Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Еицырдыруа аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа ирацәаҩуп 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз.
Sputnik

2020 шықәсазы Аԥсны иаиуит ацәыӡқәа рацәаны, ҳажәлар ирыԥхеит еицырдыруа, зажәеи зуси акырԥхылнадоз, зышьҭа мыӡӡауа ауаа хатәрақәа. Иаҳгәалаҳаршәап урҭ.

Аполитикцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи

Тарас Шамба

Жьҭаара 13 рзы Аԥсни Урыстәылеи еицырдыруа ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩ Тарас Шамба акоронавирус ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Шамба 83 шықәса дырҭагылан.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Тарас Мирон-иԥа Шамба — ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет аректор ихаҭыԥуаҩ, Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс ацхантәаҩ. 1989 - 1991 шықәсқәа рзы Тарас Шамба СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа-абаза жәларқәа Адунеизегьтәи Рконгресс ахадас далхын. Абри аус дахагылан 25 шықәса инарзынаԥшуа.

Аламиа Тарас Шамба изы: иҳаракыраҟынӡа ауаа хагаланы, даргьы акы иаԥсоушәа рбо иҟаиҵон

Тарас Шамба – аҳәынҭқарреи, адемократиеи, азакәандырреи, азинеиҿкаареи, амилаҭ-ҳәынҭқарра ашьақәгылареи ирызку 300 инареиҳаны ҭҵаарадырратә усумҭа дравторуп.

Тарас Шамба – Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп.

2018 шықәса рзы Аԥсны ахада ианеишьеит аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара "Аԥсуа ҳәынҭқарра аҿиареи Кавказ ажәларқәа реидкылареи рҟны алшамҭа дуқәа рзы".

Тарас Шамба иԥсҭазаара зегьы зызкыз абаза жәлар ракәын ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакь.

"Тарас Шамба адунеи зегьы аҿы инхо абазақәа реидкыларазы илшамҭақәа рыхәшьара уадаҩуп. Реиқәыԥхьаӡарагьы ҵыхәаԥҵәарада уаҿызаауеит. Ҳара иус ԥхьаҟа хымԥада иацаҳҵоит", - иҳәеит Егзакь.

Анри Џьергьениа

Ажьырныҳәа 5 2020 шықәсазы, 79-шықәса дшырҭагылаз Москва иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ауаажәларратәи аполитикатәи усзуҩы Анри Џьергьениа.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз
"Уаҩык иаҳасабала, аԥсыуак иаҳасабала, аҵареи адырреи бзиа змаз, абаҩхатәра злаз, зус здыруаз, ҳмилаҭ ирылиааз аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа раԥхьа игылақәаз дыруаӡәкны дсыԥхьаӡон. Анри Михаил-иԥа Асоветтә мчра аамҭазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы аиҳабы ихаҭыԥуаҩс аус иуан. Иара ихы ааирԥшит амилаҭтә қәԥара ҳанааҭагыла аамҭазы. Владислав Арӡынба зегь реиҳа дааигәаны дыздыруаз, шьаҟас иҵагылаз иакәын. Урҭ рҩыџьа зегь реиҳа аџьабаа еидырбалеит амилаҭтә -хақәиҭратә қәԥараан. Анри Михаил-иԥа аиурист иаҳасабала мацара акәымкәа, уаҩык, патриотк иаҳасабала, ҵарауаҩык иаҳасабала аусқәа мҩаԥигон. Иара Владислав Арӡынба иқәгыларақәа рҿы абжьгаҩыс иҟаз иакәын, уи ивсны иарбанзаалак шәҟәык, зҵааразаалакгьы, инапы ахымгакәа ицомызт. Аибашьра ашьҭахь, 1994 шықәса рзы иаԥҵаз, аԥсуа -ақырҭуатә еимакы аполитикатә ҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра, иара иахьагьы аус зуа, еиҿызкааз, иаззырхиаз Анри Џьергьениа иакәын", - ҳәа игәалаиршәоит аполитика-уажәларратә усзуҩ Ныгәзар Ашәба.

Владимир Аҩӡба

Рашәарамза 20 рзы иԥсҭазаара далҵит адипломат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгылеи Аԥсни ажурналистцәа реидгыла алахәыла Владимир Аҩӡба.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Владимир Џьамал-иԥа Аҩӡба диит рашәара 25, 1937 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан.

Чамагәуа Владимир Аҩӡба изы: ауаҩы изнеишьа идыруан, дуаҩы аамсҭашәан

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы акомҿареидгылеи апартиатәи аусура даҿын, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредактор ихаҭыԥуаҩс дыҟан, апартиа Аԥснытәи аобком аҿы апропагандеи агитациеи рыҟәша деиҳабын, апартиа Тҟәарчалтәи ақалақьтә еилакы актәи амаӡаныҟәгаҩыс аус иуан, апартиа Аԥснытәи аобком аидеологиаз амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

Хынтә Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу Ахеилак ахь депутатс далырххьан. 1994 - 2014 шықәсқәа рзы Владимир Аҩӡба Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ Аԥсны Ахаҭарнакс дыҟан. Ианашьоуп иреиҳаӡоу адипломатиатә чын – Анапынҵа нагӡақәеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ. Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуан Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.

Ианашьан аорденқәа "Ахьӡ-аԥша" III аҩаӡара, "Аҳаҭыртә дырга", СССР амедалқәа.

Иван Зарандиа

Адукатцәа Рпалата ахантәаҩыс иҟаз Иван Зарандиа иԥсҭазаара далҵит 75 шықәса дшырҭагылаз хәажәкыра 30 рзы.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

1976 шықәса рзы Иван Зарандиа Красноиарсктәи ауниверситет ашьҭахь Тҟәарчал ақалақь аҿы аиуристәт консультациаҿы аусура далагеит.

Иван Чанҭа-иԥа Зарандиа диит цәыббра 30, 1945 шықәса рзы Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. 1966 - 1969 шықәсқәа рзы амилициаҿы аус иуан.

1973 – 1976 шш. – Красноиарск ақалақь Кировтәи РОВД ахьчаратә ҟәша деиҳабын.

1975 шықәсазы далгеит Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә университет.

1977 шықәсазы Аԥснытәи АССР адукатцәа Рколлегиа далахәылахеит. 1981 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҿы аиурист консультациа аиҳабыс дҟарҵеит. Абҵара 11, 1993 шықәса инаркны аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарра адукатцәа Рпалата ахантәаҩыс дыҟан.

Хьрыԥс Џьопуа

Ԥхынгәы 31 рзы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩы Хьрыԥс Џьапуа.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны Ахьӡ-Аԥша аорден 3-тәи аҩаӡара занашьоу Хьрыԥс Џьапуа диит Очамчыра араион, Ҷлоу ақыҭан. 1976 шықәсазы далгеит Гь. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат. 1985 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны иҵара хиркәшеит.

1984 шықәса инаркны 1992 шықәсанӡа Аԥсны аполиграфиатә-ааглыхратә акзаара ахырхарҭала еиуеиԥшым амаҵуратә ҭыԥқәа рҿы аус иуан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Аибашьра ашьҭахь Гәылрыԥшь, нас Очамчыра араионқәа рхадас дыҟан. 2013-2015 шықәсқәа рзы Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс даман.

Амедицина аусзуҩцәа

Зураб Ачба

Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада аҳақьым хада Зураб Ачба иԥсҭазаара далҵит рашәара 27 рзы.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Зураб Ачба диит 1965 шықәсазы Очамчыра ақалақь аҟны, 1989 шықәсазы далгеит Қарҭтәи Аҳәынҭқарратә медицинатә институт ахәышәтәратә факультет.

1992 - 1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветеранын.

1993 - 1998 шықәсқәа рзы Красноиарск ақалақь аҟны Амедицинатә цхыраара ласы ахәышәтәырҭа аԥҟарҭа аҟәша аординаторс дыҟан. 1998 - 2010 шықәсқәа рзы Гәылрыԥшь араион аҳақьым хадас, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра иатәу арратә госпиталь хада ахәышәтәратә ҟәша анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2010 шықәсазы агоспиталь ҳақьым хадас дахагылеит.

Владимир Баркаиа

Ажьырныҳәа 24 рзы иԥсҭазаара далҵит Амаамынҭҵаареи аекспирименталтә терапиеи рыҭҵаарадырратә институт иреиҳабӡоу аусзуҩ Владимир Баркаиа.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

Баркаиа аҭҵаарадырразы адиректор ихаҭыԥуаҩыс аинститут даман, ашьа апатофизиологиа аҟәша напхгара аиҭон, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ. Баркаиа аинститут аҟны аус иуан 1961 шықәса инаркны, амаамынқәа акосмос ахь рышьҭразы разыҟаҵара далахәын.

Борис Лапин

Аҟәатәи аексперименталтә патологиеи атерапиеи ринститут уаанӡатәи адиректор Борис Лапин 99-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит мшаԥымзазы.

Аԥсны Ахада апрофессор Лапин иеиҳәеит: шәара шәыҩны шәыҟоуп

Борис Лапин – апрофессор, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, амедицинатә приматологиа урыстәылатәи анаука-ҭҵааратә Институт анаукатә напхгаҩы 1958- 1992 шықәсқәа раан Аҟәа иҟаз Борис Лапин Асовет Еидгыла амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу НИИЕПиТ адиректорс дыҟан.

2017 шықәса рзы аҵарауаҩ Аҟәатәи амаамынқәа рпитомник аартра 90-шықәса ахыҵраан Аԥсны дыҟан.

"Аҟәеи Аԥсни адунеи иреиӷьу ҭыԥуп ҳәа исшьоит. Ԥсоу саныруа сгәы гәырӷьоит. Ҳмедико-биологиатә станциа акраамҭа Аԥсны ахьӡ ӡырнагон. Усҟантәи аамҭақәа раан абри апитомник аҟазаарала аӡәырҩы Аҟәа аӡбахә рдыруан", - ҳәа иҳәон иара.

Аҭҵаарадырреи акультуреи аусзуҩцәа

Ҭеимураз Ачыгәба

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Ҭеимураз Ачыгәба акоронавирустә чымазара иманы иԥсҭазаара далҵит абҵара 30 рзы.

Сима Дбарԥҳа Ҭеимураз Ачыгәба изы: иҭҵаарадырратә ҩымҭақәа рыла аиаша шьақәиргылон

Ҭеимураз Ачыгәба Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә ҵысра далахәын, Аԥсны Жәлар рфорум "Аидгылара" (1988–1992) анапхгара далахәылан, раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба Ифонд аиҳабы дихаҭыԥуаҩын, ианашьан "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара (2005).

Ҭеимураз Ачыгәба – аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор (2011), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент (2011), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик (2014) иԥсҭазаара далҵит абҵара 16 рзы, 74 шықәса дшырҭагылаз.

Андреи Бӷажәба

Аекономист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы Андреи Бӷажәба иԥсҭазаара далҵит жьҭаарамзазы.

Андреи Олег-иԥа Бӷажәба диит Аҟәа 1966 шықәсазы, далгеит Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол, иара убас Москватәи аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет. Аус иуан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет "Аекономикатә теориа" акафедраҟны.

Вахтанг Возба

68 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит еицырдыруаз акәашаҩ, Аԥсны жәлар рыкәашаратә ансамбль "Шьараҭын" асолист, Аԥсны Жәлар рартист Вахтанг Возба.

Ферзба Вахтанг Возба изы: диашьан, дҩызан, дкәашаҩ ӷәӷәан

Вахтанг Возба диит 1952 шықәса рзы. 1971шықәсазы Аҟәатәи акультура-рккаратә ҵараиурҭа далгеит. 1991 шықәсазы ААУ агеографиатә факультет далгеит.

1970 шықәсқәа рзы Возба Аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭын" иналукааша кәашаҩын, анаҩс ансамбль аҿы репетиторс дыҟан, ахәыҷтәы  хореографиатә ансамбль "Иааирума" анапхгара азиуан. Аколлектив далахәны адунеи атәылақәа 30 рҟынӡа рҟны аԥсуа ҟазара ӡыригахьан.

1990 шықәсазы "Аԥсны Жәлар рартист" ҳәа ахьӡ ҳарак ихҵан,  2000 шықәсазы ианашьан аорден "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара.

Вахтанг Возба иара убасгьы деицырдыруан Махаз ироль ала афильм "Пиры Валтасара или Ночь со Сталиным" аҿы.

Рафаель Гагәылиа

Аԥсны зҽаԥсазтəыз артист, Ахьӡ-Аҧша аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу, авокал-инструменттə ансамбль "Аԥсны-67" ашəаҳəаҩ Рафаель Гагəылиа иԥсҭазаара далҵит жәабранмзазы.

Владимир Агрба

Хәажәкырамзазы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырратә усзуҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, алитератураҭҵааҩы, жәлар рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа реизгаҩ, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Владимир Бабахь-иԥа Агрба.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

"Владимир Бабахь-иԥа дреиуан ҳара қәрала иҳаиҳабацәаз, ҳазҿыԥшуаз абиԥара. Ҳәарада, асовет аамҭазы иахьа рацәак ахархәара змам аидеологиа ззаҳҳәо, аха аԥсуа идеологиа шьақәзыргылоз ҳҵарауаа, хаҭҵааҩцәа дреиуан, избанзар, аԥсуа милаҭтә-хақәиҭратә қәԥара аханатә иԥсҭазаара зегьы уи иазкын, далагылан, аԥшьгаҩцәа дреиуан, иҩызцәа рыгәҭа дгылан. Аԥеиԥш азҵаарақәа зегьы ирыҵаркуаз далахәын, убысоуп ҳара дшаадыруа, ҳхаҿы дшаанхо. Ҳәарада, ари зегьы иаанаго уи ауп, аҵарауаҩ аҵарадырра мацара ихы азкны дыҟамызт, иара иԥсҭазаара зегьы ижәлар рҭагылзаашьа, ижәлар рԥеиԥш, иԥсадгьыл аԥеиԥш акәын аԥхьа иргылоз", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Абҳазоу.

Дамениа аҵарауаҩ Владимир Агрба изы: ԥсабарала дҵаулан, дуаҩы ԥшӡан

Алитератураҭҵааҩ, афольклорист, акритик, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Агрба диит 1935 шықәса ԥхынгәы 10 рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. 1959 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет аҟәша.

1965 шықәсазы далгеит Москва ақалақь аҟны Адунеитә литература аинститут аҟны иҟоу аспирантура. Шықәсык уи ашьҭахь ихьчеит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа поезиеи жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭеи" атемала. Амонографиақәеи алитература-критикатә статиақәа реизгақәеи акыр дравторуп.

Витали Амаршьан

Аԥсны Жәлар рпоет, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Витали Амаршьан иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 17 рзы.

Витали Амаршьан дуаҩ хатəран, дпоет дуун, дпрозаик дуун. Аханатəаахыс ҳлитература аҭоурых угозаргьы, иреиӷьыз ҳаԥсуа шəҟəыҩҩцəа, аклассикцəа дреиуан. Ҳбызшəа ыҟанаҵы, ҳажəлар ыҟанаҵы, иара иажəа, ибжьы наунагӡа Аԥсынра иацуп, ҳауаажəлар ирыцуп.

Аҩыза игәаларшәара: Витали Амаршьан изы ажәа

"Витали Амаршьан хашҭра иқəымкəа даанхоит иахьагьы, уаҵəгьы. Иажəа, иламыс, иуаҩра, иаԥсуара - зегь еизгоуп, убри ауп дҳаразкыз, Урыстəыла ду ахы-аҵыхəа изныкымкəа ибжьы захыҩыз, иҩымҭақəа зықьҩыла аԥхьаҩцəа уаҟагьы изааныркылаз. Араҟа иԥсадгьыл аҿы уи ахаан ԥсра ақəымкəа иаанхароуп, иааилшоз зегьы ҳажəлар рзы иҟаиҵеит, ҳлитературазы иҟаиҵеит, игəы-иԥсы ҭихит, еиҳаз даҽа маҵзурак имамызт, иԥсҭазаара зегьы абри иахҭниҵеит, уахь акрыҟазар далхымзааит, наунагӡа игəалашəара ҳацзааит", - ҳəа азгəеиҭоит Аԥсны Жəлар рпоет Мушьни Таииа-иԥа Лашəриа.

Адиле Аббас-оглы

Шәышықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

1938 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьыӡҵаны Аԥсны дыхцан. 1953 шықәса рзы, 16-шықәса рышьҭахь Аббас-оглы Аҟәаҟа дхынҳәит.

1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит.

2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".

Никуала Кәыҵниа

Аҧсуа литература аҿиара,аизҳара шьаҟас иаҵагылаз, ашәҟәыҩҩы, апоет,апрозаик Никәала Кәыҵниа иҧсҭаазара далҵит 83 шықәса дшырҭагылаз.

Никәала Кәыҵниа диит март 13 1938 шықәса рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭа. Дравторуп 10 томк аҩымҭақәа: ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа. 20 шықәса аус иуан ажурнал "Алашара" редактор хадас, иара убас Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дахантәаҩын.

Лагәлаа Никәала Кәыҵниа изы: иҵаулаз, ахара иԥшуаз шәҟәыҩҩын

Раҧхьаӡа акьыҧхь ахь дцәырҵит 1955 шықәса инаркны. Иажәеинраалақәа реизга "Аӡахәа" ,"Наунагӡа", "Арҭ ашықәсқәа", "Ақәа анлеиуа". Ипрозатә ҩымҭақәа ароман "Ашьа ицаша" "Алашә иблақәа аныхты" "Аҧшатлакә". Ишәҟәы "Акырц ашьҭахь" еиднакылеит аповести, ажәабжьқәеи "Иахьагьы, уаҵәгьы уаҵәашьҭахьгьы", "Аҿыхара", "Аныҳәа", "Аӡиас".

Ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: "Алашара", "Амцабз", "Аҧсны", "Советская Абхазия", "Республика Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Литературная газета" (Москва); аизгақәа "Ерцаху".

Александр Алавердиан

62 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит ахәыҷтәы музыкатә гәыԥ "Каданс" анапхгаҩы Александр Алавердиан.

Аполитикцәа, аҵарауаа, аҟазара аусзуҩцәа: 2020 шықәсазы Аԥсны иацәыӡыз

"Алик - ауаҩы дизааигәан, игәы ҭбаан. Иара ахәыҷтәы естрадатә гәыԥ аԥҵара атәы еснагь иҳәон. Уи иагьилшеит, ҟазарыла дазнеит. Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи зегьы бзиа деицырбон. Агәыԥ алахәылацәа рыҩаӡара жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҟынӡа инаргартә еиԥш ишьҭихит. Иага уҟазара ҳаракызаргьы, абаҩхатәра ду улазаргьы, ахәыҷқәа аус рыцура - уи даҽакуп. Убри аганахьала, ахәыҷқәа ишрацәажәатәу, урҭ ргәы иалымсырц ирыгу шрызнагатәу дақәшәон иара. Алик абык еиԥш дырхагылан, ахәыҷқәа амузыка абзиабара ахьынӡадиркыз ала иуҳәар ҟалоит ԥыҭҩык уи амҩа алызхуа шыҟало атәы", - ҳәа еиҭеиҳәеит аус ицызуаз амузыкант Ҭемыр Сымсым.