Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит

© Sputnik / Владимир Попов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит
Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Урыстәыла Ахада Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит - аҭоурыхтә хҭыс аахижьҭеи иҵит жәашықәса. Ари амш лгәалашәараҿы ишаанхаз атәы дазааҭгылоит Светлана Ладариаԥҳа.

Нанҳәамза ҩажәи фба. Аԥсуаа ҳҭоурых аҿы зҭыԥ ҷыда ахааназ илызхыз ари арыцхә дарбанызаалак аԥсуа изы аҵакы аманы иаанхап ҳәа сгәыӷуеит ашәышықәсақәа рнаҩсгьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра илҵыз аԥсуа дгьыл акраамҭаӡа еиҳа зымчыз еимдырххон.

"Қырҭтәыла аҩызцәа" ҳәа зхы ахьӡ ахҵаны еиҭахгьы мчыла ҳақәызхыз, ҳахзырҵәаз рахь напеикәыршала ҳхы ҳархарц ҳабжьызгоз адунеи аҳәынҭқарра дуқәа акраамҭаӡа ахыц ҳҭакны ҳрыман. Адунеиаҿ иҟамлацыз, аиааиҩы ианиқәыӡбоз аамҭагьы, ҳара ҳзы иҟан.

Закат - Sputnik Аҧсны
Исҭахуп зегь насыԥ шәыман шәыҟазарц

Зыԥсадгьыл ада аҽа ԥсадгьылк змамыз аԥсуа жәлар агәылшьап ду еиԥш аԥацәеи аԥҳацәеи зҿазыҟәшәаз аибашьра хлымӡаах ишалҵызгьы гәаҟран изҭагылаз. Атәыла ахы аҵыхәа еибгаз, аус зушаз усбарҭак, наплакык ыҟамкәа, иҿыцӡа анхара ҳақәшәеит.

Ауаҩы иԥсы анҭаха акыргьы ифароуп, акыргьы ижәыроуп. Аԥсҭазаара анцәа иџьшьарала акалашәа еиҿкаауп акәымзар, усҟантәи аамҭа уадаҩқәа ухамшҭуа иаанхозар, ухшыҩ уахыҵыр акәхон. Атәыла аиҳабыра иҳақәӷыӷуаз ҳаӷацәа ааныркыларызу, ҳаҩныҵҟа зхы цәырызгаз аҵмыҳәҳәарра ршьаҽрызу, хәыҷи-дуи акрырҿарҵарызу, адунеи амаа зкыз ирҿагыланы рыхгьы ҳаргьы ҳаиқәдырхарызу рзымдыруа иҟан.

Ииасит урҭ аамҭақәагьы. Аԥсуа ԥҳәыс лҟәаҟәа иқәылхит атәыла аекономика. Ахааназ исхашҭуам раԥхьаӡа акәны аҳәааҟны ашықәс ҿыц аламҭалаз ҳаҳәса зҵаз аидара заҟараз анызба сшыҟалаз. Уажә исхашҭит, аха уахынлагьы ԥхыӡ ибаны сааԥшуан ҳәоуп сшыҟоу. Уигьы иаиааиит ҳажәлар. Аҿыцныҟәа иеиԥшха ҳаԥсҭазаара ччаԥшьк ааҿықәло иалагеит. Уи аччаԥшь казырцәаз зҭахыз ақырҭцәа рпартизантә гәыԥқәа ракәзаргьы уахи-ҽни рымамкәа ҳшьа ажәра ишаҿыц иаҿын, аха уигьы ҳаиааихит.

Макьаназгьы хҭак еицҭаҳаршәуан. Убри акәын ҳамчрагьы.

Аамҭақәа рыҽшырыԥсахуазгьы Қырҭтәыла агәҭакы аԥсахра агәы иҭамызт. Иагьызҭахарыз адунеи атәыла дуқәа аныха хьӡыркы еиԥшшьаланы иахәаԥшуазҭгьы. Ахааназгьы ақырҭцәа ԥсабарала аҽраԥшра, ахӡыргара, ажәа ԥшӡа, амци аҵабырги реилаӡҩара рылоуп. Игәызианӡа ражәа хымкқәа ирзыӡырыҩуазгьы дара ирҳәоз иақәшаҳаҭхон.

Ирылшеит ргәы акышьа, ахыхшьа.

Абасала жәашықәса инареиҳаны ишцахьазгьы дара ирыӡбеит ирымҟәыҵҟьаз Аԥсни аахыҵ Уаԥстәылеи еиҭадыргьыжьырц. Ирҭаххеит ҩымш-хымш рыда ҳақәыдмырӡырц. Еиҳа рыц иҵашәап ҳәа ргәы иаанагоу, аԥхьа Аахыҵ Уаԥстәылаҟа рхы дырхеит. Иахамацәысит, иахадыдит Цхинвал.

Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит

Усҟантәи ателедырраҭарақәа аламгәа ҭыршьаауан. Ауаа шыҿааҿаауаз рыԥсқәа рхырхуан. Агыгшәыгҵәҟьақәагьы еиҳа агәыҭбаара рыман бџьарла еиқәных ахәыҷқәеи абыргцәеи ықәызхуаз АҚЫРҬУА ХАЦӘА раасҭа.

Абри аамҭазы Аԥсны аиҳабыра ирыӡбеит аӷа имчқәа еиҟәыршарц. Аахыҵ Уаԥстәылагьы маҷк аԥсы арганы, ажәытәтәи ҳшьам дгьылқәа, Кәыдры аиҩхаа ахазынарақәагьы дырхынҳәырц. Еиҭах ҳадгьыл иқәҩит "Шәнеибац". Игылеит ҳарԥар.

Аҽны сабшан. Шьыбжь ааҟалахьан аус ахьызуаз днеиит сыҷкәын. "Аԥара маҷк бымазар, абинзин аасхәон" — иҳәеит. Хышәҟа мааҭ исҭеит. Данысԥырҵуаз, акалашәа схы инаркны сшьапаҟынӡа днасыхәаԥшит. Оумашәагьы иаазбеит, аха акгьы сымҳәеит… сааҭк ааҵуаны сҭаца аҭел дысзасит "Адамыр Кәыдрыҟа дцеит" ҳәа. Нас излеилыскааз ала Дамеи Кәыҵниа напхгара зиҭоз агәыԥ даланы, Тҟәарчал ахахьала ашьхаҟа ихаларц дҵаны ирырҭазаап. Аҭел ырцәан, ихабарк ҳаздырамызт. Акызаҵәык амҩан захь днеиз иаб иаҳәшьа аҭел дасны ацәашәҵатәы исҭеит, ашьхараҿ уахынла ихьшәашәарахоит, аха бымшәан ҳәа салҳәеит.

Вид на Сухум. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Лассы-лассы ԥхыӡла избо иацтәи с - Аҟәа

Уигьы ҳхаагеит. Ақырҭцәа ргәы иҭыкәкәоз ашьа дара еиҭарыхәлаҵәеит. Ирымпыҵҟьеит рыԥхыӡ изалымҵыз Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни. Уажәшьҭа наӡаӡаны.

Ԥхыны мшы лашак азы, амра каххаа ианынхоз, иаалырҟьаны аԥсуаа ҳажәҩангәашәԥхьара ааимҟьеит. Асааҭ хԥа рызтәи ажәабжьқәа рылагамҭаз адунеи иналаҵәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит ҳәа.

Амра ахьышәахәа аҳәиҵәҳәа ишаҟьо еиԥш ауаа рыгәқәа агәырӷьара рҭаӡсеит. Рыҩнқәа, рашҭақәа ргәырӷьара рҭамӡазт амҩа дуқәа ирнылеит.

Усҟан аус ахьызуаз Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахыбра аҿаԥхьаҟа Кандид Ҭарба днеиит ансамбль "Кавказ" акәашацәа иманы. Шәаҳәарахеит, кәашарахеит. Зықьҩыла ауаа ргәырӷьара акосмос ду иазцон. Еибадыруаз роума, уи аҽнынӡа изеибамдыруаз роума, зегь еигәыдибаҳәҳәалан игәыдибакылон. Ахақәиҭра ашҭахь инеиз ажәлар ирыдныҳәаларц уахь рхы дырхеит атәыла аиҳабацәа. Зегьы аӡәыкын. Зегьы аԥсыуаан. Ҳгәырӷьара ҳацеиҩыршон егьырҭ амилаҭқәагьы. Уи ажәала еиҭаҳәашьа змамз ауп. Ақалақь иахашәыршәыруан абираҟқәа, иахыҩуан ахацәа рашәа.

Ҳәарада Урыстәылатәи Афедерациазгьы ари ашьаҿа имариаз шьаҿоуп ҳәа узҳәом. Аха усҟантәи аиҳабыра ирылшеит аиашара аԥыжәара аҭара.

Иахьа абри амш анысгәалашәо, исҭахуп усҟан акосмос ҳәа ззаҳҳәо аҵыхәаԥҵәарадара иазаҳашьҭыз абзиеибабареи, анасыԥи, агәырӷьареи ҳзыхынҳәырц.

Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит…

Аицгәырӷьара анҳалшо бзиа избоит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0