АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Адгәыр Арӡынба кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭаргалеит жәабран 6 рзы ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.
Аԥшьгаратә гәыԥ 25-ҩык ауаа алахәын.
Арӡынба Адгәыр Амиран-иԥа диит 1981 шықәса ажьырныҳәа 8 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҟны.
2000 шықәсазы "Башаран-коллеџь" далгеит.
2007 шықәса рзы Х.М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет далгеит ("ааглыхра-граждантә ргылара" азанааҭ ала).
2011-2013 шықәсқәа рзы– Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы аекономикатә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ.
2013 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иаԥҵоу аҳәынҭқарратә маҵзура Урыстәылатәи академиа.
2012-2015 шықәсқәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәа рыҟәша аиҳабы.
2015 шықәсазы жәабранмза инаркны – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аекономика Анапхгараҭара аиҳабы.
2015 шықәсазы мшаԥымза инаркны иахьанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр.
2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Адгәыр Арӡынба Аекономика аминистри Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи рнапынҵақәа еидибало далагеит.
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.
Алхра ҿыцқәеи акандидатцәа ашәҟәы рҭагалареи
Ажьырныҳәа 10 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа аӡбра аднакылеит Аԥсны ҭагалан имҩаԥгаз алхрақәа рылкаақәа иашамызт ҳәа. Ахада иеиҭалхра мҩаԥгахоит 2020 хәажәкыра 22 рзы.
Ажьырныҳәа 24 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит аполитикатә партиа "Акзаара" ("Единство") атәыла ахадарахьы акандидатс Леонид Ӡаԥшьба иқәыргыларазы.
Ажьырныҳәа 28 рзы ашәҟәы иҭагалан Аслан Бжьаниа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Жәабран 1 азы ашәҟәы иҭагалан Кан Кәарҷиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ.
Хәажәкыра 22 рзы имҩаԥысуа алхрақәа рахь акандидатцәа ашәҟәы аҭаҩра иалагеит ажьырныҳәа 22 инаркны, алхрақәа 60 мшы шрыбжьоу.
Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.
Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.
Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аполитолог Камкьиа: Аԥсны ахада иалхразы азакәан риашарак ауп иаҭаху
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу