Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik
150 шықәса раԥхьа аԥсуаа хыԥхьаӡара рацәала ихырҵәаны Ҭырқәтәылаҟа иандәықәырҵоз даараӡа иҳаракны ирзықәгылан ахеиқәырхара апрограмма. Дара ахьнанагаз атәым дгьыл аҟны 50 шықәса инареиҳаны аҩны бзиақәа дыргыломызт, ус иааилышьны акәын ишынхоз. Избанзар агәыӷра ӷәӷәа рыман: аамҭала ихымҵәар ада ԥсыхәа рмоуит, аха рыԥсадгьыл ахь усгьы-усгьы игьежьуеит ҳәа.
Усҟантәи аамҭазы аԥсуа жәлар ирзыҟалаз атрагедиа иахҟьаны атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо аԥсуаа иахьанӡа рбызшәа џьаргьы ирзеиқәырхаӡеит дара иаҳа иахьырацәоу Ҭырқәтәыла ада. Уи зыбзоуроу ахеиқәырхаратә программа ӷәӷәа ирзықәгылазы дара-дара ахьеиланхози роуп.
XIX-тәи ашәышықәсазы имҩаԥысуаз мчылатәи ахырҵәарақәа ирыхҟьаны аԥсуа етнографиатә гәыԥқәа: асаӡқәа, аҳҷыԥсаа, цәыжьаа, гәымаа, дала, ҵабалаа уҳәа ишҳәыԥкыз иахьықәырцаз аҟнытә урҭ рцәажәашьақәа рҷыдарақәа Аԥсны еиқәханы иҟаӡам. Аха арҭ аетнографиатә гәыԥқәагьы урҭ рбызшәатә ҷыдарақәагьы Ҭырқәтәыла еиқәханы иҟоуп. Урҭ рыдагьы уа иҟоуп абжьыуаа, абзыԥқәа, абжьаҟәаа уҳәа рцәажәашьатә ҷыдарақа.
Иахьа уажәраанӡа уа инхо аԥсуаа иахьынӡауала рыхгьы еиқәдырхеит, рбызшәагьы еиқәдырхеит, раԥсуарагьы еиқәдырхеит. Аха ҳазҭагылоу аамҭазы ҳдиаспора рыҩныҵҟа аԥсуа бызшәа аҿиара ацәыӡуа иалагеит, ахархәара зынӡа иԥсыҽхеит. Иеиҵагыло абиԥарақәа абызша рымардаӡом. Ахәыҷқәеи аҿари аԥсшәа рыздырӡом. Аԥсшәа здыруа 40 шықәса иеиҳау рабиԥара аҟынтә иалагоит. Ибзиаӡаны абызшәа здыруа 60 шықәса зхыҵуа инадыркны 90 шықәса зхыҵуа ирыҵанакуа абиԥарақәа руп. Абра иазгәаҳҭз ашықәскәа рҟынӡа имнеиц ауаа инеиужьны аԥсышала ицәажәо иԥшаара уадаҩуп. Хәыҷ-хәыҷы ҳдиаспораҿы инхо аԥсуаа рбызшәа ахашҭра иаҿуп.
Ҿырԥштәыс иааҳгозар, 50 шықәса раԥхьа аԥсуаа зегьы аԥсышәала ицәажәон, хәыҷгьы-дугьы. Аха ашколқәа аатуа ианалага ашьҭахь, аԥсшәа аԥсыҽхара иалагеит. Аҭырқә ҳәынҭқарратә политикагьы убри аганахьала аҽарӷәӷәеит. Мчыла аҭырқәшәахь ииарго иалагеит ашколахь ицоз ахәыҷқәа.
Иахьа аҭагылазаашьа убас иҟоуп ахәыҷы ашкол ахь данца инаркны аԥсшәа ахархәара џьаргьы иамаӡам. Убри аҟнытә "аԥсшәа џьаргьы иҳаҳаӡом" ҳәа рҳәо иалагеит. Ажәакала, хыхь зыӡбахә ҳҳәаз аполитика аус ауит, алҵшәа ҟанаҵеит. Иахьа уа инхо аԥсуаа рхәыҷқәа аԥсшәа рымардаӡом, ҭырқәшәалоуп ишрацәажәо. Арии ауаҩы игәы инамырхьыр залшом. Ҭырқәтәыла еиқәханы иҟоуп абызшәа абеиарақәа рацәаны. Макьана иҟоуп аӡиас еиԥымҟьаӡакәа абжьы ануаҳауа еиԥш ԥсшәа ахьуаҳауа ақыҭақәагьы. Аха аекономикатәи асоциалтәи ҭагылазаашьа ус ирыднагалоит азы ауаа ақыҭақәа рҟынтәи ақалақьқәа рахь аиасра иаҿуп. Ақыҭақәа рҿы ианыҟоу аԥхынроуп. Ахьшәашәара шыҟалаз еиԥшҵәҟьа ақыҭақәа рҟынтәи ақалақьқәа рахь ииасуеит, аиҳабацәагьы аанхаӡом. Ақалақьқәа рахь ианиас абызшәа ԥсыҽхо иалагеит, избанзар уа ахархәара амаӡам. Рыкәша-ыкәша зегьы ҭырқәшәала ицәажәоит.
Статистикала уахәаԥшыр, иџьоушьартә иҟоуп избанзар ҭырқәтәыла амилаҭкәа даара ирацәаны инхоит: иҟоуп аболгарцәа, абырзенцәа, алазқәа, аерманцәа уҳәа. Аха урҭ урыхәаԥшыр, аԥсуаа иахьа уажәраанӡа рлеишәа, рқьабз, рбызшәа шеиқәдыраз еиԥш еиқәырханы ирымаӡам. Аха ақалақьқәа рҿы аԥсуаа ассимилиациа аҿагылара рцәыуадаҩуп, уи амҽхак даара аҽарҭбааит. Уаанӡа ақыҭақәа рҿы ианынхоз, аԥсуаа атәымгьы дрыландырхаӡомызт, аха уажәшьҭақәа атәымуаагьы уа адгьылқәа аархәо иалагеит. Дара ақалақьқәа рахь иеихеит. Уа иахьнеиз аҵара зларҵо ҭырқәшәалоуп, ателехәаԥшра иаҳәо ҭырқәшәоуп, адәахьы зегь ҭырқәшәоуп. Ас иараҵәаны ауаҩы абызшәа аниаҳауа, уахь дианагоит. Иара ииҭахы-ииҭахым уи ииаҳауа абызшәа даанахәоит. Ажәакала, аԥсшәа ахархәара даара ауадаҩра дуқәа амоуп ҳдиаспора рыҩныҵҟа иахьазы.
Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра аполитика хадақәа иреиуоуп Европатәи Аидгыла алалара. Убри аҟнытә, адемократиатә принципқәа ирмыхәаԥшыр ада ԥсыхәа рмоуа ианыҟала, уа инхо Кавказтәи ажәларқәеи егьырҭ амилаҭқәеи рхатәы бызшәақәа рҵаразы азин рырҭеит. Убри инадҳәаланы ашколқәа рҟынгьы аԥсшәа аҵаразы хазы акурсқәа аадыртыр ҟалоит. Аха школк аҿы аԥсшәа ҳҵар ҳҭахуп ҳәа арзаҳал рҩыроуп ааҩык иреиҵамкәа ахәыҷқәа. Усҟаноуп акурс анаадыртуа. Абраҟагьы ицәырҵит апроблема. Школк аҟны ааҩык аԥсуаа рзеизымгаӡеит. Абри апроблема иахҟьаны, азин анроу ашьҭахьгьы хы-шықәса раахыс аԥсшәазы акурсқәа рзаамыртӡакәа иҟан. Арҭ акурсқәа Ҭырқәтәыла зехынџьара иаауртыр ҟалон, аха иахьаарту, аԥсшәа ахьырҵо ашкол ақалақь Ҳендеқь заҵәык оуп иахьыҟоу. Ахәыҷқәа хаз-хазы ашколқәа ирҭоуп, џьарак ирзеизгаӡом. Абас апроблемақәа ыҟоуп уи аганахьалагьы…
Ҭырқәтәыла иҭаацәароу Гәында Анқәабԥҳа жәа-шықәса раахыс аԥсшәа длырҵоит Измиҭ ақалақь аҿтәи адернеқь аҿы. Лара еиқәлыршәахьеит абызшәа арҵаразы аметодикатә цхыраагӡақәагьы.
Ҭырқәтәыла иҟоуп хәыда-ԥсада абызшәақәа ахьырҵо акурсқәа рацәаны. Уажәааигәа Гәында Анқәабԥҳа Измиҭ ақалақьаҿы аԥсшәа алалҵеит убра. Аамҭақәа раԥхьа ас аҟаҵара азин ыҟаӡамызт, аха ааигәа иҟалаз азин иабзоураны ироуит арии аҩыза аҭагылазаашьагьы. Арии акурс уаналаго 17-ҩык рыла уалагароуп, 17-ҩык рыла уалгароуп. Шаҟаҩык уҭаху рыла уалагар ҟалаӡом. "Аԥсҭазаара зегьы аҵара ҵара иазкуп" — ҳәа алозунг рымоуп дара. Хы-шықәса раԥхьа убра раԥхьтәи ашьаҿа ҟарҵеит аԥсуаа. Измиҭ инхо аԥсуааи Гәында Анқәабԥҳаи абри аџьабаа задырбало, аҳәынҭқарра рнапы аҵарҩыр, нас Ҭырқәтәыла зехьынџьара иаадыртыр ҟалоит абас еиԥш акурсқәа. Арҭ реиԥш акурсқәа рҿы рымацара ракәӡам абызшәа зҵар зылшо. Изҭаху зегьы неир рылшоит, ирхыҵуа ашықәс аӡәгьы дахәаԥшӡом.
Абраҟа имҳәакәа узавсуам даҽа хҭыскгьы. Ааигәа иалагеит Сҭамԥыл ақалақь аҿы иҟоу Босфортәи ауниверситет аҟны факультатив ҳасабла аԥсуа бызшәа дырҵара. Ари ауниверситет Ҭырқәтәыла иреиӷьқәоу ирхыԥхьаӡалоуп. Уаҟа аҵара рҵоит хыԥхьаӡара рацәала адунеи зегь аҟнытә астудентцәа. Убраҟагьы ҩы-шықәса раԥхьа абызшәақәа рфакультет аҟны аԥсуа бызшәа аларгалеит. Аригьы зыбзоуроу Гәында Анқәабԥҳа лоуп. Абызшәа дзырҵогьы лаа лоуп. Гәында лажәақәа рыла, арии ауниверситет аҟны дара ирҭаху асистема иақәыршәаны арҵага шәҟәы еиқәыршәатәын раԥхьа. Арии ашәҟәы напы алыркит Гәында. Даналга, ашәҟәы ргәаԥхеит. Уи ашьҭахь Босфортәи ауниверситет аҿы аԥсшәа арҵара азин лырҭеит. Араҟа иаарту акурсқәа рахь инеир рылшоит хаз-хазы иҟоу афакультетқәа рҟынтә астудентцәа. Изҭахны аԥсшәа алызхуа рхала иааиуеит. Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа закәу ззымдыруагьы рацәаҩуп. "Ари аҩыза абызшәа ыҟоума" ҳәа уамашәа избогьы ыҟоуп. Ус ишыҟоугьы актәи ашықәс азы 12-ҩык аҵаҩцәа ыҟан. Зынӡа 14-ҩык ыҟан, урҭ рахьтә ҩыџьа аԥсыуаан. Астудентцәа абызшәа аналырхуа рыпрофессорцәа азин рырҭароуп, абарҭ ҩыџьа аԥсуаа уи азин рымаӡамызт, ус иааиуан. Егьырҭ 12-ҩык рҟынтә ԥшьҩык ҭырқәцәан, егьырҭ еилаԥсан. Дыҟоуп сан даԥсыуоуп зҳәоз, ма саб даԥсыуоуп зҳәоз. Гәында излалҳәо ала, ашықәс анҵәамҭазы зегь аԥсыуааны ицеит.
Уажәазы Ҭырқәтәыла иҟоуп Аԥснынтәи ҩыџьа арҵаҩцәа. Урҭ Адаԥазари Диузџьеи ирзааигәоу ақыҭақәа рҿы аԥсшәа ддырҵоит. Аха абарҭқәа зегьы амшын иалаҭәаз ацәыкәбар иаҩызоуп ҳдиаспора ахаҭарнакцәа абызшәа дырҵараҿы. Дара уа инхо рхатәы бызшәа аԥсшәа абиԥарақәа рымадара мап злацәыркыз ала, урҭ рбызшәа рцәымӡырц азын ҳара, Аԥсны инхо аԥсуаа, иҳаԥшаароуп амҩақәа, иҟаҳҵароуп ацхыраара. Мамзар, 30-40 шықәса рышьҭахь збызшәа зҳәо аԥсуа иԥшаара уадаҩхоит Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспора рыҩныҵҟа.