Инаигӡоз ашəақəа игəы аҟынтə иаауан: Рафаель Гагәылиа игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукРафаель Гагулия
Рафаель Гагулия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтəыз артист, Ахьӡ-Аҧша аорден ахԥатəи аҩаӡара занашьоу, авокал-инструменттə ансамбль "Аԥсны-67" ашəаҳəаҩ Рафаель Гагəылиа дигəалаиршəоит ансамбль асахьаркыратə напхгаҩы, Аԥсны зҽаҧсазтəыз артист Нодар Саӷариа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Авокал-инструменттə ансамбль "Аԥсны-67" аҧҵан 1967 шықəса рзы. Ансамбль арепертуар хадаратəла еиднакылон авторцəа аҧсышəала иаҧырҵоз ашəақəа, урҭ нагӡан ҳаамҭа иақəшəо аранжировка ала. Ашықəсқəа цон, ансамбль аилазаара аҽаҧсахуан, аха ахьӡ-аҧша ажəлар рҿы еицакра ақəымкəа иаанхон.

Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
"Ашәа еицаҳҳәап": "Аԥсны 67" ашәақәа

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ансамбль еиднакылон збаҩхатəра ссир ала ахəаҧшцəа хызххьаз ашəаҳəаҩцəа: Нодар Саӷариа, Рафаель Гагəылиа, Геннади Бебиа, Аркади Қриа, Лиудмила Гəымԥҳа. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ансамбль иаиуз ааха дуӡӡахеит Рафаель Гагəылиа иҧсҭазаара дахьалҵыз. Угəы ҭызшьаауа ари аҩыза ахҭыс Рафаель иҩызцəа реиҧш, иара дыздыруаз зегьы хьааны ирыдыркылеит. Иҩыза бзиа гəыблыла дигəалаиршəоит аҧсҭазаараҿы рҿиаратə мҩак ицанысыз Нодар Саӷариа.

"Аҭагылазаашьа злаҟоу ала, ацəажəара даара иуадаҩуп. Рафик лымкаала ашəа зҳəоз иакəын, даныхəыҷыз инаркны арҿиара амҩа данын. Ашкол данҭаз ахор аҿы ашəа иҳəон, нас ауниверситет дҭалеит, уаҟа орекстр еиҿкааны ирыман, уа ашəа иҳəон. Анаҩс, 1967 шықəса рзы, ҳара ҳмилаҭтə ашəақəа зҳəо реизгара ҳалагеит, иаргьы убра иҽалаирхəит", - ҳəа азгəеиҭоит Нодар Саӷариа.

Авокал инструменттə ансамбль "Аԥсны-67" арепертуар еиднакылоит 100 инареиҳаны ашəақəа. Урҭ рахьтə 30 ашəа, 2007 шықəса рзы ансамбль раҧхьатəи альбом "Ахьтəы коллекциа Аԥсны-67" иагəылалеит. Нодар Саӷариа игəалаирошəит Рафаель Гагəылиа илаз аҟазара аӡбахə, аԥсуа шəақəа шаҟа дрызҿлымҳаз.

"Аконцертқəа рнаҩсангьы, аиқəшəарақəа, аиҧыларақəа аныҟаз ҳазегьы ҳнеидтəаланы жəлар рашəақəа еицаҳҳəон излаҳалшоз ала. Рафик дызнысыз амҩа аҳəара цəгьоуп, усҵəҟьа имариамызт. Ужəлар рашəақəа аныуҳəо ухы-угəы аҟынӡа инеироуп, угəы иалсны ианыҟамла, ауаҩы изеилкааӡом, изидкылаӡом. Уи ус шакəыз бзианы еиликаауан Рафик", - игəалашəарақəа ҳацеиҩишон Аҧсны зҽаԥсазтəыз артист.

© Sputnik / Томас ТхайцукАвокал инструменттə ансамбль "Аҧсны-67"
Инаигӡоз ашəақəа игəы аҟынтə иаауан: Рафаель Гагәылиа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны
Авокал инструменттə ансамбль "Аҧсны-67"

Ансамбль "Аԥсны-67" ашəаҳəаҩцəа инарыгӡон еиуеиҧшым ашықəсқəа иргəылиааз ашəақəа еиуеиԥшым атематикақəа рыла, урҭ зегьы ҳмилаҭтə цəа рыҟəнын. Ашəаҳəаҩцəа зегьы дара рыбжьы ссир рхан, рхатəы азнеишьа рыман.

Аконцерт Ашәа еицаҳҳәап азкын еицырдыруа агәыԥ Аԥсны 67 50-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Еицаҳҳәап "Аԥсны 67" ашәақәа

Авокал-инструменттə ансамбль "Аԥсны-67" Аҧсны жəлар рыбзиабара иаԥсахахьан. Ансамбль 50 шықəса ишреиҳаугььы, урҭ алахəцəа еицакра рықəымкəа рҿара ашықəсқəа ирҿахəҳəаганы иаанхоит, рырҿиара акəзар акы иаламҩашьо ҳкультура аҭоурых аҿы ашьҭа ануп. Аԥсны зҽаԥсазтəыз артист Нодар Саӷариа игəалаиршəоит ансамбль аҳəаанырцə ианықəыглоз аҟынтəи хҭыск.

"Кампучиа ҳаҟан, ҳрепертуар хымҧада аҧсуа шəақəа алан. Ҳахьықəгылоз ҳмилаҭ абызшəа рзеилкаауамызт, аҧсуа бызшəа шаҟа иуадаҩу жəдыруеит, аха даара иазҿлымҳаны иазыӡырҩуан. Аҧсуа шəақəа иара иҳəозма, Лиудмила Гəымԥҳа илҳəозма, даҽаӡəы инаигӡозма, ҩынтə-хынтə иаҳҳəарц иҳаҳəон, еихсыҕьра зқəымыз напеинҟьарыла иаҳҧылон. Убас дыҟан Рафик, иуаажəлар пату рықəиҵон, ихы-игəы аҟынӡа инаганы, ицəа-ижьы иалсны азыӡырҩы иҟынӡа инаигон иашəақəа", - ҳəа азгəеиҭоит Нодар Саӷариа.

Дыҟамзар ҟалап аҧсыуак, ансамбль "Аԥсны-67" инанагӡо ашəақəа ҿырҳəала иззымдыруа. Иаҳҳəозар, "О, Фама, Фама, колхоз ҧара уфама", "Ах, шьыри, наныкьара", "Са суардын", "Сашьцəа" уҳəа.

"Раҧхьа ансамбль аҟны данааи инаркны, ҳазегьы ҳҳəоу еибакны аусура ҳалагеит. Ашəа аниаҳҭалак, аҩны дазхəыцны, ажəақəа, амелодиақəа ҭҵааны дазнеиуан, бзиа ибаны идикылон, ииашаҵəҟьаны абаҩхатəра бзиа илан. Аибашьра ашьҭахьгьы ҳааицəажəан, иазырҳəо ыҟамзаргьы ашəа ҳҳəалап, макьана ҳаҟоуп ҳҳəан ҳус нап аҳаркит, иахьынӡаҳалшоз арҿиара ҳаҿын иахьа уажəраанӡагьы. Аха, ишыжəбо еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ ҳақəшəеит, ҳҩыза гəакьа дҳаԥхеит", - иҳəеит Нодар Саӷариа иҩыза дизхьаауа.

Ашəа бзиа ахааназы ԥсра-ӡра ақəӡам, ансамбль "Аԥсны-67" ашəаҳəаҩцəа инарыгӡо ашəақəа ракəзар ҳажəлар ирылаҵəаны иҟоуп, ҳҭоурых ашьҭахьҟа ухьарԥшуа аԥсҭазаара уаҵəтəи амш лаша уагəыланахалоит. Аԥсны зҽаԥсазтəыз артист Рафаель Гагəылиа иакəзар, игəлашəара лашеи ибжьы хааи ҳажəлар ргəаҵаҿы наунагӡа иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0