Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәымба Адиле Аббас –оглы лзы: ауаа ҷыдақәа дреиуан

© Foto / Facebook/Guram GumbaГурам Гумба
Гурам Гумба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Адиле Аббас –оглы лхаҭара далацәажәеит.
Гәымба Адиле Аббас - оглы лзы: ауаа ҷыдақәа дреиуан

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, "Ахьӡ -Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы Сталинтәи арепрессиақәа раан, Нестор Лакоба иҭаацәа рҟынтә зыԥсы ҭаны иаанхаз  аӡәзаҵәык лакәын. Адиле Шахбас-иԥҳа ажьырныҳәа 14 рзы лыԥсҭазаара далҵит. Ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзазы 100 шықәса лхыҵраны дыҟан.

Дом Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны
Лыԥсҭазаара далҵит Адиле Аббас-оглы

"Лара илхылгаз аҩыза ахлымӡаах зхызгаз рацәоуп 1930-тәи ашықәсқәа рзы арепрессиақәа раан, аха  урҭ рахьынтә иааԥшит ауаа ҷыдақәа, аџьамыӷәа ду зыхганы иуаҩны иаанхаз. Сара  еиҳараӡак  исгәалашәоит илылаз  адоуҳатә мчы. Уахьлыхәаԥшуаз шәагаала дыхәҷызшәа убон, аха агәамч ду лылан. Уанлацәажәоз аԥхарра ду, аенергиа уныруан. Илхылгаз зегьы дыриааины, ауаа рахь абзиабара ду аалырԥшуан. .. Ас еиԥш зылшо адунеи аҟны даара имаҷуп, иага лхылгазаргьы дуаҩы лашан, ус лыхьӡ аанлыжьит", - иҳәеит Гәымба.

Адиле Аббас-оглы "ажәлар раӷа" ҳәа лыхьыӡҵаны 1938 шықәса рзы Аԥсны дыхцан. 16-шықәса рышьҭахь 1953 шықәса рзы лара Аҟәаҟа дхынҳәит.

1956 шықәса рзы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа лхара лыхнахит. 1957 шықәса рзы Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет далгеит. 2005 шықәса рзы Адиле Аббас-оглы иҭлыжьит аԥсуа жәлар рҭоурых хлымӡаах атәы зҳәоз ашәҟәы "Не могу забыть".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0