Аныҳәа ашьҭахь, мамзаргьы "ҩ-кьанҿаак адунеи иқәибагӡомызт"

Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара жәа-шықәса ахыҵра иацу аныҳәатә гәалаҟареи, иахьатәи ҳполитикатә ҭагылазаашьа ицәырнаго ахәыцрақәеи дырзааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik

Иаҳхысыз аныҳәа аԥсуа политикатә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа рыцхәуп. 1989-тәи аԥсуа милаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалагылаз сызлареиуоу ала, исҳәарц сылшоит усҟантәи аамҭақәа рзы акыр иуадаҩын шықәса 30 рышьҭахьгьы Аԥсны ихьыԥшым, иазхаҵоу ҳәынҭқарраны иҟалоит хәа ақәгәыӷра. 

Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит

Ииашоуп, ажәларгьы, урҭ раԥхьагылацәагьы рхы ззырхаз уи акәын. Аха, ишаҳдыруа еиԥш, шьакаҭәарада ахақәиҭра ҳқәашьмызт, ҟалашьагьы амамызт Қырҭтәыла ҳара ҳганахь иҟанаҵоз шеишықәсатәи агеноцидтә политика ҳаԥшны иаҳҳәозар. Аибашьра анеилга ашьтахьгьы, ҳара ҳиааиразы аблокада ҳзыҟарҵеит, усҟан иҟан ацәажәарақәа, ажәалагалақәа аконфедерациа ҳасабла иҳабашьуаз аҳәынҭқарра акалҭ аҿы ҳаанхарц азы. Усҟан иҟамызт даҽа мҩак. 

Аха, аамҭа ацәқәырԥа ҳара ҳганахь иаанашьҭит акыр иманшәалаз ахыԥша. Урыстәыла анапхагараҿы днеит Владимир Путин, убри ашьҭахь акыр аҽеиҭанакит ҳара адунеиаҿтәи ҳҭагылазаашьа. Сгәы иаанагоит ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡара аҭахым ҳәа, акы заҵәык иалыскаарц сҭахуп, Аԥсны ихьыԥшым, иазхаҵоу ҳәынҭқарраны иахьыҟоу – зеиӷьыҟам ҭагылазаашьаны ишыҟоу ҳҳәынҭқарразы, аринахыс амаҵ азура ҳара иҳалшагәышьар. 

Жәа-шықәса раԥхьа Урыстәыла иазханаҵеит Аԥсны, жәа-шықәса раԥхьа аԥсуаа ари ахҭыс жәҩангәашәԥхьараны ирыдыркылеит. Аиадертә ҳәынҭқарра, адунеитә политикаҿы зхыԥша ӷәӷәоу Урыстәыла ҳахьазханаҵаз ҳара ҳаиԥш ахьыԥшымра иашьҭоу ажәлар маҷқәа зеиԥхыӡуа акәны иҟоуп. 

Ашәба: шьала икәабаны иааҳгаз ҳиааира ду - алҵшәа аиуит жәашықәса раԥхьа

Иаҳхысыз амчыбжь зегьы аныҳәа рҽазыҟарҵон, имҩаԥысуан азхаҵара жәа-шықәса ахыҵразы еиуиеиԥшым акультуратә политикатә еиԥыларақәа. Ииашоуп, иахьа ицәырҵуа иалагеит ҳара иҳауз азхаҵара акашәа изымбо аҵәылаҵаҩцәагьы, ҳарҭ аԥсуаа ҟазшьа бааԥсны ишьҭаҳхит аӷыӷеибагара, зны-зынла Урыстәыла бзиа избои изымбои ҳәа аҽеиҩшара анахҭаҳкуагьы ҟалалоит. Ауаҩы бзиа даныҟоугьы идыруазароуп. 

Урыстәыла ашьҭахь, даҽа ф-ҳәынҭқаррак ҳара ҳазхарҵеит. Ас иқәыԥшу аҳәынҭқарразы адунеитәи аҳәырԥсарраҿы аҽырӷәӷәаразы имҩа маншәалоуп ари аҭагылазаашьа. Иазгәасҭарц сҭахуп абарҭқәа зегь зхашҭны, ҳара Қырҭтәыла аганахьгьы аимабзиара амҩа ылаҳхлароуп хәа ацәажәарақәа цәырызго шыҟоугьы, убри аан ирхашҭит ақырҭкәа абзиареи, ахьыԥшымреи ҳара ишҳадрымкыло, "аоккуппациа зызу аҳәынтқарра" ҳәа ишҳашьҭоу. 

Жәа-шықәса ҵит ҳара раԥхьаӡа ҳазхарҵеижьҭеи. Аимабзиара еснагь иацуп ахатә интересқәа, убри аҟынтә, еснагь иаҭахуп абырҵкал икылху адәныҟатәи аполитика, угәылеи уареи шәеизыҟазаашьақәа рыхәшьадраан, амыцхә аԥара уамыҳәароуп, усҟан иаргьы амыцхә даҳәом. Абри зхысҳәаауа, иахьа аԥсуа политикаҿы имҩаԥысуа

Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан
аимҵақьачарақәа мзызс ирымоуп ҳәа сгәы азҩоит Урыстәылатәи афинанстә цхыраара аҽазааигәатәра. Ҳара иаҳҭахуп иаҳмырҳауа аԥара ҳџьыба иҭаҳҵарц, уи иҵнашәаауеит ҳҳәынҭқарра ауасхыр, ибжьнахыргьы алшоит ҳаззыбзиоу аҳәынҭқарреи хареи ҳаизыҟазаашьа.

Ахархьуаа ртәы ҳҳәозар Урыстәылатәи ртәанчахәы иахӡыӡаауеит, иагьырҭахуп аҭышәынтәалара дареи ҳареи ҳабжьара, избанзар ирдыруеит, амал иарчаланы иҟоу, амашьына дуқәа ирықәтәоу ачынуаа рхы иахашәаланы, дара рсоциалтә ԥсҭазаара арӷәӷәара шрылымшо. Ҳара ганкахьы ҳаӷа дҳаванхоит, егьи аганахь ҳара ҳазхазҵаз Урыстәыла, ус анакәха, еснагь агәҽанызаара аҭахуп ҳаӷа иганахь, иара убас, ҳаҭырқәҵаратәи аизыҟазаашьа ҳазхазҵаз рганахь.

Иаҳхысыз амҽыша ныҳәан, аҳҭны қалақь иалыҩуан агәырӷьабжь, ҳтәыла иаҭааит асасцәа. Аӷыӷеибагара иаркараз ҳтәылауаа аныҳәа ԥсеивгарак ирзаҩызоуп, ҳаԥхьаҟа ишьҭоу аполитикатә еибарххарақәа рыламҭалазы. 

Аибарххарақәа анысҳәах, азхаҵара жәа-шықәса ахыҵра азгәаҭара ҳанҽазыҟаҳҵоз, Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ  Витали Габниа ԥхьатәара дцеит. Аибашьра ашьҭахь итрадициахаз, ахада ихаҭыԥуаҩцәа ԥхьатәара рцара иацҵоуп. Ԥхьатәара дцеит аибашьра аветеран Габниа, иара иганахь знапы шьҭызхыз даҽа ветеранк дҟалеит азы. Ахада ихаҭыԥуаҩ дыхьчамзар иаҳҳәараны иҟоузеи?

Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа инапынҵақәа аанижьит

Аныха иашьцылаз алапҟьа агәыдиҵон ҳәа, ҳтәыла анапхгара рахь анапышьҭыхра ҳҳәынҭқарра аҳаҭыр лазырҟәуа хҭысуп. Азакәанқәа аус ахьыруа аҳәынҭқаррақәа рҿы ари аҩыза ахҭыс закәанла иазнеиуеит, аха уи Аԥсны акәым. Сара исыздыруам Габниа зыхьӡ имҳәаз иеиндаҭалази иареи еимаркыз, сзыԥхьаз, исаҳаз ахада ихаҭыԥуаҩ иҟаицаз аҳәамҭоуп. Хаҭала иҭысҵааз иашазар, аимак зауз партиак иатәу ауаа роуп, уи апартиа қәыԥшуп, иахьӡуп "Аԥсны". Шәазхәыц, атәылауаа рныҟәгаразы, аԥсҭазаара аиӷьтәразы иаԥҵоу апартиақәа рыҩныҵҟа ас алаба рҟьозар, ԥеиԥшс иамоу ҳара ҳҳәынҭқарра? Агәра агара сцәыуадҩуп урҭ реимак ауаа рыԥсҭазаара арбзиара ҵаҵӷәыс иамоуп ҳәа. Ҩ-кьанҿаак адунеи иқәибагӡомызт ҳәа ажәаԥҟаны ирҳәоит еиԥш.

Иҟалап Габниа ииашаны иҟаиҵазар ԥхьатәара дахьцаз, иара ишиҳәаз еиԥш, "закәанла дзыхьчо аинситутқәа еиқәыхьшәашәаны иҟоуп", аха иара иҳәамҭаҿы иазгәеиҭаз "ԥсуаҵас захьӡу аус аӡбара" аӷыӷеибагара амҩахь икылнагар ауеит. Ари ахҭыс адунеи зегь иаалаҩҩит, иахьатәи аинформациатә ресурсқәа уи ашәымҭакгьы ахдырҵуам. Акызаҵәык иџьасшьо, абри аус азы абжьы мгеит Аԥсны апрокуратура, иара убас ақәҿырымҭит ауаажәларратә палатаҿы, ҿырымҭит егьырҭ анапхагараҿы иҟоу ачынуаагьы. Атәыла ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа "хьшәашәа" заҵәык ауп иаҳзынхаз. 

Аныҳәа ашьҭахьтәи ахәыцрақәа еиҳа агәадуратә ҟазшьа рымазароуп, аха аныҳәа аламҭалазтәи ахҭысқәа уи дмырхәашьыр амуит, егьа ҽырдагәа ҟаҳҵаргьы, акыр иџьбароуп, аҳәынҭқарра аҩбатәи ахаҿы ҳәа ззырҳәо, абас иҟоу аҭагылазаашьа дахьақәшәаз, хымԥада, уи азы иара Витали Габниа ихаҭагьы аҭакԥхықәра идуп, избанзар, атәыла ахада дихаҭыԥуаҩуп, Аԥсны аҩныҵҟа имҩаԥысуа ахҭысқәа рыӡбара зуалыз акоманда дахаҭарнакуп, иара иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы ихаҭагьы иазгәеиҭеит "рымч шақәымхаз".

Ишәгәаласыршәоит 2014 шықәсазы Витали Габниа дызлаз акоманда амчрахь иааит "азакәанқәа рҳәырԥсарра" захьӡыз алозунгқәа рыла.