгалоуп аелектронтә жәар иаҳҳәап аҭел аартны иуҭаху аԥсуа ажәа уԥшаауа. Уа иузымԥшаауа ажәа ыҟаӡам. Ари иахьа иҳамоу ажәарқәа зегьы еиднакыло хынҩажәижәаба нызқь ажәа рҟынӡа ажәақәа ануп сымҩашьозар. Дызусҭазаалакь иаартны  ииҭаху ажәа иԥшаауеит. Уи зегь рзын ахархәара даара иманшәалахоит.

Ажәакала иуҳәозар аҭакԥхықәра дуӡӡа ҳадуп ҳбызшәа алахьынҵазын. Апроблема ашьаҭа акуа ианалаго абызшәа изызҳауа ахәыҷқәа ианрымарымдо ауп уи аҭыԥ амоуп иахьа ҳаҩныҵҟа. Ҳбызшәа алахьынҵа ҳара иахьа ишаҳаӡбо ауп иаԥеиԥшхо анаҩсгьы. Ари апроблема ӡбамкәа ҳаԥхьаҟа иааиуа абиԥара иҳазрызныжьӡом урҭ ргәы рҭынчны, рбызшәа иазымхәыцуа инхаларц, доуҳала еизҳаларц, еиҵыҵларц ҳҭахызар.


Ажәабжьқәа зегьы
0