Тәыми ҩнатәи "еилаҵо", мамзаргьы аԥсуаа ҳаԥсшәа еибыҳәашьа

Ҩыџьа анеибабо рнапқәа еимданы иангәыдеибакыло, аԥсуа милаҭ раԥсшәеибыҳәаратә культура ишацәтәыму атәы дазааҭгылоит Аинар Ҷыҭанаа.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Адунеи иқәынхо ауааҧсыра зегьы сахьала, ҟазшьала уҳәа ҳаиҧшӡам, иарбан милаҭзаалак аҿы иҟоуп иара амацара иазҷыдароу аҧсабаратә цәаҩа. Урҭ рахь иаҵанакуеит аҧсшәеибыҳәаратә культурагьы.

Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Иахьа ҩыџьа аҧсуа хацәа анеибабо, шамахамзар, рнапқәа еимданы игәыдеибакылоит. Зықәрахь инеихьоу, зыҧсҭазаараҿы кыр збахьоу сеиҳабацәа санрызҵаа, исарҳәеит ари аиҧш аҧсшәеибыҳәашьа дара рхаан ишыҟамыз, аҵыхәтәантәи 25-30 шықәса раахыс ахархәара шаиуз.

Дара изларҳәо ала, агәыдеибакылара аҧсуаа ақырҭқәа ирҿырҵааит, дара рахьынтәи ауп ари акультура шҳалаҵәаз. Абар араҟагьы еилыкка иахьаабо ҩ-милаҭк ркультурақәа реинырра аҿырҧштәы…

Ҳәарада, ари иаҩызоу ажьымдырқәа маҷ-маҷ ирыцәхьаҵлатәуп, ессааира ирзыхынҳәлатәуп аамҭа ҿыц маҷк ихьысҳанатәыз ҳхатә ҵасқәа. Аха уи иаанагом аӷба амызгәыҭ иахьынҳалалатәуп ҳәа. Уи акахьы уназымго, феида злаӡам усуп.

Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба излеиҳәо ала, иахьатәи ҳаԥсшәа еибыҳәашьа анкьатәи иеиԥшӡам, аҟазшьа еицакхеит. Анкьа кырӡа иԥхашьаран ҩ-напык рыла аԥсшәа аҳәара. Уи кырӡа уаҳаҭыр лазырҟәуаз ҵасын, избанзар узбоз ауаа аԥсшәа зоуҳәо аказы уиҳәозшәа ргәы иаанагон. Аҳәса аԥсшәа анрарҳәоз рнапы ма рылахь иагәӡуан, асаби иакәын зӡамҩа гәыдыркылоз. Аԥсшәа аибыҳәара иаанагоз аигәныҩра, апату аиқәҵара акәын. Иҳаҭырын, аҽыуаҩ агәырҩа змаз аҩнаҭа данаҩсуаз, дҽыжәҵны, иҽы аӷәра ианкны данымҩасуаз. Ари аҩыза аҿырԥштәқәа рхыԥхьаӡара маҷым.

Адунеи аҿы ирацәоуп амилаҭқәа, аҭоурых ду змоу аҧсшәеибыҳәаратә ҵасқәа еиқәырханы иахьа уажәраанӡагьы зхы иазырхәо. Урҭ аҿырҧштәқәа раӷьырак, иаҳҳәап анапеимдара еиҧш иҟоуп аҧсшәеибыҳәашьа, ҳара ҳзышьцылахьо, ҳахдырра иаднакылахьоу ҵасқәоуп. Аха иҟоуп ҳара иҳацәтәыму, иаҳзыдымкыло, зны-зынлагьы аччаҧшь ҳҿықәызҵо аихаҵгылашьақәа.

Иаҳҳәап, атибетцәа анеибабо рыбзқәа ҭыганы еибадырбоит. Ари ҳара ҳхымҩаҧгашьеи ҳауаҩреи ирыцәтәыму аҵас адацҧашәқәа IX ашәышықәса аҟнытә иаауеит. Аус злоу уи ауп: атибетцәа усҟантәи раҳ Ландарм, изларҳәо ала ибз еиқәаҵәан. Атибетцәа зыбз еиқәаҵәаз раҳ аҩсҭаацәа иӷратәан ҳәа изырыҧхьаӡеит. Убри азоуп иахьа уажәраанӡагьы рыбзқәа зеибадырбо – "схы-сыҧсы сақәиҭуп, аҩсҭаацәа сҟәыхуп " ҳәа аанарго.

Аԥсуара – идоуҳатә кодекс дуны аԥсуаа иҳамоуп

Аиапонцәа ракәзар аҧсшәа анеибырҳәо ҳаҭырла аӡәи-аӡәи еихырхәон. Уи аангьы аҧсшәа еибызҳәо ауаа рацәак изеибамдыруазар, имаҷу ахырхәара рҽаларыгӡоит. Аиҩызцәа ракәзар, ргәеизыбылра инагӡаны иаадырҧшырц азы асаара еимҵахырхәоит.

Таиланд иқәынхо ауаа "ваи" захьӡу аҧсшәеибыҳәара рхы иадырхәоит: ауаҩы инапсыргәыҵақәа еимаданы, игәышҧы ма илахь иадкыланы аҧсшәа иҳәоит. Уи аангьы иухаҵгыло ауаҩы инапсыргәыҵақәа илахь заҟа иазааигәаны ику, убри аҟарагьы пату уқәиҵоит ауп иаанаго.

Иахьа еиҵагылоу аҿар ҳаиҳабацәа иаҳдырҵаз аҵасқәа ныҟәаагоит, иахьынӡауа ала ҳаԥсшәа еибыҳәаратә ҵасқәа еиқәҳархар ҳҭахуп. Аха зегь акоуп, адунеизегьтәи аглобализациа ацәқәырҧақәа ҳрымҽханамкырц залшом.

Ҳара макьана иҳалшаӡом адунеизегьтәи атенденциа инагӡаҵәҟьаны ацәцара, аҽацәыхьчара. Уи ус иаҧуп, ҳара иҳалшо урҭ аҿыцрақәа аҧсуа цәа рхаҵаны, аҧсуара иашьашәало рышьҭкаара ауп.