Ииасыз амчыбжь кьаҿын, хымш заҵәык ракәын иусурамшыз. Ус шакәызгьы аԥкырақәа рыҿҳәара инахан, АУН "Амшынеиқәафымцамч" аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иаркьаҿит, ареспубликаҿ иазгәаҭан Аконституциа амш.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Ижәытәу иҿыцу аԥкырақәа
Абҵара 24 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аковидтә ԥкырақәа ирыциҵеит ажьырныҳәа 12, 2021 шықәсанӡа.
Ареспубликаҿ аус руам: ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, иҟалом: ачарақәа, абанкетқә, акультуратәи аспорттәи уснагӡатәқәа рымҩаԥгара. Русура аанкылоуп: афитнес-центрқәа, атренажертә залқәа, абассеинқәа, СПА-салонқәа, асаунақәа, арҵаратә кружкқәа, акәашаратәи, арепетициатәи, аспорттәи залқәа русура.
Ауааԥсыра ирабыжьгоуп ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан ахыхьчаратә хархәагақәа ах рархәара, аԥсрақәеи аԥсхәрақәеи ирылахәу ауааԥсыра рхыԥхьаӡара рырмаҷра, аныҳәақәа раан акульттә обиектқәа (аҵакырақәа) рҟны ауаа рырмаҷра.
Абри аамҭазы икоммерциатәуи иккоммерциатәыми аиҿкаарақәа ирабжьгоуп руалафахәы рызныжьны 60 шықәса ирҭысхьоу, ашколқәраҟынӡатәии алагарҭатә школқәреи (1-4 аклассқәа) ирыҵаркуа ахәыҷқәа змоу русзуҩцәа рхы иақәиҭыртәырц ажьырныҳәа 12 2021 шықәсанӡа рулафахәы рызныжьны.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа имҩаԥыргоит ауаажәларратә транспорт аҿы асанитартә ԥҟаррақәа ишрықәныҟәо.
- Аԥсны аҳәынҭавтоинспекциа ауаажәларратә транспорт аҿы ареидқәа мҩаԥнагалоит
Гәымԥҳа ашколқәа рҿы аԥкрақәа рыцҵаразы: ҳхәыҷқәа ԥсыхәак рзутәуп, ас цашьа ҟалом
Иҟалааит алашара
Абҵара 23 рзы Апарламент ақәҵара аднакылеит ЕгрыГЕС аремонт иалгаанӡа ареспубликаҿы акриптовалиута аиуразы амаинингқәа русура аанкылахарц азы.
Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалан абҵара 15 рзы. Аханатә ҩба-ҩба сааҭ идырцәон.
Аԥсны афымцалашара арцәара аамҭа ԥшь-сааҭк рҟынтәи ҩ-сааҭк рҟынӡа иркьаҿуп абҵара 26 инаркны. Атәыла афымцамчсистема аидара аҵхра алыршахеит закәаншьаҭада ацәаҳәақәа рҽахьаԥыршьуаз. Уаанӡа АУН адырра ҟанаҵахьан аусбарҭа 85 маининг ферма абҵара 16 - 23 рыҩныҵҟа ишаҿыркхьаз азы.
Убас, Аԥсны ААР, АШәМ, афымцаҳақәа Аҟәатәи рнапхгараҭара русзуҩцәа иаадырԥшит Аҟәатәи афизико-техникатә институт ахыбраҿы 56 маининг-аппарат. Урҭ зегьы аҿыхын ҳәа адырра ҟаҵан Абаза ТВ аефир аҿы.
Иара убасгьы изакәанымкәа акриптовалиута ахьроуаз аферма аарԥшын Басла, агидрофымцастанциа ахыбраҿы.
Иара убасгьы адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 1 инаркны Урыстәыла Аԥсныҟа афымцалашара аунашьҭуа ишалаго азы.
Аенергосистема апроблемақәа рыӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр идикылаз АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуа.
- "Амшынеиқәафымцамч" аплан анҭыҵ алашара арцәара зыхҟьо еиҭарҳәеит
Логәуа: аенергетика апроблема аӡбразы ԥшь-миллиардк рҟынӡа аҭаххоит
Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт аан урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса заҟа ҟало атәы иҳәеит
Иаку аҵакыра
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини реиԥылара ашьҭахь ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтәи аекономикатәи зеиԥшҵакыра аиҿкаара апрограмма.
Апрограмма азырхоуп Аԥсны инхарҭәааны, Урыстәыла имҩаԥнаго аинтеграциатә процессқәа рылахәхаразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аҭаразы.
Адокумент 45 уснагӡатә-пункт рыла ишьақәгылоуп.
Апрограмма иаҵанакуеит: аҩба-тәылауаҩра, урыстәылатәи аинвистициақәа ралагаларазы азинтә актқәа, аинтеллектуалтә хатәтәра азин ахьчара уҳәа егьырҭгьы.
Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2021 - 2023 шықәсқәа рзы 2014 шықәсазы анапы зҵаҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа зегь нагӡахароуп.
2021 шықәсанӡа Аԥсны Аминистрцәа реилазаареи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҩба-тәылауаҩра азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра аус адуланы рнапы аҵарҩыроуп.
Апрограмма иара убасгьы иазыԥхьагъанаҭоит аҩба-шәахтәқәҵара ҟамларц атәылақәа реиҳабырақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭра аус адулареи анапаҵаҩреи.
Адокумент аенергетика азҵаарақәагьы аҵанакуеит. 2021 ықәса рашәарамзанӡа Аԥсны аиҳабыреи Урыстәыла Миненергои, Минекономразвитиеи, Миниусти аус рыдуланы ирыдыркылароуп анормативтә актқәа – урыстәылатәи афымцаҳатә еилахәырақәа ринвистициақәа рыдкыларазы, ареспублика афымцатә инфраструктура аҿиарази ашәарҭадарази.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Афедералтә ҳазалхратә еилаки 2023 шықәсанӡа иазырхианы анапы аҵарҩыроуп ҩ-ганктәи акт аҳазалхратә ҭышәныртәалара аусхк аҟны.
Атехника еиҭашьақәыргылоуп
Абҵара 24 рзы акомпиутертә томограф Гәдоуҭатәи COVID-центр аҿы аусура еиҭалагеит, москватәи аҟазауаа аремонт ҟарҵеит.
Акомпиутортә томограф аусура иаҟәыҵит жьҭаара 9 рзы. Хымш ааҵуаны арахь иааит Москватәи аҟазацәа адиагностика амҩаԥгараз.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб агәабзиарахьчара аусхк ахаҭарнакцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчара азҵаара алацәажәаразы.
Абҵарамзатәи арбагақәа рыла COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара 50% илаҟәит ҳәа иҳәеит аилацәажәараҿы Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Аминистрра адыррақәа рыла иҭҵаан 9,7% ауааԥсыра (23 878-ҩык), урҭ рҟынтәи 23,8% авирус рыдбалан. Апандемиа иаалагеижьҭеи 2,3% (5699-ҩык) чмазцәахеит.
Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит акоронавирус иахҟьаны иԥсыз рхыԥхьаӡара 1,2 % инаӡоит ичмазцәахаз рҟынтәи, ргәабзиара шьақәгылеит 76,6%.
- Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра: абҵарамзазы COVID-19 зыхьуа рхыԥхьаӡара тәеит
Ҵахнакьиа: COVID-19 змоу апациентцәа рзы 530 ҭыԥ рхиоуп Аԥсны
Ацитрустә рекорд
Цәыббрамза аҽеиҩшамҭа аахыс Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргахьеит быжьнызқь тонна ацитрусқәа. Уахыки-ҽнаки рыла аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуеит шәкы рҟынӡа еидарамҩангага машьына.
Арҭ арбагақәа ҩынтәны еиҳауп ҵыԥхтәи арбагақәа раасҭа.
Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахыргоит 200 тонна ацитрусқәа. Абри инадҳәаланы аҳазалхратә ҭыԥ "Адлер" арежим ҳарак ала аус ауеит.
2020 шықәсазы Гәылрыԥшь амандарина аҽаҩра аибашьра ашьҭахь ирекордтәхеит.
2020 шықәса рзы иазыԥшуп 22 000 тонна ацитрусқәа рыҟалара. Асеиԥш аибашьра ашьҭахь аҽаҩра бзиа ҟамлацызт.
Гәылрыԥшь араион ақыҭанхамҩа аиҳабы Рафик Григориан иҳәеит: "22 000 тонна инареиҳаны амандарина ҟалеит. Аиҳарак ахатә сектор ауп. Араион аҿы 2500 рҟынӡа нхамҩа ыҟоуп. Аибашьра ашьҭахь асеиԥш аҽаҩра ҟамлацызт"ҳәа.
Уажәы араион аҿы амандаринатә сезон иасакьаҳәымҭоуп, аха анхацәа иара аҭиразы апроблемақәа рызцәырҵит.
"Амандарина аҭира шьшьылаҳауп. Амашьына дуқәа маҷны иаауеит. Уаанӡатәи ашықәсқәа реиԥш иҟам. Уаанӡа аахәаҩцәа агәаран иқәгыланы иргон амандарина. Ирацәаҩын машьына ласыла аҳәаахь изгозгьы. Уажәы уи хашәала амам, избанзар уаанӡа 500-800 кьыла ргар ауазар, уажәы адеклорациа рымамкәа аҳәаа ирзахыгом", - иҳәоит иара.
Азакәан хада
Абҵара 26рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аконституциа Амш. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ажәлар ирыдиныҳәалеит ари амш.
"Аконституиа ақәныҟәара, уи ишьақәнаргыло аԥҟарақәа аҳәынҭқарра аԥсҭазаараҿы аԥхьагылара рыҭара ҳуалуп Аԥсны жәлар зегьы. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, аҭагылазаашьа аҽаԥсахуеит, аамҭа ҳҿаԥхьа иқәнаргылоит адҵа ҿыцқәа. Убри ауп хықәкы хадас иамоу Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы иаҧҵоу аҳәынҭқарратә комиссиа. Ихадоу ари аус аҟны аццакра ҟамлароуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳаиқәшаҳаҭны иҳадаҳкыло аиҭакрақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра арӷәӷәара, ԥхьаҟа ацара ишрызкхо", - иҳәеит Атәыла ахада.
- Габниа Аԥсны Аконституциа азы: аԥсахрақәа аларымгалаларц залшом
Аԥсуа театрқәа аҳәаанырцә
Ареспубликаҿы аԥкырақәа аус шыруагьы аԥснытәи атеатрқәа аҳәаанырцә русура ԥкым.
Убас, Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр Жәларбжьаратәи атеатртә фестиваль "Южная сцена", Ҟабарда-Балкариатәи ареспубликаҿ ԥхынҷкәын 3 - 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу иалахәхоит.
- Аԥсуа драматә театр Нальчиктәи афестиваль аҿы аспектакль "Цилиндр" днарбоит
Аԥсуа драматә театр Нальчиктәи афестиваль аҿы италиатәи адраматург Едуардо де Филиппо ипиеса иалху, арежиссер Бенар Ақаҩба иқәыргыламҭа аспектакль "Цилиндр" днарбоит.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Санкт-Петербург имҩаԥысуа афестиваль "Радуга" аҽаланархәуам. Уа иара иднарбараны иҟан аспектакль "Электра".