Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Sputnik Аԥсны аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа РУСДРАМ иқәнаргылаз аспектакль "Електра" дшыхнахыз, уи ахәаԥшра зегьы израбжьылго атәы шәаԥхьа иазлырхиаз анҵамҭаҿы.
Sputnik
Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Ижәытәӡатәиу, аха иахьатәи ҳдунеи иашьашәалоу ашьоура згәаҳәароу Електра лҭоурых, уаанӡа ҳшақәнаргәыӷхьаз еиԥш, ҽаҩраҭагалан асакьаҳәымҭаз Русдрам иааҳаднагалеит.

Атеатри сыԥсҭазаареи

Ажәа ахы умҳәакәа, аҵыхәа узҳәом. Мышқәак раԥхьа ажурналистцәа рҿаԥхьа иқәгылаз атеатр адиректор Иракли Хынҭәба иҳалеиҳәеит ашықәс иалагӡан арепертуар иалоу 109 спектакль ахәаԥшцәа ишрыдгалаз, убри алагьы даҽа театрк иазынамыгӡо агәҭакы ахарҭәаара шрылшаз. Хымԥада, атеатр зегь раԥхьаӡа иргыланы уалны иаду ахәаԥшцәа аспектакльқәа дырбароуп, аха Русдрам ахыбраҿы акультуратә хәышҭаара иаҟазшьарбаганы, иара убас имҩаԥысуеит еиуеиԥшым ахырхарҭа змоу аиԥыларақәа, аконцертқәа, "Арт-фоие" ҳәа изышьҭоу иӡырнагоит апоезиеи амузыкеи еилазыӡҩо акомпозициақәа.

Атеатр аус ауеит есыҽны, уи ԥшаауеит, ахәаԥшҩы дызламҩахнагаша иазхәыцуа. Ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа имаҷуп ас асааҭ еиԥш аус зуа аусҳәарҭақәа, иаҳхәар ауеит, егьырҭ атеатрқәагьы дара ирҿыԥшны, русура аиӷьтәра амҩақәа азырԥшаалар ауеит ҳәа.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Иааиуа 39-тәи асезон далацәажәо, Русдрам ахада иҳәеит ахәаԥшҩы ишизыԥшу ахәыҷтәы спектакльқәа инадыркны адунеи аҿы еицырдыруа арҿиамҭақәа. 2020 шықәсазы иаҳбар халшоит Клод Манье, Алексеи Толстои, Гарсиа Лорка уҳәа акыр еиуеиԥшым авторцәа рҩымҭақәа ирылху ақәыргыламҭақәа.

Атеатри ахымҩаԥгашьеи>>

Хымԥада, Русдрам арепертуар иалоу аспектакльқәа зегь неибеиԥшны ҩаӡарала еиҟарам, ус ҟалашьагьы амам, аха ари атеатр иааиԥырҟьаӡақәа ашәқәа аартуп, еснагь азал кәапеишәа иҭәуп. Абар сазааиуеит ихадоу, санҵамҭа ззыскырц сҭаху "Електра".

2018 ш. Русдрам ахыбраҟны имҩаԥган "Арежиссиортә лабораториа" захьӡыз арежиссиорцәа қәыԥшцәа Алексеи Размахов, Никита Бетиохин, Артиом Устинов етиудла реиндаҭлара. Уаҟа аиааира згоз алшара иоуан атеатр аҿы аспектакль ақәыргыларазы. Усҟан атеатр иаҭааз идырбаз аетиудқәа иреиуан антикатәи арҿиамҭақәа: "Лисистрата", "Електра", "Аҳ Едип". Ахәаԥшцәа иҟарҵаз абжьыҭарала, аиааира игеит иреиӷьыз аетиуд ҳадызгалаз Артиом Устинов.

Аҟәа зыршанхаз: "Три высокие женщины" аԥхьарбара мҩаԥысит

Абар, шықәсык анаҩс, игәнаҳкылаз аетиуд автор Русдрам актиорцәа рыла иааирԥшит, ашьоуреи, ахалахьырхәреи, агәаӷи, абзиабареи ахьеилаӡҩо асцена агәаны иқәыргылоу аспектакль ала. Иаразнак исҳәоит, "Електра" Устинов инагӡарала даара иазыҟаҵоу ахәаԥшҩы изырхоуп ҳәа, избанзар уи еибыҭоуп арежиссиортә метафоратә хьаҵрақәа рыла. Софокли Еврипиди рытрагедиақәа рышьҭрақәа дырхыланы, иара убас Платон ифилософиатә трактатқәа дрызхьаԥшны, ақәыргылаҩ илшеит иҳакәыршаны иҟоу, зны-зынла "ақәыршә зқәыршәны" иаҳҵәахуа агәаӷи, ашьоуреи рдунеи аарԥшра.

Хымԥада, аспектакль иамыхәаԥшыц изы, иҵакыдоуп уи ашьақәгылашьа аиҭаҳәара, ауаҩы иблала ибароуп зегь иреиӷьу. Сызхәаԥшыз атрагедиа сеиҭазыгьежьырц агәаҳәара зласзынхаз ала, исҭахын уи аестетикатә гәахәара шысзыннажьыз аԥхьаҩ исырдырырц, убри алагьы атеатр дадсыԥхьаларц. Сгәанала, ақәыргылаҩ акыр иҽазааигәеитәит ҳтәылаҿы аҭыԥ змоу ашьоуратә гәаҳәаратә мотивқәа рхырхарҭа атрагедиахь рымҩа шхоу аарԥшра.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Арҭ ахҭысқәа акыр шәышықәса ишрықәлоугьы, иахьатәи "Електра" актриса ҟаимаҭ Мадлена Барцыц лхаҿрала - хәҭакахьала згәаҳәара еилаҳкаауа, аха даҽа ганкахьала - агәаӷ ишьҭнаԥаауа ауаҩы ихаҭагьы риашашьа змам атрагедиа ирҿиар шалшо ҳнарбоит. Аспектакль алагамҭеи егьырҭ ахәҭақәеи рҿы асцена агәаны игылоу аишәа гьежь иахатәоу, зхатә ҭоурыхқәа еиҭазҳәо аҿар нас ҳгәаҳҽанӡамкәа аԥсахреи, амаҳагьареи ирхылҵшьҭроу аӷыӷеибагара зхаҿроу адраматә қәгыларақәа аадырԥшуеит.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

"Електра" асиужет рацәакгьы дацәхьаҵуам арежиссиор, аха иара ирежиссиортә шәыгақәа рыла, иахьатәи ахәаԥшҩы ихаҭа ихы дазхәыцуа, икәыршаны иҟоу адунеи аҵанӡа аҭҵаара аҽазышәара игәанарԥхоит. Мадлена Барцыцԥҳа ашьоура агәазыҳәара иарҿиаз аишәа гьежь аҿы адинамика зҵаз лыкәашарала зыҭра иҭҟьаз, аиакәым зымпыҵҟьарц зылшо персонажны даалырԥшуеит. Асцена агәаны игылаз аишәа гежь зны ихәмарырҭан, зны иажәабжьҳәарҭан.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Ахәаԥшцәа уи иаакәыршаны, иааигәаны итәан, ихәмаруаз рыԥсыԥ алагаҩагабжь раҳаратәы. Ас ианыҟоу актиор иҟазара еиҳагьы иааигәаны иубарҭоуп, иаргьы аԥсеивгарҭа иоуам, арежиссиор иихәыцыз адекорациеи лашаралатәи аеффектқәагьы дара ртәы шынарыгӡогьы. Аспектакль аҿы ихәмаруаз актиорцәа ҿарацәа ирнубаалоит асценатә неиааира, апластика, амузыка анырра аганахь акыр абаҩхатәра шрымоу. Далыскаарц сҭахын Кера (Лоида Ҭыркьԥҳа), лашәанагӡашьала, ихьанҭоу адрама аҽалаӡҩараҿы акыр дшыҳараку.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Ҵҩа змам абзиабара аҳаҭыраз, аиаша азықәԥаразы Електра аспектакль ахы инаркны аҵыхәанӡа лыгәҭакы анагӡара даҿын. Ихынҳәыз лашьа Орест (Осман Абыхәба) ицхыраарала, дҭалырхоит лаӷа. Уи асцена азныказы анатурализм иазааигәоуп угәахәуеит, аха абраҟагьы ажәада, апластика ахархәарала, актиорцәа иаадырԥшуеит ауаҩшьра идеиас иаҵазаалакгьы иҳақым усны ишыҟоу.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Актиор қәыԥш Абыхәба сыбла дшабо ала, ашьоура дшашьҭоугьы, зегь акоуп Електра длыҿурԥшуазар, еиҳа дааҭгылоит, дазхәыцуеит ишьаҿа, аха ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи бираҟҵас ишьҭызхыз Мадлена Барцыц л-Електра лгәаҳәара аԥхьагылара агеит, лара лҟазшьа иамаз анырра ду иахҟьаны.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Аҳкәажә Клитемнестра лтәы ҳҳәозар, уи лроль назыгӡоз Наталиа Папасқьыр аклассика ацәа лҟәынны дыҟан. Лаҳкәажә ҭеиҭԥш уаршанхон, убри адагьы лысценатә бызшәа акыр ихыркын, иҟам ла лҟынтәи иумаҳауаз шьҭыбжьыкгьы, убри аганахьала актиорцәа қәыԥшцәа лҿыԥшыргьы ауеит, избанзар зны-зынла ирҳәоз анузышьҭымкаауаз ыҟан. Папасқьыр аус луамызт адәахьтәи ашәыгақәа рыла, иҭышәынтәалаз лҟазшьала, аҳҭынраҿы имҩаԥысуа агьангьашрақәа ҭынч дрылахәын, адәахьала "асысмҟаа" дшеиԥшызгьы.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Аспектакль цон ҩ-сааҭк инарзынаԥшуа, ҩ-сааҭк рыбжьара уажәы-уажә зҽызыԥсахуаз асценақәа ахәаԥшҩы ддырааԥсомызт. Аспеткакль "Електра" асахьаҭыхҩы Иулиана Лаиковеи, алашара азҟаза Евгени Лисицини, арежиссиори хҭак еицҭадыршәуан, избанзар, асцена агәаны ахәаԥшцәа зкәыршаны иҟоу ахәмарырҭа ирнаҭоз алшарақәа зегьы рхы иадырхәеит, аҽҟьарҭақәа акыр шмаҷызгьы.

Иаҳҳәар ауеит ирылшеит ҳәа, ҳаԥсҭазаара ахаҭаҵәҟьа, аха ԥшшәыла еилаԥсоу асценатә ҟазшьақәа рыла антикатәи атрагедиа иахьатәи ҳдунеи иашьашәаланы ҳадгалара.

Ахаҵамԥҳәысреи ашьоуреи: антикатәи адрамеи иахьатәи ҳаԥсҭазаареи "Електра" аҿы

Егьырҭ апресонажцәа Хрисофемида – Милана Ломиа, Егист - Инал Инаԥҳа ракәзар, азеиԥш спектакльтә динамика рҽалаӡҩаны ихәмаруан. Аспектакль ансамбльра иацәхьамҵкәа ахеибарҭәааратә хықәкы шрымаз убон.

Зегьы иреиӷьуп аспектакль ахәаԥшра, егьа еиҭоуҳәаргьы, ҳәашьа амам, ас иҿыцу ахырхарҭала, нҵәара зқәым ауаҩытәыҩсатә гәаҳәарақәа ирхылҵуа атрагедиа аарԥшышьа аформақәа аԥхьаҩ изнагара. Русдрам а-Електра игәаӷьыуацәаз хәыцран, аха акыр иқәҿиархаз рҿиамҭоуп, иҟалап иахьа арепертуар иалоу зегь ираԥхьагылазаргьы.

Сцеит сара атеатр аиҭазыхынҳәраз агәаҳәара сыманы, сцеит аспектакль еиланаргьежьыз сдунеи сазхәыцуа, ус анакәха, атеатр ахықәкы нанагӡеит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: