Агәҭаны аиара…

© Fotolia / Peych_pЗрительный зал в кинотеатре
Зрительный зал в кинотеатре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апоет Кьыршьал Чачхалиа иҳәан еиԥш, абарҭ еимаркуа ажәлар рызҵаара акәымкәа "агәҭаны аиароуп" ҳәа агәҩара лызцәырҵуеит уажәы-уажә ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа данрыхәаԥшуа Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Инеиԥынкыланы 20 шықәса иреиҳауп аԥсуа политикцәа ӷыӷеибагоижьҭеи. Инеиԥынкыланы абарҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа "ажәлар рзы ргәы шрыхьуа" азы аполитикатә сценаҿы иҳәацәоит дара.

Ауаатәыҩса ирҟазшьоуп агәрагара, убри аҟынтә, аԥсуа политикатә гәыԥқәа ирымоуп адгылаҩцәа, иара убас, ашькылкыҩцәа. Аамҭа цоит, "ажәлар рыхьӡала" имҩаԥысуеит ақәԥара, аҳәынҵәеиқәҭәара, аха абзиа аганахь ахархьуаа рыԥсҭазаара аԥсахра дуқәа аныԥшуам ҳамҳәозар. Аԥсуа политикцәа аҵыхәтәантәи аамҭазы амчра аҟынтәи аоппозициа аганахь заҟантә инеиааихьоу ацклаԥшрагьы уадаҩуп. Еиҭацуеит дара партиак аҟынтәи даҽа партиак ахь. Реиҳа злеишәа џьбароу аполитикцәа, аҭыԥ ду анаароулак, иҟәымшәышәӡа иааҟалоит рҟәардә ҵысаанӡа. Аҟәардә ду анҵысы ҳаӷеимшхара, адырҩаҽныҵәҟьа урҭ аполитикцәа иԥаԥашькха, "ажәлар ргәаҟра" ҳәа алексика ҷыда дырҿиоит.

Абас имҩасуеит ҳара хаԥсҭазаара. Апоет Кьыршьал Чачхалиа иҳәан еиԥш, абарҭ еимаркуа ажәлар рызҵаара акәымкәа "агәҭаны аиароуп" ҳәа агәҩара ҳазцәырҵуеит уажәы-уажә ҳтәылаҿы имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа ҳанрыхәаԥшуа. Абар ҳазҭагыло аамҭазы, ашықәс ҿыц ашара инаҵагыланы, иаацәырҵит даҽа кризискгьы. Уи ҵаҵӷәыс иамоуп ақырҭуа цәгьоуҩы Лукаа иоужьра. Амчрахь анеиразы Аԥсны имҩаԥысхьо аидысларақәа зегьы рысценариақәа еиԥшуп, аполитикцәа ирҿыҵаку ажәақәагьы рацәак еиҩыргом.

Митинг у здания парламента по вопросу выдачи Лукава - Sputnik Аҧсны
Аӡынтәи аԥсуа политикатә кризис

Атәыла анапхгара аус шырзымуа, ажәлар рыԥсҭазаара шыуадаҩу уҳәа, даара игәыҭшьаагоу ажәала еибыҭоуп ҳполитикцәа рықәгыларақәа. Ҳара ҳзымжьацда аасгәахәуеит уажәтәи ацәқәырԥа ҿыц санаҿаԥшуа.

Аиашазы, арҭ амшқәа рзы зҽеидызкылаз Ауаажәларратә аполитикатә хеидкылақәа реидгыла рыпресс-конференциақәа рҿы иқәдыргыло азҵаатәқәа аиаша иазааигәоуп, аха изҳәо рӷьырак амчраҿы зыҽԥызшәахьо роуп, уеизгьы-уеизгьы џьахаџьафарыла инхо аӡәгьы дрылам.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Агәҭаны аиара…

Нас, даҽазнык ажәлар агәра абаргари, арҭ ажәа лыԥшаахқәа зҳәо амчрахь иеиҭагьежьыр ҳаԥсҭазаара ҵәҩанҵәыҟа ишхало азы?! Амчра акәзаргьы, ари аамҭазы араионқәа рахь турне ҳасабла иныҟәоит, еизыргоит актив, иқәдыргылоит рыдгылаҩцәа "ҳаԥсҭазаара акыр ишеиӷьхаз" атәы аазырԥшуа ажәахә шьахәқәа ҳаҳауеит.

Издыруада, аԥсуа мчреи аоппозициеи ҳара ҳахьынхо инымхозар? Издыруада дара ирзымдыруазар, иахьа ахныҟәгага маҷ аҵкыс акыр еиҵоу аулафахәы зауа ауаа шыҟо? Еилаарцыруа ӷба дук иаҟароу рмашьына дуқәа ирҭатәаны иахьнеиааиуа, ауаа зеь рсоциалтә ԥсҭазаара ус иҳаркушәа рыбла иднарбозар?

Иҟамзар ҟалап даҽа тәылак, амчреи аппозициеи абас еишьашәаланы, ҩ-ашәхак реиԥш ирҳәогьы, рхатә политикатә биорафиақәагьы еиԥшны иахьыҟоу. Уажәы зҽеидызкылаз аполитикатә еилазаарақәа атәыла ахада ԥхьатәара ишьҭра азҵаатәы ишацәхьамҵыц ҳдырҳаит. Уи гәаҳәара бзиоуп амчрахь анеира зҭаху рзы, аха аҩызцәа, ажәлар ирзалоузеи абри зегьы, ишԥаԥсахри уи асценарии аус аур ҳара ҳаԥсҭазаара?

Иазгәасҭарц сҭахуп, аԥсуа политикатә қәԥара аҽшарӷәӷәаз Урыстәылантәи афинанстә цхыраара андәықәла ашьҭахь. Иахьа уажәраанӡагьы ажәлар алацәажәоит кредит ҳасабла амчра адгылаҩцәа уаанӡатәи амчра ахаан ирылажьыз аԥарақәа хнырҳәышьа рымамкәа ишынхаз.

Иахьа уажәраанӡагьы еилкаам Аихамҩатә кредит азы иахьырхәу азусҭцәоу? Аԥсны ахԥатәи апрезидентгьы "ишәыргьежь ауал" шиҳәоз ԥхьатәара дрышьҭит усҟан "ажәлар ирызгәаҟуаз" иоппонентцәа, уажәтәи атәыла ахадагьы зны-зынла иаашьҭихуеит уи акредитқәа рызҵаатәы, аха макьаназы ирзам хыда-гәыда урҭ атәыла аизырҳаразы иаашьҭыз аԥарақәа ишакәым ирызныҟәаз азусҭцәоу.

Маски - Sputnik Аҧсны
Атеатр ацәа зыҟәну аполитика

Сара сгәанала, абри зыхҟьо, аԥарақәа зтәызтәыз рахьтә иҟазар ауеит амчра иадгыло, иара убас, амчра иаҿагылогьы, убри аҟынтә, президентс иааилакгьы изы игәаӷьыуацәоуп урҭ аус рақәыршәара. Абас ҳанхоит шеишықәса, уажәшьҭаҵәҟьа аполитикцәа ирҳәараны иҟоу ҿырҳәала иаҳҵахьеит, игәызиану рыгәра зго ыҟазаргьы, инеиԥынкыланы, азеиԥш еихашьаала рзаҳуазар, еимаркуа "агәҭаны аиароуп" сгәахәуеит.

Сымч ақәхозҭгьы, Урыстәылантәи иаауа афинанстә цхыраара ааныскылон, иҟалап ҳрыцҳарақәа рӷьырак убра иҵәахызар, ҳазхазҵаз аҳәынҭқарра цхыраарак аҳасабла иаанашьҭуа аԥарақәа иреиҩаӡо рацәаҩуп, уаҟа иҟоуп алшара "ацха зшо инапы алишьуеит" захьӡу, уи алшара ухы иаурхәарц азы амчра унапаҿы иҟазароуп.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0