Атеатри ахымҩаԥгашьеи

CC0 / / Атеатр
Атеатр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иарбан тенденциоу иахьатәи аԥсуа театртә ҟазара зну, насгьы уи иаҭаауа ахәаԥшцәа рхымҩаԥгашьа грақәас иамоу, урҭ раԥыхразы иаҭаху уҳәа ртәы дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Атеатртә ҟазара адунеи аҿы раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟанаҵо иалагеит ҳера ҟалаанӡа 534 шықәсқәа рзы. Бжьаратәла иаҳҳәозар, уи иахыҵуеит 2500 шықәса инареиҳаны. Иахьа уажәраанӡагьы ԥықәслара дук амамкәа иҿиоит иара, иацлабуа егьырҭ аҟазара ахкқәа маҷымкәа ицәырҵуазаргьы. Абарҭ ашықәсқәа рзы ишьақәгылеит атеатртә етикет ҳәа изышьҭоу атеатр аҩнуҵҟа ахымҩаԥгашьатә ԥҟарақәа. Атеатртә ҟазара ахырхарҭақәа рыҽдырҭбаауазаргьы, ахымҩаԥгашьатә ԥҟарақәа макьаназы аӡәгьы иаԥимхыц, уи еилазго ахәаԥшцәа цәырҵуазаргьы.

Абхазский государственный драматический театр им. С. Чанба - Sputnik Аҧсны
Шекспир дызмыхәо аус

Ирлас-ырлас атеатр ахь сныҟәоит, сызхәаԥшуагьы Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иаҳдырбо ақәыргыламҭақәа роуп. Аҭыԥантәи атеатрқәа реиԥш, аҵыхәтәантәи аамҭазы рҟазара ҳдырбоит ҳтәыла анҭыҵтәи атеатрқәагьы. Аԥсны атеатртә культура аҿиара иахьалагаз, ахәаԥшцәа атеатр  хшыҩзышьҭра ахьарҭо тенденциа бзиоуп. Аха иахьа сызлацәажәо аспектакльқәа ракәӡам. Аӡбахә сҳәарц сҭахуп атеатр аҿы ахымҩаԥгашьа акыр ихьысҳаны ишызбо атәы.

Сқәыԥшра аамҭазы, атеатр ахь ацара ҳгәы ианҭаз, алекциақәа рышьҭахь азеиԥшнхарҭаҿы ҳцаны ҳҽеилаҳхәон атеатр аԥҟарақәа ирышьашәаланы. Усҟан аџьынс еиқәа ушьаҵаны, аспорт маҭәақәа ушәҵаны атеатр ахыбра уҩнарҵомызт, избанзар акыр шәышықәса зхыҵуаз атеатртә культура ахатә ԥҟарақәа шьақәнаргылахьан, уи азы иҷыдоу азакәан аԥҵамзаргьы. Атеатр ашҟа ицоз ауаҩы ишәиҵоз ахә ҳаракымзаргьы, аклассикатә ҟазшьа амазар акәын, даҽакала иаҳҳәозар џьарацага маҭәала деибыҭазар акәын атеатр ашәхымс ихыҵуаз ауаҩы. Арҭ аԥҟарақәа усҟантәи аамҭазы иззымдыруаз маҷҩын.

Аԥсуа драматә театр актрисацәа.  - Sputnik Аҧсны
Атеатри сыԥсҭазаареи

Иахьа атеатр иаҭаауа рҽеилаҳәашьа ҳалацәажәозар, уи аԥҟарақәа ирықәныҟәо шыҟоу еиԥш, иҟоуп рхы ишааҭашәаз зҽеилаҳәаны инеиуагьы. Избахьеит акедқәеи, аџьынс кылыжәжәеи рыла зҽеибыҭаны атеатр иаҭаауа. Иахьа аамҭа уадаҩуп аҟынтә, атеатр ашәхымс аҿы ауаа ҩназыжьло ас зҽеилазҳәо иҩныҟа ддыргьежьуам, избанзар иахьатәи атеатрқәа ахәаԥшҩы аҟазара иадԥхьалара иашьҭоуп, вба ирҭом ишақәнагам зҽеилаҳәаны инеиуагьы.

Зегь реиҳа ипоблеманы сара избо, азал аҿы зҭыԥқәа аанызкыло ауаа рӷьырак рмобилтә ҭелқәа рырцәара ахьырҭахым ауп. Уажә аабыкьа Русдрам аҿы сахәаԥшуан "Театр на Юго-Западе" иҳаднагалаз "Мастери Маргаритеи". Азал ҭәын кәапеишәа, асценаҿы иаҳдырбоз ҟазарыла еиҿкаан, насгьы, иазгәаҭатәуп, Булгаков иҩымҭа иалху аспектакль ус унадыххыланы аилкаарагьы шымариам, уи иаҭахуп ахшыҩзышьҭра. Аспектакль цонаҵы иааиԥмырҟьаӡакәа зҭел иҭахәмаруаз акыр исԥырхаган Булгаков ирҿиамҭа ашьҭкааразы. Ус ҟарҵон иқәыԥшцәоу реиԥш, зықәра маҷым аҳәса нагақәагьы.

Логәуа атеатртә ҟазара азы: абызшәа зыхьчо акакәны сахәаԥшуеит>>

Аспектакль иалагаанӡа, ҳтеатрқәа зегь рҿы алаҳәара ҟарцоит "ишәырцә, ма рыбжьы рыгшәырха шәмобилтә ҭелқәа" ҳәа, аха уаҳа умԥсит, ҳара ҳахәаԥшҩы уи иаҳаӡом. Ицоз акомедиа, ицоз атрагедиа - дара рзы зегь акоуп, ирҭоуп рчатқәа еиуеиԥшым анҵамҭақәа ырҵәиуа. Ажәакала, иахьатәи ҳахәаԥшҩы имобилтә ҭел ырҟыҵымыҵуа атеатр дыҩнатәоуп, ивараҿы итәоу дшырԥырхагоугьы хьаас имкыкәа. Ари ачымазара ҿкы аиааирагьы мариам, иҷыдоу алекциақәа мҩаԥгалатәызар ҟалап атеатраҿ ахымҩаԥгашьа иазкны, иҟалап иар убас, атеатр аҩнуҵҟа аԥҟарақәа ртәы зҳәо аҭӡамц аиҿкаарагьы алҵшәа аанашьҭыр, нас, издыруада, маҷ-маҷ ахдырра анырра аиур. Иахьатәи ахәаԥшцәа ирыдызбалахьеит аспектакль анцо аамҭазы игыланы алеиҩеира ҵганы ишрымоу. Аабыкьа саԥхьа итәаз арԥыск уажәы-уажә ддәылҵуан, уажәы-уажә дыҩналон, дантәазгьы, иҭел дҭан, ма ивараҿы итәаз аҭыԥҳацәа драцәажәон. Схәыцуан, идәылигозеи хшыҩҵакыс иахьа ари арԥыс атеатр аҟынтә ҳәа?

Зегь реиҳа зеилкаара уадаҩу - атеатр ззымычҳауа дзаауазеи арахь? Издыруада амода иҽаҭаны атеатр аҿы сыҟан ҳәа баша ауаа ихы дирбарц акәзар, мамзар ҵакыс иамоузеи ас зхы мҩаԥызго изы атеатр ахь анеира? Аспектакль иагьа иугәамԥхозаргьы, ачҳара аарԥшны, антракт ҟалаанӡаутәазароуп, асценаҿы аус зуа раҳаҭыр баны, насгьы егьырҭ иахәаԥшуа рԥырхагахара ҟалом азы.

Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны
Арадио
Корсаиаԥҳа: згәы цқьоу абиԥара ҟаларцаз - ишыхәыҷу аҟазара иадыԥхьалатәуп

Анкьа аспектакль уагхазар, абилетиор лымеида умамкәа аҩналара азин ыҟамызт, уажәы агәырқьҳәа ашә нкыдыжьлан иааҩналоит ианаамҭоу ааишьа ззымдыруа, нас, еиԥхьышьшьаауа, рҭыԥқәа рыԥшаара иалагоит. Абри зегьы аспектакль иахәаԥшыҵәҟьарц зҭаху ирԥырхагоуп.

Уаха атеатр аҭаара згәы иҭоу ауаҩы, заа днеироуп, хыхьтәи имаҭәа агардероб ианаамҭоу иаҭаны иҭыԥ ааникыларц ихәҭоуп ахԥатәи аҵәҵәабжьы гаанӡа, иаҳҳәап, еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны дагхазаргьы, атеатр администрациа аусзуҩцәа дрыдгылар, ддырманшәалоит, иҭацәу ҭыԥк ыҟазар егьырҭ ирԥырхагамхартә ддыртәоит.

Аԥсуа театр акәзар, хыхьтәи аиарусқәа рҿы иҭацәу аҭыԥқәа ҟалоит, убри аҟынтә, иагхаз иаразнак уахь дхалар ауеит. Иҟоуп иара убас, ихадоу даҽа ԥҟарак, аха зегь ирзынамыгӡо. Ауаҩы атеатр азал даныҩнала, иҭыԥ ахь днеирц азы, иаԥхьа итәоу иҿы реирханы дыбжьалароуп. Ариад убжьаланы уҭыԥ анаанукыло, итәоу ушьҭахь реиарханы аиасра акультура алаҟәроуп изызҳәоу.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

Атеатр аҿтәи ахымҩаԥгашьа атәы анысҳәо, игәасҭахьеит иара убас, аспектакль цонаҵы иааиԥмырҟьаӡакәа ицәажәо ауаа шыҟоу, уи адагьы, актиорцәа ахырхәара иналагоны адәылҵразы ашәахь идәықәлогьы уԥылоит. Ахырхәара - уи аспектакль иахәҭакуп, убри аҟынтә, анапеинҟьабжьқәа анеихсыӷьлак, анҭынчрахалак, атеатр азал ааныжьра ҟалоит.

Атеатртә культура зегьы ирызшамзар ҟалап, аха ауаҩы уахь даннеих, иҽыдиршьцылароуп уаҟа иҟоу аԥҟарақәа, иаҳҳәап, урҭ рыӡбахә имаҳацзар, иалшоит уи иазку алитература даԥхьар.

Ахымҩаԥгашьатә культура атеатр аҿы мацара акәым иахьыҟоу, ацәгьа, абзиа уҳәа, аԥсҭазаараҿы иаҳԥыло ахырхарҭақәа зегь рҿы иҟоуп џьаргьы ианым, аха инагӡатәу аԥҟарақәа. Аԥсрахьы ауаҩы иҽеибиҭоит агәалсра иашьашәаланы, ачарахь дцозар, длашаӡа, агәырӷьаратә ҟазшьа змоу астиль ихы иаирхәоит. Атеатр аҿгьы абасоуп, иаҭахуп иҷыдоу аҽеилаҳәашьа, ахымҩаԥгашьа, аха, зехьынџьареиԥш, араҟагьы аԥҟарақәа еилаҳгагәышьоит…

Ҭодуа: атеатр ахь иааиуа аԥсышәала дхәыцуазароуп>>

Ажәабжьқәа зегьы
0