Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лагәлаа Никәала Кәыҵниа изы: иҵаулаз, ахара иԥшуаз шәҟәыҩҩын

© SputnikАнатолий Лагулаа
Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа поет, апрозаик, апублицист Никәала Кәыҵниа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит абҵара 25. Арадио Sputnik аефир аҟны уи дигәалаиршәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Лагәлаа Никәала Кәыҵниа изы: иҵаулаз, ахара иԥшуаз шәҟәыҩҩын

"Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ацәыӡ ду ҳауит, ҳаиҳаб бзиа, ажурнал "Алашара" аҟны акыр шықәса аус зухьаз, аԥсуа шәҟәҩыраҟны акыр аџьабаа збахьаз, зҩымҭақәа рыла Аԥсны еицырдыруаз Никәала Кәыҵниа. Иара акыр аџьабаа адибалеит ажурнал "Алашара", ҩажәа шықәса инареиҳаны аредактор хадас дыҟан. Иара дахьуцаз аӷба уҭан, избанзар иара иҵаулаз, ахара иԥшуаз шәҟәыҩҩын. Ибзианы идыруан аԥсуа еиԥш адунеитә литература, ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ҩызцәас иман. Ҳлитератураҟны зпрозатәи зпоезиатәи рҿиамҭақәа наҟ-наҟ ҳҿар зыргәырӷьраны иҟоу рыӡбахә анаҳҳәо ашәҟәыҩҩцәа адуқәа, абзиақәа Никуала Кәыҵниа рыгәҭацәҟьа дышгылоу даанхоит ахааназ", - иҳәеит Лагәлаа.

Шәазыӡырҩа аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0