Иахьа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Ахьӡ-Аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара акавалер, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аҳәынҭқарраҟны анапхгараҭаратә маҵурақәа ныҟәазгахьаз Хьрыԥс Родион-иԥа Џьапуа.
"Ҳажәлар дацәыӡит амилаҭтә ҵас бзианы издыруаз, зыуаҩра ҳаракыз аҳәынҭқарратә усзуҩ. Хьрыԥс Родион-иԥа Ҷлоу аҭаацәара ду аҟны изҳаит, маи 25 рзы иара 61 шықәса ихыҵит. Абзиара дуқәа ибараны даныҟаз аамҭазы иаалырҟьаны дҳацәцеит.
Ҳьрыԥс Џьапуа Аҟәатәи араҵаҩратә институт афилологиатә факультет доушьҭымҭоуп. Акурс аҟны идтәалаз Амԥарԥҳаи иареи рыԥсҭазаара еиларҵеит, хҩык ахшара роуит. Ихшара, имаҭацәа иаҳа рыбзиара анибашаз аамҭазы иԥсҭазаара далҵит", - иҳәеит Думаа.
Хьрыԥс Родион-иԥа Џьапуа анышә дамардоит иқыҭа гәакьа Ҷлоу.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ижәлар дырзааигәан, рыцәгьа-рыбзиа еснагь далагылан – Хьрыԥс Џьапуа игәалашәара иазкны