Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа Кәырбан-баирам рыдиныҳәалеит

Нанҳәамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа Кәырбан-баирам рыдиныҳәалеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 21— Sputnik. Нанҳәамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа Кәырбан-баирам рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит

"Аныҳәа ҧшьа Кәырбан-баирам — аҳалалреи агәыӷреи ирсимволу, ауаа еизааигәазтәуа, аҧслыманра аҵас бзиақәа ирыдзыҧхьало, рабацәа иныҟәыргоз, ижәытәӡатәу рҭоурых ҳаҭырқәҵарала иазхьазырҧшуа ныҳәоуп", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.

Џьугьелиа: акәырбан - Ҳазшаз игәы иаахәо аҟаҵара, ҭабуп ҳәа иаҳәара ауп

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аԥсылманцәа руаԥшь атәыла аԥсҭазаара активла ишалахәу.

"Аҧсны иҟоу аҧсылмантә уаажәларра ҳтәыла аҧсҭазаара активла иалахәуп, ажәларқәа реиҩызара арӷәӷәараҿы, амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи ҳәоуеиқәшәараҿы рлагаламҭа дууп, аҭаацәаратә ҵас бзиақәа реиқәырхареи абиҧара ҿыцқәа рдоуҳатә-леишәатә ааӡареи зҿлымҳара анаҭоит", — ҳәа иазиԥхьаӡоит Рауль Ҳаџьымба.

Аҧсны иқәынхо аҧсылманцәа адунеиаҿтәи егьырҭ аԥсылманцәа зегьы реиԥш иазгәарҭоит аҧсылман мзар аҿы аныҳәа хадақәа ируаку- Кәфрбан — баирам.

Аныҳәа хымш имҩаԥысуеит. Сынтәа иара азгәарҭоит нанҳәа 21 — 23 рзы.