Апартиа "Акзаара" ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы АКХ аҟны аҽҭанаҩит

© Sputnik АКХ
АКХ  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Акзаара" 2019 шықәса нанҳәамзазы имҩаԥысуаз алхрақәа раан акандидат иқәыргыларазы раԥхьа зыҽҭазҩыз партиоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит аполитикатә партиа "Акзаара" ("Единство") ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы. Абри атәы Sputnik иазаалыцҳаит АКХ амаӡаныҟәгаҩ Ануш Ходжикиан.

Лара илҳәеит апартиа АКХ аҟны ианҭарыҩ ашьҭахь аизара ду мҩаԥнагар шакәу атәыла ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы. Уаанӡа апартиа "Акзаара" ахантәаҩы Леонид Ӡаԥшьба Sputnik иазеиҭеиҳәахьан алхрақәа ихы шрылаирхәуа азы.

Ииасыз алхрақәа раан Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан жәҩык акандидатцәа. Ахада дицалырхуан уи зыӡбахә иҳәаз аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҟны абжьыҭаразы алхырҭатә ҭыԥқәа аартын аҭыԥантәи аамҭа асааҭ 8:00 рзы атәыла араионқәа зегьы рҟны.

Валерий Кварчия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит "Аԥсны ахада иалхразы" азакәан адепутатцәа иахьазы ишазыҟоу

Алхырҭатә ҭыԥқәа аартын асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Зынӡа Аԥсны иҟан 152 алхырҭатә ҭыԥ, 35 алхырҭатә ҭыԥ хада рҟны. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба аартын Урыстәыла иахьаҵанакуа: Москвеи Черкесски.

Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылан акандидатурақәа жәба – Рауль Ҳаџьымба, Алхас Кәыҵниа, Олег Аршба, Асҭамыр Ҭарба, Алмас Џьапуа, Леонид Ӡаԥшьба, Шамиль Аӡынба, Асҭамыр Какалиа, Артур Анқәаб.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи хәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсны атәылауаҩ. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Абжьыҭаразы азин рымоуп зықәра наӡахьоу, аҩнуҵҟатәи атәылауаҩшәҟәы жәытәқәа зыԥсаххьоу Аԥсны атәылауаа зегьы. Иҟоу адыррақәа рыла, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 118 нызқь иреиҳауп.

ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны
АКХ адепутатцәа рахь "Аԥсны ахада иалхразы" Азакәан ариашаразы ажәалагала нанашьҭит

2019 шықәса мшаԥы 4 рзы Апарламент аилатәараҟны адепутатцәа алхрақәа раан абжьыҭара апроцедурахь аԥсахрақәа аларгалеит. Апарламент асессиа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект инақәыршәаны, анацәа адырганҵареи абиуллетенқәа рҟны акандидатцәа рыхьӡқәа рҵәаӷәара аметоди аԥыхын, уажәшьҭа рыбжьы зырҭар ирҭаху акандидат ихьӡ авараҟны адырга ықәдыргылароуп. Абиуллетенқәа рҟны иарбоуп акандидатцәа жәҩык рыжәлақәа, иара убасгьы иарбоуп аграфа "зегьы сырҿагылоуп".

Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит абжьқәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟынтәи 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.

Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжьа ирхымгакәа.

Аҳәынҭқарра ахадас далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп аҩбатәи атур аан абжьқәа реиҳарак - алхыҩцәа рсиа иану рхыԥхьаӡара зегь аҟынтәи 25% иреиҵамкәа - зауз акандидат. Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0