Аныхачаԥеи аполитикеи, мамзаргьы ақырҭуа зҵаатәаҿы аԥсуаа хҭак ианеицҭадмыршәуа

Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳуаажәларраҿы аҭыӡшәа злыҵыз ақырҭуа политикатә хаҿқәа ахада ицхырааҩ ибзоурала Аԥсныҟа маӡала иааргаз аныхачаԥа иадҳәалаз ахҭысқәа ахҳәаа рылҭоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Аныхачаԥеи аполитикеи, мамзаргьы ақырҭуа зҵаатәаҿы аԥсуаа хҭак ианеицҭадмыршәуа

Ари абжьарак аҭыӡшәа ду зхылҵны идырххо Қарҭынтәи иааз аныхачаԥа ауп. Ишыжәдыруа еиԥш, уи  ҳтәыла иҭаргалеит ақырҭуа политикцәа, хаҭала "Алианс патриотов" ҵәатәы шьаҟас иамоу Ирма Инашвили лаԥхьагылара ала.

Ақырҭуа депутатцәа Елыртәи ауахәама иазааргаз аныхачаԥа архынҳәразы Галҟа игоуп

Ақырҭуа тема ҵаҵгәыс ишьҭыхны, аԥсуа политикаҿы акырынтә аидысларақәеи аибаррхарақәеи ҟалахьеит. Иҳаҩсыз амчра ахаан акәзар, ԥхынҷкәын 25, 2017 шықәсазы 20 шықәса аҭакра зқәыз ацәгьоуҩы Георги Лукава иоужьра иахҟьаны. Усҟантәи аоппозициаа амитинг дуқәа мҩаԥыргахьан имҳәа-мырзакәа ақырҭуа цәгьоуҩы ихы дахьақәиҭтәыз азы. Уи азы апрезидент ԥхьатәара ицаразгьы азҵаара ықәдыргылеит, аха усҟан уи анагӡара залмыршахеит.

Анаҩсан, ишәгәаласыршәоит, шықәсык аамҵыкәа акыршықәса Аԥсны иаалоз, шьҭрала Гал араион иатәыз, Санкт-Петербургтәи атеатр аҿы аҽазыҟаҵарақәа ирхысуаз агыруа баритон Георги Ҭодуа ажьырныҳәа 24, 2018 шықәсазы Гал агәыҳалалратә концерт мҩаԥигеит. Анаҩсан, дахьынтәааз даныгьежь, аполитика инамаданы ақырҭуа ҭыжьымҭақәа рҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит "Аԥсны ҳәа Ареспублика ыҟам" ҳəа. Аоппозициаа ракәзар, акыр иаршанхеит ашәаҳәаҩ иаара, усҟан Гал араион ахадас иҟаз Ҭемыр Надараиа "ԥхьатәара дцароуп" ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵеит рыдгылаҩцәа.

Абри зегь зысгәалашәо, усҟантәи аоппозициаа ақырҭуа тема акыр иџьбараны иазнеиуан, ҳаӷеиҭа рҽахыршьаарашәа иҟан. Рацәак мҵит, амчраҿ дара наӡеит, раԥхьатәи рҳәамҭақәа рҿы "Қырҭтәылеи ҳареи аицәажәарақәа ҳабжьалар ахәҭоуп" ҳәа ҳдырдырит. Иахьатәи амчра аусура иалагеижьҭеи шықәсыбжакгьы мҵыц, аха уаанӡа изҿагылоз ақырҭуа темақәа ирыхҟьеит дара рхаантәи раԥхьатәи аҭыӡшәагьы.

Ԥхыӡ иубар иузхамҵарымызт Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа дырԥыланы, ақырҭуа политикцәа зинда аҳәаа иахысны Елыр-ныха ашҭа иҭаргалеит аныхачаԥа ҳәа. "Асасцәа" раара маӡан, аха ақырҭуа политикцәа рыԥсадгьыл ахь ианыгьежь идырзеит акәымзар. Уаҟатәи аинформациатә хархәагақәа рыла ажәабжь Аԥсны иааҩит, уажәшьҭа ииасхьоу аамҭаҿы игылоу аҟаҵарбатә политикатә хҭысны иҟалеит.

Аӡынтәи аԥсуа политикатә кризис

Абасала, арольқәа рҽырыԥсахын, уажәы, уаанӡатәи апрезидент идгылаҩцәа, хаҭала ауаажәларратә ветернатә еиҿкаара "Аруаа" ахаҭарнакцәа Аслан Бжьаниа иааигәаладыршәеит ақырҭуа тема шаҟа иџьбароу. Дарбан оппозиционеру ари аҩыза атема иавсуа? Адунеи иалоу апандемиа аауханаршҭуа Инашвили "лҳамҭа" ааиҿаркит "Аруаа" атәыла ахада.

Аҭыӡшәа иахҟьаны ацхырааҩ Сақаниа ԥхьатәара дцеит. Амчра акәзар, аӡә ииҳәо даҽаӡәы еиҭеимҳәо, ражәақәа еимадамкәа иааҟалеит. Абри азҵаара аҩнуҵҟатәи аполитика ацәқәырԥа ашоура аашьҭнахит ҳазҭагылоу аамҭазы.

Аполитикатә ариа агыруа баритон ихаҿрала

"Аруаа" Апарламент аҿы апрезиденти дареи аиқәшәара роуртә иныҟәеит, амала ажурналистцәа аламырхәыкәа имҩаԥысит, убри аҟынтәи еиуеиԥышм ацәажәарақәа цәырҵит Бжьаниа ахҭыс иеиҭаз ахәшьаразы. Ганкахьала "агха ҳахьит" ҳәа иҳәеит рҳәеит, егьи аган апрезидент иган ала "усҵәҟьа акәмызт" рхәеит. Ажәакала, аполитикцәа Апарламент аҿы ажурналистцәа адымгалакәа рхы ааилакны еибырҳәаз иазку ииашоу аинформациа ауаажәларра ирмоуит. Аҭыӡшәа ашоура иацыз лаҟәит, "Аруаа" ахаҭарнакцәа Инашвили лнапы иқәыргыланы иаалгаз Аныхачаԥа аҳәааҿы иганы ианынрыжь.

Уажәшьҭа, "Алианс патиротов" ҵәатәы шьаҟас иамоу  Ирма Инашвили лхаҭа дашьҭалан илгоу, ма даҽаӡә дазыркуоу узымдыруа ҳара ҳҳәаахьчацәа рхыбраҿы ишьҭоуп. Акы заҵәык, еилкаамкәа инхаз, избан ари Аныхачаԥа аргьежьра Аԥсны ауахәама амаҵ азызуа ракәымкәа, аибашьра аветеранцәа қәашьс изроуз?

Елыртәи ауахәама апап ақырҭуа ныхачаԥа ҳамҭас аҭара провокациоуп иҳәеит

Ииашоуп, Аԥснытәи ауахәама ахаҭарнакцәа аҳәамҭа ҟарҵахьан, аныхачаԥа аагара дара ишрывгаз, ишырзымдыруаз, аха зегь акоуп иубоит адинхаҵаратә ԥҟарақәа раҵкыс аполитика шеиҳау. Аныхачаԥа аагара аполитикатә шәыгақәа рыла ихырҷоуп, ахҭыс ахаҭа бзиарас иаҵоу акгьы ыҟамазаргьы.

Абар маҷ ҵуама аибашьра еилгеижьҭеи, аха ақырҭуа зҵаатәы азы аԥсуа политикцәа хҭак еицҭадыршәуа изыҟамлеит. Ҳара иҳамоуп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, уи ахырхарҭа хаҭала апрезидент имҩақәиҵо ала аус ауазароуп. Еилкаамкәа инхеит, азин рымамкәа Аԥсны аҳәаа ишԥаҭалеи Қырҭтәылатәи "асасцәа"? Иабаҟоу Ашәарҭадара амаҵзура? Аԥсны ахада ицхырааҩ Лаша Сақаниа ихала иӡбны иҟаиҵарымызт, иара шасыс ари азҵаатәы даҿашәазаргьы.

Сара сгәанала, иҟазароуп аҳәынҭқарратә идеологиатә цәаҳәа 27 шықәса раԥхьа ҳара иҳабашьуаз Қырҭтәыла аганахь. Ицәырҵуа азҵаарақәа зегьы еиуеиԥшым аполитикатә гәыԥқәеи Аԥсны ахадареи еилацәажәаны имҩақәырҵозароуп. Ақырҭқәа ирацәажәатәызар, иззы, хықәкыс иҳамоузеи, нархас иамоузеи аԥсуа-қырҭуа еицәажәарақәа уҳәа, абарҭ зегьы аҿы аԥсуаа хҭак еицҭадыршәуазароуп. Аҩнуҵҟатәи азҵаарақәа рҿы аимак ыҟазаргьы, адәахьтәи, еиҳаракгьы Қырҭәыла аганахьтәи аԥсуа политика ҩбаны ишаны ҟалашьа амам, избанзар, уи иҵнашәаауеит ҳара ҳхьыԥшымра.

Азҵаара цәырцуеит, аныхачаԥа дыргьежьит, аха маӡала контрабанда ҳасабла Қырҭтәылантәи Аԥсны иҭанагало атауарқәа рызҵаатәы шԥаҟало? Ҳтәылауаа ргәабзиара ашьақәыргыларазы Қырҭтәылаҟа имцар ада ԥсыхәа амамкәаны иҟоу мҩас иазыԥшаатәузеи? Иаҳҳәар ҳалшома ҳара, иҳабашьуаз аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаилымсуа ҳаҟоуп ҳәа аныхачаԥа иааргаз ҳашҭа иҭыганы "иахьаажәгаз ижәга" ҳәа анраҳҳәо? Џьара иаҳбоит, џьара иаҳбаӡом?

Аԥсуа политика аҟама аҿеиԥш инаҳәааҳәуа иҟоуп, иацы амчраҿы иҟаз, уаанӡа зықәҿырымҭуаз иахьа рҽахыршьаауеит, иацы оппозициа иҟаз иацы ирҳәоз иахьа иркәаҳауеит. Ақырҭуа политикцәа ракәзар, еснагь ирыԥшаалоит ҳара ҳаибазырфаша атемақәа, ҳарҭ аԥшәмацәа хҭак ишеицҭаҳмыршәуа рдыруеит азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: