Инаԥшьба: Сергеи Багаԥшь Кремль дышрыдыркылаз абара акыр иаԥсан

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото.
Президент Абхазии Сергей Багапш в Кремле. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтəыз ажурналист, "Ахьӡ - Аԥша" аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу, "Агəымшəараз" амедал иаԥсахаз Даур Инаԥшьба игəалаиршəоит аибашьра иадҳəалоу ахҭысқəа, ҷыдала нанҳəа 26- Аԥсны ахьыԥшымра амш ныҳəа иадҳəалоу агəалашəарақəа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Даур, уажəшьҭа шаҟа шықəса ҵуеи Аԥснытəи ателерадиоеилахəыраҿы аус ууеижьҭеи, ажурналистика унапы алакуижьҭеи?

— Аԥсуа телехəаԥшра ашҟа аусура ҳаиасит сара, Енвер Арџьениа, Руслан Ҳашыг, а-90-тəи ашықəсқəа рзы. Аибашьра алагара шықəсык аҟара шагыз ателехəаԥшраҿы аусура салагеит корреспондентк иаҳасаб ала.

Даур Инапшба
Даур Инапшба - Sputnik Аҧсны
Даур Инапшба

- Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсуа телехəаԥшраҿы имҩаԥугоу иарбан дырраҭоу?

— Иахьа ателехəаԥшраҿы сара сыхҳəааҟаҵаҩуп, ажəабжьқəа рҿы аус зуеит.

- Даур, Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра ианалага аԥхьатəи амш инаркны аҵыхəтəанӡа уи амҩа уанысит, укалам шукыз иукын. Иабаухьӡеи уара аибашьра, ишԥауаҳаи Аԥсны аибашьра иалагеит ҳəа?

© Фото : из личного архива Даура ИнапшбаДаур Инапшба
Даур Инапшба - Sputnik Аҧсны
Даур Инапшба

— Аибашьра ианалага нанҳəамза 14, 1992ш.рзы, асааҭ 10 рзы аусура сыҟан. Аҽны ҳара ҳҭынхак дыржуан, аҧсыжрахь сцараны сшыҟаз Тҟəарчалҟа, ҳазгараны иҟаз ҳамаҳə иҳəеит аибашьра ишалагаз, ақырҭқəа Маҷаранӡа ишааӡахьаз. Аибашьра иалагараны ишыҟаз ҳцəа ианыруан, аха убасҵəҟьа иаалырҟьаны идəықəлап ҳəа ҳгəыӷуамызт ҳаӷацəа.

- Ари аҩыза ажəабжь ануаҳа ашьҭахь, анаҩстəи ушьаҿа зеиҧшрааз?

Терент Чания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷаниа Ахьыԥшымра азхаҵара амш иазкны: жәытә-натә аахыс ҳзызхәыцуаз ҟалеит

— Иаразнак аусура сгьежьит, иҟаҳҵаша алацəажəара ҳалагеит. Аизара мҩаԥигон Руслан Ҳашыг, Шамил Хəсеин-иҧа Ҧлиа ҧсшьара дыҟан ҳəа ауп ишысгəалашəо. Шамил Ҧлиа иакəын усҟан хантəаҩыс иҳамаз. Руслан Ҳашыг ҷыдала аӡəгьы адҵа иҭаны дишьҭуамызт, избанзар аибашьра еибашьроуп, аҭагылазаашьа уадаҩын, дагьиашан ҳəарада. Нас, Гарик Дбар, Гари Арсҭаа, Слава Сақаниа, Ахра Акаба, Гьаргь Гəлиа, сара, уажə аӡə дыбжьасыжьыр ауеит, арҿиара знапы алакыз роуп зегьы, ақалақь ахь ҳцеит. Акамерақəагь маҷны иҳаман, аха аӡə даар авидеокамера иманы, даҽаӡə дцо абас аус ҳуан. Сара Ацҳа ҟаҧшь аҿы сыҟан ашьыжь асааҭ 11 инаркны.

- Аибашьра анцоз аамҭазы раԥхьатəи уанҵамҭа абаҟаҵаз, насгьы иалахəыдаз?

— Аҟəа, Ацха ҟаԥшь азааигəара хыхьынтəи ақырҭқəа рҳаирплан аԥсшьаҩцəа ирылахысын, амшын аҟəараҟынтəи иҩны иаауан. Ус ашьыбжьышьҭахь, атанк Ацҳа шкəакəа ала иқəсыз, Беслан Џьелиа напхгара ззиуаз агəыԥ иԥыржəеит, аибашьра ианалага раԥхьатəи синтервиугьы убри акəын. Убри анԥыржəа ашьҭахь, 20-ҟа минуҭ ҵхьан еиԥш иҭаҳхит, дара аибашьцəа зегьы ҳрыҽцəажəеит. Рыцҳарас иҟалаз, Беслан Џьелиа игəыԥ уи аҽны лыԥхала еилгеит, аха ашьҭахь, даҽа мызкы аҟынтə Аҟəа араион ашьха қыҭақəа руак аҟны адҵа анагӡара ишцоз, ақырҭқəа рыкəшан иркын цəгьаԥсышьа рырҭеит. Аибашьра анеилгаз ауп иахьҭахаз аҭыԥқəагьы анырыԥшааз, ааҩык рҟынӡа ҭахеит.

- Ишдыру еиԥш, усҟантəи аамҭазы ақалақь аҿы аангылашьа ыҟамызт, шəалҵра шԥаҟалеи?

— Амза 14 ауха ахəылбыҽха, аҩныҟа ицазгьы дҟалеит, имцазгьы дҟалеит, аусураҿы зегьы ирхыргеит шамахамзар. Нанҳəа 15 рзы аҭагылазашьа еиҳа-еиҳа иуадаҩхон. Аҟəатəи ашьхаҿы хыхь ателевышка ахьыҟоу ақырҭқəа халаны иркит, аефирахь ҳазҭымҵуа аҭагылазаашьа аԥырҵеит. 16 рзы ахəылбыҽха, хыхь ашьхаҟынтəи, нас усҟан аиҳабыра реилазаара ахыбраҿы акəымзи ҳахьыҟаз Аҟəа агəаны, хыхьынтəи апулемиотқəа рыла ҳусура еихсуа иалагеит. Нас, аҩнаҵаҟа ҳаҵаланы ҳҽаҳҵəахит. Ус иаҳхаҳгеит ауха, адырҩаҽны, Руслан Ҳашыг адҵа ҟаиҵахьан, ПТС ҳəа изышьҭоу еиҭаҵуа иҭызхуа амашьына Гəдоуҭаҟа ишьҭхьан, Дəрыҧшь ақыҭаҿы акəу, Лыхны ақыҭаҿы акəу џьара ирҵəаххьан. Аибашьра еибашьроуп, Аԥсны аиҳабыра рхаҭарнакцəеи, Қырҭтəыла аруаа рнапхгаҩцəеи аицəажəара мҩаԥыргон аибашьра аанкыларазы, мышкы ҩымш ус еицəажəарала изалшозар ҳəа. Избанзар, усҟан аԥсуаа абџьар рымамызт, ус ргəы ӷəӷəан, рыҧсадгьыл рыхьчон, аха излеибашьуаз акагьы рымаӡамызт. Убри аҟынтə аицəажəарақəа цон, асасааирҭа "Аиҭар" аҟынӡа иаахьан. Усҟан Аԥсны аиҳабыра реилазаара ахантəаҩы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь. Руслан Ҳашыг, Багаԥшь еиҳа аинформациа иман азы, диазҵааит. Багаԥшь, Руслан иуаажəлар алигарц еиҳəеит Аҟəа. Аибашьра ианалага адырҩаҽны, адырхаҽны ҳара арҿиаратə ус знапы алакыз, иахьеиԥш исгəалашəоит, РАФ ҳəа амашьына ҳаман, иҳамаз ҳтехника хəыҷы ҳаманы ус ҳшеилаҳəаз ашьыбжьышьҭахь ҳдəықəлеит Гəдоуҭаҟа. Ус ҳашцоз, уажəы Сухум-маркет ахьыҟоу аҿаҧхьа игылаз ҩнык еихсит ақырҭқəа, аиҿахысрақəа ҟалеит. Уи ҳара ҳаҧхьа ауп ианыҟалаз. Аиҿахысра анеилга, ҳалҵын Гəдоуҭаҟа ҳцеит.

- Аибашьра ахҭысқəа акырӡа ирацəоуп. Егьа ус акəзарьы, еиҳа ухаҿы-угəаҿы иаанхаз уаҳзалацəажəар ҟалоума?

Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит - Sputnik Аҧсны
Аицгәырӷьара анҳалшо сгәы иахәоит

— Ахҭысқəа жəаҳəарада ирацəан. Зегь раасҭа игəыҭшьаагаз хҭысын ҧхынҷкəын 14, 192 ш.рзы Лаҭа иахыҧраауаз аҳаирплан ақырҭқəа еихсны иахькарыжьыз, уа ахəыҷқəа, абыргцəа, аҳəса, имицыз асабицəа ахьалаблыз, абри зегь раасҭа игəыҭшьаагаз хҭысын, игəыҭшьаагаз жəабжьын. Аицəажəарақəа цон, ҩымш-хымш рышьҭахь аҧсыбаҩқəа анаарга, Гəдоуҭатəи ақалақь абаҳчақəа руак аҿы анышə ианарҭоз аҽны саргьы уа сыҟан, уи зыла иабаз ауаҩы илаҕырӡқəа изынкылаӡомызт. Владислав Григори-иҧа Арӡынба убра дгылан, Аҧсны аиҳабыра ыҟан. Ахааназы ула ихымҵуа трагедиатə сахьаны иаанхоит. Уа анацəа, аҭынхацəа, ус иҭахаз ззымдыруаз зегьы уи аҩыза алахьеиқəҵаратə трагедиа, агəыхь зцыз, ахьаа зцыз аҳəара уадаҩуп. Жəаҳəарада, хəажəкыратəи ажəылараан аума, ианартəи ажəылараан аума, егьырҭ ажəыларақəа рҿоума, аҷкəынцəа ҭахон, ишхəыз иргон, ишьны ҳара иҳарҭон… Агыгшəыггьы ус ахы мҩаҧнагаӡом ақырҭқəа аҧсуаа ҳганахь ала усҟан рхы шымҩаҧыргаз. Нас, аибашьра анеилга, уажəы Ареспубликатə хəышəтəырҭа ахьыҟоу, убраҟа хəажəкыратəи ажəылараан изыхнымҳəыз аҧсуа еибашьцəа ирыцызи, хатə гəаԥхарала иҟази анышə иарҭеит. Аибашьра анеилга иҵырхуан урҭ рыԥсыбаҩқəа. Убригьы даара итрагедиан. Анацəа, абацəа, аҭынхацəа рыԥсқəа маҷханы икаҳауан. Асалафанқəа рыкəыршаны, иубаратəы иҟан иргəаҟӡаны ишыршьыз. Иахьеиҧш исгəалашəоит аӡəы инапқəеи ишьапқəеи адаҷ рхан, џьара дықəшьны дааргозма, издыруада?… Иҭахаз ҭахеит, аха зыҧсы ҭаны иҟазгьы даара иргəамҵны рыԥсҭазаара иалхын. Убри акадрқəа иахьагьы иҳамоуп, уи аҩыза алаҧшра ауаҩы даара игəы ӷəӷəамзар игəы тҟəацны дыҧсуан.

- Аибашьра анцоз аамҭазы мраҭашəарантəи мрагыларатəи афронт ахь уаара анбалыршахеи?

— Мрагыларатəи афронт ахь раҧхьаӡа акəны сиасит 1992 ш. жьҭаарамзазы. Роберт Ломиеи сареи агəыҳалалратə цхыраара аазгоз аҳаирпланқəа убарҭ мшынгəыла ицон, убарҭ ҳрыцны ҳцеит ҳаргьы. Тҟəарчал ҳаҟан, Мықə, Ҷлоу, Ануаа рхəы, Џьгьарда. Роберт Ломиа иҭихыз акадрқəа, ажурналистцəа роуп еиҳарак ирдыруа, аоператорцəа рџьабаа уиаҟара ирыздырӡом, Тамшьтəи амҩаҿ, Тамшь ахəы ркын аҧсуа еибашьцəа, Аҟəеи Очамчыреи еимаздоз амҩаҿы иҟаз аибашьра, иҟəаҟəаны еилажьыз, Ануаа рхəы, Роберт иҭихыз авидеокадрқəа адунеи иахыҵəеит. Убри раҧхьатəи ҳара ҳцара акəын мрагыларахьтəи афронт ашҟа.

- Шаҟа аамҭа шəыҟааз уа?

— Мчыбжьык аҟара ҳаҟазар ҟаларын.

- Ақыҭақəа зегьы рылсра шəзахьӡама?

— Зегьы рылсра узахьӡаӡомызт. Ауха цəгьала ҳхаргалеит. Тҟəарчалынтəи машьынала аџьаҧҳан хəыҷы ирымаз ргон, уи Ҷлоунӡа ҳнанагеит. Ҷлоу сара сыҩны ҳавсны Џьгьарда ҳнеит. Џьгьардантəи, Симион Занҭариа тракторла дылбааны ауха ҵхыбжьон ҳхеигалеит Ануаа рхəы. Ақырҭқəеи дареи 500 метра еиҿатəан, ауха уа ҳаҟан, адырҩаҽны нас арахь ҳааит.

- Аибашьра еилгеит ҳəа ажəабжь анбауаҳаи?

Возложение цветов в парке славы - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵаз амш азгәарҭеит Аҟәа

— Аибашьра шеилгоз, нас аҵыхəтəантəи цəыббратəи ажəылара аамҭазы еилкаан. Ҳара абџьар кны ҳаибашьуамызт, ҳаибашьцəа иҟарҵоз аҟара ҳабаҟаз, аха лкаақəак ҟауҵозар, Аиааира шааигəахоз удырратəы иҟан. Амза 19, 20 рзы ҳара ҳтəқəа знык Гəымысҭа аӡиас ианыр нахыс, аибашьра шеилгоз еилкаан. Амза 25 инаркны сара аҭыхрақəа рахьгьы аныҟəара саҟəыҵит. Аҟəа аныргоз Гəдоуҭа ҳҭыҧ аҟны сыҟан аусураҿы. Аҟəа анырга ашьҭахь, ҩымш-хымш рыла аҳəааҟынӡа инаӡеит.

- Анцəа иџьшьаны иахьа иҳамоуп ҳажəлар акыр шықəса раахыс иззықəҧоз Аиааира, Ахақəиҭра, Азхаҵара. Аибашьра ашьҭахьгьы, иахьагьы ирацəоуп узлахəу аҭоурыхтə хҭысқəа. Еиҳа иалукаауа иарбан?

— Ахҭысқəа рацəоуп. Аиааира ҳгеит аҧсуа жəлар, аҧсуа еибашьцəа, акомандаҟаҵаҩ хада Владислав Григори-иҧа Арӡынба ибзоурала. Усҟан убри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟан, уагьы аӡə дахырҳəоушəа, Гамсахəырдиа дахҳəаны даҽаӡə дааргозшəа иҟаз закуандаран. Абарҭ ацəгьоуцəа еиҳа амч рыман. Иахьеиҧш исгəалашəоит, Мизан Ломиеи сареи, ацҳа ҳақəсны Егры, абри аибашьра анеилга жьҭаара 2, 3 рзы акəхап, Рухинӡагьы ҳцахьан аҭыхра. Уа ауаа ҭəны игылоуп, арахь ихҵəаны иқəҵны ицаз, арахь ҳара ҳтəқəа аҳəаа рыхьчароуп. Аибашьра ашьҭахьтəи Аиааира агəы змаз, зхы зынымкылоз ыҟан, абџьар рацəаны иҟан, алеишəа шьақəыргылатəын Аҧсны ахы-аҵыхəа. Арахь абџьар зкызгьы изымкызгьы иалахан иҟаз ақырҭқəа рацəан, зыҷкəын дҭахаз, зыӡҕаб дҭахаз ргəаҕ урҭ ирхыргарц иалагон, урҭ хьчатəын. Даара иуадаҩын аамҭа. Гал иҟалаз ахҭысқəа шамахамзар ҳара ҳрылахəын сҩызцəеи сареи журналистцəақəак раҳасаб ала. Атеррактқəа, ауаҩшьрақəа, атəылабгара… 1992 ш.инаркны 2008 шықəсанӡа Аҧсадгьыл зыхьчоз, згəы азыбылуаз аӡəымзар аӡəы иабџьар еиҵыхны, игəы рҭынчны дмыцəаӡеит. Сара хаҭала сгəы анҭынчхаз нанҳəамза 26, асааҭ хҧа рзы Урыстəыла Аҧсны азханаҵеит ҳəа ателехəаҧшра ианҳаланаҳəаз нахыс ауп. Убасҟан, уф гəышьа, ҳҳəан ҳаҧсы ааиваҳгеит.

- Даур, ҳхьыҧшымра азхаҵара анаҩс, уара журналистк иаҳасаб ала, Аҳəынҭқарра ахада уицны аҭоурыхтə ҵакы ахьымҩаҧысуаз Москва уаҭаартə еиҧш аҭагылазаашьа уман, уимоу аҧсышəала Кремль убжьы ҩныҩит. Ишҧамҩаҧысуаз усҟантəи ахҭысқəа?

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: шьала икәабаны иааҳгаз ҳиааира ду - алҵшәа аиуит жәашықәса раԥхьа

— Аоператор Алықьса Агəхааи сареи насыҧс иҳауит, Ихьыҧшым Аҧсны ахəынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшь раҧхьатəи иофицалтə визитла Урыстəыла аҳҭнықалақь ахь ицара ауаа рызнагара, аиқəышаҳаҭра раҧхьатəи анапаҵаҩра аарҧшра. Анапаҵаҩра мҩаҧсыуан Кремль, Аҧсны Аҳəынҭқарра ахада Сергеи Уасил-иҧа Багаҧшьи, Урыстəылатəи Афедерациа ахада Дмитри Анатоли-иҧа Медведеви ракəын аиқəшаҳаҭра знапы аҵазыҩуаз. Ҳара убри ахҭыс ааҳарҧшырц азы убрахь амҩа ҳақəырҵеит. Ҭагалан аҧхьатəи амшқəа рзы акəын, ашоурақəа ыҟан, амаҕрахҵəақəа ҳшəын. Зныктəи ҳамаҭəа аашьҭыхны ҳцеит Адлер, ашьыбжьышьҭахь ҳҧыруан. Аҳаиртə баҕəазаҿы абилеҭқəа шҳамазгьы аҭыҧ ыҟам рҳəеит. Ҳара ҳахьцоз раҧхьа иҳамҳəаӡеит, аха нас аҳаирплан ҳнақəдыртəан ахуҳəа Москва ҳнеит. Раҧхьа урысшəала ирҳəон аиқəшаҳаҭра знапы аҵазыҩуаз зусҭцəоу, нас иалахəыз рбызшəа алагьы ирҳəон. Сергеи Уасил-иҧа иҳəеит сара аҧсышəала исҳəарц. Ишақəнагоу сеилаҳəаӡамызт. Дҩалаган акостиум, агалстук уҳəа схы инаркны сшьапаҟынӡа ишахəҭаз сеилеиҳəеит, зегь сзааихəеит. Ҳҽазыҟаҳҵон азал аҩныҵҟа, аӡəгьы дыҩнарыжьлаӡомызт уахь. Иара дшеилахазгьы дааҩналан: "Даур ушҧаҟоу, умшəан, угəы каумыжьын, убзиоуп, убзиоуп" — иҳəан сара сгəы рҕəҕəаны ддəылҵны дцеит. Абриаҟара иара шəуск, зықьуск иман аха, абни хьаас иман, ауаа рҟны дышҧацəырҵуеи, дышҧеилаҳəоу ҳəа. Ари гəырҕьаратə хҭысуп, аха агəырҕьаратə хҭыс аҟынгьы ауаҩы даҿахар ауеит, даҽакала ихы мҩаҧигар ҟалоит, убри ахааназы исхашҭуам. Уа даҽа хҭыскгы ыҟан. Кремль ҳанҭалоз зегьы даҽа мҩак ала ирышьҭуан, ахылаҧшра гəазҭоз сара даасыхəаҧшын, нас сгалстук сара сҽеибыҭаны сгылоуп арахь, "Вы личник" — иҳəан, уи иаанаго Багаҧшь дзыхьчо шəа шəоума ауп, сазымхəыцӡакəа "Да" — сҳəеит. Арҭ зегьы даҽа мҩак ала иргеит, сара убас Кремль сныҩнарҵеит. Еилкаауп, ахҭыс ду ҟалеит, ҩ-ҳəынҭқаррак аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқəшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Анапаҵҩрақəа рышьҭахь, Кремль иаанхо еицəажəоит азал аҩныҵҟа. Аоператорс инрыжьуа Медведев дҭызхуа заҵəык иоуп. Зегь дəылырцеит, Алықьса Агəхаа уа дгылоуп. Ари Медведев дзыхьчоз аиҳабы "ари дызусҭа ҳəа сирбеит". Апрезидент дышицыз иасҳəеит, абасала аоператори сареи азал аҿы ҳаанхеит. Рыхəаҧшра акыр иаҧсан. Иара Медведев Багаҧшь дшизыҟаз, аминистрцəа, Урыстəыла анапхгара уҳəа. Иара убри аҩыза ҟазшьак иман, амхылдыз еиҧш ауаа идиҧхьалон. Игəыразра, игəыҳалалра, иара уаҩы ҳаракын, уаҩы ҧшӡан, хашҭра иқəым.

- Аԥсышəала узыҧхьаз ажəақəа рыхшыҩҵак ҳгəалауршəар ҟалоума?

— Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқəышаҳаҭра рнапы анырҵоит Урыстəыла Аҳəынҭқарра ахада Дмитри Медведеви, Аҧсны Аҳəынҭқарра ахада Сергеи Багаԥшьи — абас иҟан аԥсышəала игаз аҳəоушьҭыбжь.

Ажәабжьқәа зегьы
0