Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Кварчия
Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҟны еиҭеиҳәеит алхрақәа рзы аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагалара азҵаара адепутатцәа шазыҟоу, уи акәша-мыкәша иахьазы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу

"Аԥсны ахада иалхразы" азакәан ариашарақәа алагаларазы Алхратә комиссиа хада Жәлар реизара ашҟа ажәалагала нанашьҭит. Уи азы арадио Sputnik ажьырныҳәа 21 азы адырра аиҭеит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

"Ари азҵаара ахәаԥшразы ицәырзгараны иҟоу апарламент азинтә еилакы ауп. Сара апарламент анапхгаҩык иаҳасабала агәыԥқәа еизганы сразҵаароуп иақәшаҳаҭума уи, избанзар ҳсессиақәа зны-зынла ишымҩаԥысуа шәбахьеит, ус еиԥш иҟамларц азы ауп. Излазбаз ала, абжеиҳараҩык адепутатцәа аԥсахра иақәшаҳаҭӡам алхратә закәан. Саргьы слакҩакуеит, иԥсахтәым ҳәа сгәы иаанагозҭгьы уи ахәаԥшразы ажәалагала ҟасҵомызт, аха иашазар ҟалап ҳәа сазхәыцуа салагеит. Аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәеит, азакәан ахәҭаҷ еилукаартә иҟазар изаҳԥсахуазеи? Уажәшьҭа алхраан аԥхьаӡара аԥҟарақәа аӡбарҭа ишаӡбаз ала иҟарҵозароуп, убри аҟынтә иҳамԥсахыргьы ҟалоит. Сыхәҭаахьала шәсазҵаауазар ауаҩы еиӷьны еилиргартә еиԥш иаҳа еилыхха иҟаҵазар еиӷьын. Уажәтәи аҭагылазаашьаҟны сҩызцәа ишырҳәо ала ишыҟоу иҟаз, ма ауаа еилаҳҵар ҟалоит. Алхратә комиссиа хада ашәҟы аарышьҭит апарламент ахь ргәаанагарақәа анҵаны, дара ҩажәаҟа зҵаара рызцәырҵит. Ишахәҭоу еиԥш азинтә еилакы ашҟа исышьҭит. Аилак аиҳабы Валери Агрба аамҭала Аԥсны дыҟаӡам, уи ихаҭыԥуаҩ дыҟоуп, аха аиҳабы дыҟамкәа далацәажәар иҭахым, аиҳабы дизыԥшуп", -иҳәеит Кәарҷиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳәар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0