Ари амчыбжь азы атәыла ахада аковид иаҿагылоу ауснагӡатәқәа еиҳа ирԥсыҽны рыцҵара ахәҭаны иазиԥхьаӡеит, аиҳабыра имҩаԥыргеит аинфраструктуратә обиектқәа реиҭашьақәыргыларазы аиԥыларақәа, азинхьчаҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иаҭааит, ареспублика амилаҭтә уаԥшьқәа Владимир Путин идгылеит.
Аԥкрақәа ԥсыҽхоит
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацырҵоит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа Акоординациатә штаб 2021 шықәса жәабран 9 азтәи аӡбара шьаҭас иҟаҵаны.
Адокумент инақәыршәаны азин ыҟам: ачарақәа, аныҳәақәа уҳәа егьырҭ амассатә уснагӡатәқәа абанкеттә залқәеи егьырҭ ауаажәларратә крыфарачара аобиектқәеи рҿы рымҩаԥгара; амассатә, аспорттә, арлахҿыхратә, ацәыргақәҵатә усмҩаԥгатәқәа ахыбрақәа рыҩнуҵҟа рымҩаԥгара; аспорттә обиектқәа русура (афитнес-центрқәа, атренажиортә залқәа, аӡсарҭатә бассеинқәа) аҳауаҿы абаҩрҵәыра-спорттә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи ада; СПА-салонқәа, асаунақәа русура; арҵаратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, арепетициатә секциақәа русура иарку азалқәа рҿы.
Убри аан ауаажәларратә ҭыԥқәа рҟны рыҟазаараан, ауаажәларратә транспорти атаксии рҿы ахыхьчаратә хархәагақәа рхархәара хымԥадатәиуп. Ареспублика иахьаҵанакуа афатә, ақыҭанхамҩатә, ацәамаҭәатә џьармыкьақәа рҟны аусура аҭыԥантәи ахадарақәа иҳәаақәырҵо аграфик инақәыршәаны еиҿкаатәуп.
Иҟоуп ирԥсыҽу аԥкырақәа: 2021 шықәса жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә классқәеи (1-4 аклассқәа) русура алагара. Жәабран 22 инаркны аҵаратә процесс иалагар рылшоит 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа.
Жәабран 15 инаркны акультуратә усҳәарҭақәа русуразы азин ҟаҵоуп, асанитар-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи ирықәныҟәаны.
Жәабран 15 инаркны азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәа адәаҿы русура хацдыркыр рылшоит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, амаҵуратә персонал ахыхьчагақәа рыманы.
Жәабран 22 инаркны акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи уаанӡатәи ррежим иазыхынҳәуеит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, атәарҭаҭыԥқәа 50 процент аиҳа имырҭәыкәа.
Хаз игоу аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа алагалан Гагра араион аҿы.
- Сарсаниаԥҳа: ҳашколқәа русура ахацыркра ныҳәак иаҳзаҩызоуп
Аԥсны аковидҿагыларатә ԥкрақәа: COVID-19 аламырҵәаразы аштаб ажәалагалақәа
Амҩа ҿыцқәа
Жәабран 9 рзы Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра.
Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.
Иазԥхьагәаҭоуп аихамҩа Азербаиџьан мрагыларатәи ахәҭала ииасуеит, Ермантәылагьы 1992 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Урыстәылаҟа адәыӷбақәа дәықәнаҵап, иара убасгьы Иран ахь анеирҭа аиуп ҳәа. Бақәа акәзар, 30 шықәса раахыс Нахичевантәи автономтә республикеи Ҭырқәтәылеи аҽрымадара алшо иҟалоит.
Аҵарауаҩ Карине Геворкиан Sputnik аефир аҿы иазгәалҭеит Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь иҟанаҵаз адырра - ареспублика Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра ишазыхиоу атәы аԥеиԥш шамоу, аха уи азы аполитикатә зҵаарақәа шыӡбатәу.
"Ԥхьаҟа ари аганқәа зегьы еицырзыфеидоу усуп. Х-ганктәи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь, аҩбатәи Ҟарабахтәи аибашьра ашьҭахь еилаҳкаауеит аихамҩатә еимадара аартхар шалшо", - ҳәа лҳәеит Геворкиан.
Лара лажәақәа рыла, убри аан ермантәылатәи атранзит ацәыӡыр алшоит Қырҭтәыла. Аԥсны ажәадгалагьы ақырҭуа политикцәеи аекспертцәеи агәҭынчымра рызцәырнагеит.
Геворкиан иазгәалҭеит Урыстәылеи Ермантәылеи акоммуникациатә еимадарақәа ишрышьҭоу азеиԥш ҳәаа ахьыҟам азы.
Аԥсуа Парламент ажәадгала далацәажәеит Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
"Уаанӡагьы аимак-аиҿак ыҟан ари атемала, аха усҟан акахьы ҳзымнеит, избанзар ақырҭуа ган Аԥсуа еихамҩахәҭа асовет аамҭазы ишыҟаз аиԥш – ақырҭуа еихамҩа аԥсуахәҭа ҳәа иҟазар рҭахын. Аԥсуа ган уи иақәшаҳаҭымхеит", - ҳәа иҳәеит Сергеи Шамба.
МГИМО Кавказ апроблемақәеи арегионалтә шәарҭадареи Рцентр аусзуҩ еиҳабы Николаи Силаев радио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ари апроект аԥынгылақәа шамоу.
"Техникатә ԥынгыланы иҟоуп амҩа акурорттә ҵакыраҿы, амшынԥшаҳәа иқәганы иахьгоу. Асовет аамҭазы ари амҩа аидарамҩангага мҩа ҳәа ахархәара арҭомызт. Аполитикатә ԥынгыла – Аԥсни Ермантәылеи еиԥным. Ус анакәха Қырҭтәыла атранзит иақәшаҳаҭхароуп. Қарҭи Аҟәеи еилацәажәар акәхоит атранзит азы. Уи иаанаго Аԥсны ахьыԥшымра де-факто азхаҵароуп. Қырҭтәыла уи иақәшаҳаҭхом", - ҳәа иҳәеит аполитолог.
Аԥшьаша жәабран 11 рзы Росавиациаҿ имҩаԥган Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы аҳаиртә еимадара азҵааразы аконсультациақәа.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳаи аҳаиртә транспорт Афедералтә маҵзура анапхгаҩы Александр Нерадькои Москва аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аганқәа инарҵауланы ирылацәажәеит апроекттә усурақәа реиҿкаара азҵаарақәа, абаӷәаза ахыбрақәеи аобиектқәеи рыргылареи аҳауатә ныҟәара анапхгаратә система аиҿкаареи налаҵаны.
Кристины Озганԥҳа лажәақәа рыла, Аԥсны ақәгәыӷуеит аҳаиртә баӷәаза акомплекс аобиектқәа апроект рзыҟаҵара сынтәа иалагоит ҳәа.
Аҳаиртә еимадара аиҭахацыркра азҵааразы аԥсуа-аурыс усутә гәыԥ аинырра аконструктивтә ҟазшьа амоуп, апрактикахь ииасуеит ҳәа иҳәеит Нерадько. Аус адулоуп амҩақәҵаратә хсаалага, апроекттә еиҿкаарақәа ирацәажәоит ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла, аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аграждантә авиациа аусхк аҟны еицырзыфеидоу аусеицура арҿиареи арӷәӷәареи ринтерес шрымоу.
Жәабран 12 рзы Аекономика аминистрра ирыланаҳәеит авиациа аусхк аҟны аҟазауаа шрыдрыԥхьало урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҽазыҟаҵаразы.
СССР ахь ахынҳәра
Галтәи ажәҩаҵшьырҭатә база еиҭашьақәыргылахар ҟалоит. Араҟа иҟаз аолимпиатә базаҿ иазыҟарҵон Асовет Еидгыла ажәҩаҵшьыҩцәа – аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла. Уажәы, 1992-1993 шықәсатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аспорттә инфраструктура цәынхакгьы аанымхеит.
2020 шықәсазы уаанӡатәи аилацәажәарақәа рыла ареспубликаҿ иааны иҟан урыстәылатәи аделегациа. Дара имҩаԥгатәны иҟоу аусурақәа рымҽхак азгәарҭараны иҟоуп. Аделегациа иалахәын Урыстәыла аспорт аминистр иабжьгаҩ Михаил Дремов, аӡырҳәыԥқәеи аканоеқәеи рыла ажәҩаҵшьразы Урыстәылазегьтәи Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Миронов.
Аԥсны иҟаз аделегациа жәамш рыҩнуҵҟа Урыстәыла аспорт аминистр идикылараны дыҟоуп. Уаҟа иӡбахоит абаза ԥхьаҟатәи алахьынҵа.
Ажәҩаҵшьырҭатә база "Речхә" асовет спортсменцәа Разыҟаҵаратә центр акәын. Аракәын Европа, адунеи, аолимпиатә хәмаррақәа рҽырхьырзыҟарҵоз. Уи адагьы, ара имҩаԥысуан 250, 500, 1000 метратәи СССР ачемпионатқәа.
Апрокуратура хада аҳасабырба
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәны Апрокуратура хада инарҭбаау аколлегиа аҳасабырбатә еилатәара мҩаԥысит жәабран 10 рзы.
2020 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 762 цәгьоура. Уи 29 цәгьоура рыла еиҳауп 2019 шықәсазы аасҭа. Иаадырԥшуа ацәгьоурақәа 45,5% ыҟоуп. 2020 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 164 ӷьычра - 22% ацәгьоурақәа зегь рхыԥхьаӡараҟынтә. 37 цәгьоура атәылауаа рӷьычра, арҳәрақәа, ақәыларақәа иреиуоуп. Уи 2019 шықәсазы аасҭа жә-цәгьоурак рыла еиҵоуп.
2020 шықәсазы иазгәаҭан ҩыџьа ауаа рӷьычра, руак аарԥшуп, 2019 шықәсазы х-уаҩӷьычрак ыҟан, акгьы аарԥшымызт. Анаркотикқәа реикәыршара аганахьала 2020 шықәсазы 221 цәгьоура ашәҟәы иҭагалан. 14 цәгьоура рыла 2019 шықәсазы аасҭа еиҵан.
Аҳасабырбатә аамҭазы 198 мҩатә машәыр аҭыԥ рыман, 57-ҩык ҭахеит. 2019 шықәсазы 197 мҩатә машәыр аҭыԥ рыман, 56-ҩык ҭахеит.
Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы Алхас Аҩӡба, Асҭамуыр Шамба, Доминика Ақырҭааԥҳа рышьразы аусҭҵаара хыркәшоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит аколлегиаҿы.
Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иҳәеит абри аус аганахьала агәызҩара зызрымоу ауаа шаанкылоу, ишҭаку. Кәыҵниа иазгәеиҭеит аусҭҵаара аамҭа рацәа загаз иахәҭаны иҟаз аекспертизақәа рымҩаԥгара ахьымҩаԥысуа азы шакәу.
Аколлегиаҿ дықәгылеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа, иагьиҳәеит аԥсуа закәанԥҵараҿ ацәгьа зуа рхы иадырхәаша абжьажьрақәа шырацәоу.
"Уск сылаԥш иҵсыршәараны сыҟам, апрокуратура хада аусзуҩцәа рзы агәаанагара ҵоураны иҟаларцаз. Саргьы дара рганахьала агха смыхьырц. Ари акраҵанакуеит, избанзар аҳәынҭқарра аргылараҿы ари аусбарҭа аҵакы дуӡӡоуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Ахада иазгәеиҭеит Апрокуратура хада акоррупциа ҳаҿагылоит ҳәа ирҳәо адекларативтә ҟазшьа амамзар шакәу. Иара убасгьы иазгәеиҭеит апрокуратуреи аӡбарҭатә корпуси аимадара рыманы иҟазар шакәу.
"Апрокуратура азыҳәа ҟанаҵоит лкаак азы, аӡбарҭа уи еиҭанакуеит. Иаҳҭахума ҳара уи аҩыза аивыгара. Ашьаустә закәанеидкыла иалажәгала аиҭакрақәа. Иахьатәи аамҭазы даҽакала иҟалом", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара убасгьы иҳәеит уаанӡатәи ахада Апарламент ахь инаишьҭыз аиҿкааратә цәгьоуразы азакәангьы аԥсахрақәа шалагалатәу.
Аслан Бжьаниа иҳәеит мшаԥы акы азы азакәанқәа рыпроектқәа рахь аԥсахрақәа азырхианы иҟазар шакәу акоррупциеи аиҿкааратә цәгьоуреи рганахьала.
"Аиҳарак аҳәынҭқарратә, абиуџьеттә ԥарақәа рныхра ахәҭаҿы иныҭкааны валашьа амамкәа ишьақәыргылатәуп", - иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Азинхьчаҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы
2020 шықәсазы Апрокуратура хада асаит аҿы икьыԥхьын Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы абиуџьеттә ԥарақәа хықәкыда рхархәараз агәаҭара алкаақәа.
Апрокуратура хада аинформациала ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Аполлон Гәыргәлиеи, ихаҭыԥуаҩ Георги Воубеи, анаплакҩы Аслан Цкәуеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи инақәыршәаны Цкәуа хнырҳәрада иҭан ареагентқәа, ареспубликатә биуџьет аԥарақәа - 1 262 456 мааҭ рыхә ала иаахәаз. Ареагентқәа ахәышәтәырҭа апациентцәа алабораториатә маҵзура рыҭаразы хәԥсала ахархәара рыҭан.
Уи адагьы Цкәуа ихатә интересқәа рзы ахәышәтәырҭа амедперсонал аусурахь инашьҭын. Апрокуратура хада Гәыргәлиеи Воубеи алеишәатә ҭакԥхықәра рыднаҵеит.
Ажьырныҳәа 25 рзы Георги Воуба ари ахҭыс иашам ҳәа ашәҟәы алеиҵеит. Иара аҳәамҭа ҟаиҵеит аусбарҭа амазаратә ԥхасҭа аҭоуп ҳәа иҳәоу азы агәаҭарацҵа мҩаԥгатәуп ҳәа. Георги Воуба иҳәоит апрокурортә гәаҭара ҭкааны имҩаԥгамызт, уи ауп асеиԥш алкаақәа зыҟаҵаз ҳәа.
Воуба иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭаҿы 20 шықәса инареиҳаны аус шиухьоу, алеишәатә харагьы зныкгьы дшаҵамгылац.
"Сара снапынҵақәа еснагь ламысцқьала инасыгӡоит", - ҳәа иҩуеит иара арзаҳал аҿы, иагьазгәеиҭеит Апрокуратура хада алкаақәа аусура аганахьала аимак ахьизыбжьоу усзуҩцәақәак ражәақәа шьаҭас ишарҭаз.
Жәабран 10 рзы асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәеит аинформациа Аԥсны ААР аҟәша ҷыдақәа русзуҩцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа иақәлеит Воубеи Гәыргәлиеи раанкылараз ҳәа.
Ателеканал Абаза ТВ ала Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал ари аинформациа иашоуп ҳәа иҳәеит.
"Ҳара ахәышәтәырҭаҟны ҳаннеи акабинетқәа ирыжәлеит ҳәа рҳәеит. Ари ҟалашьа змам усуп. Усеиԥш ахымҩаԥгашьа аарԥшра аҭахымызт ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит иара.
Жәабран 11 рзы Апрокуратура хада Воубеи Гәыргәлиеи раанкыларазы уснагӡатәык мҩаԥгамызт ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.
"Аԥсны ААР аҟәша ҷыдақәа аусҭҵаара ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа - анапхгара рмаҵзуратә кабинетқәа - рыхьчон. Воуба икабинет аҿы аԥшааратә усурақәа рымҩаԥгара иара Воуба Г.В. ихаҭа иеиԥш иуацәеи амедперсонали аҿагылара арҭеит", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Ахҭыс ашьҭахь Аԥсны аҳақьымцәа гәыԥҩык ахада ихьӡалеи Апарламент ахьи ашәҟәы нарышьҭит Апрокуратура хада ахымҩаԥгашьа агрессиатә ҟазшьа аман, аҳақьымцәа раҳаҭыр ланарҟәуеит ҳәа.
Аҳәамҭаҿ иазгәаҭан аԥшааратә усурақәа рымҩаԥгаразы Аԥсны ААР аусзуҩцәа асабардақәа рҿаҵаны, амаҵзуратә лақәа рыманы инеит атеррористцәа ааныркылошәа ҳәа.
Иара убасгьы аҳақьымцәа иазгәарҭеит иарбоу ахҭысқәа раан Георги Воуба игәы ихьны амедицинатә цхыраара иҭараҟынӡа аҭагылазаашьа шьақәгылеит ҳәа.
Ус шакәызгьы Воуба дыҟамкәа икабинет гәаҭатәуп ҳәа ашә аԥҽразгьы аҽазышәарақәа ҟаҵан. Амедперсонал дара ишырбо агәаҭарақәа рымҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит. Убри аан ачымазцәа ахылаԥшра рыгын.
Апарламенти атәыла ахадеи арзаҳал аҭак ҟарымҵацт.
Аҭарақәеи амхрақәеи
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 2019 шықәса жьҭаарамза раахыс хантәаҩыс иҟаз Гурам Инаԥшьба имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәын жәабран 10, 2021 шықәсазы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩыс даиҭеит Оҭар Хьециа.
Аԥсны ахада идҵа инақәыршәаны Станислав Амҷба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Уи ицымхәрас Очамчыра араион ахада инапынҵақәа наигӡалоит актәи ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусԥҟала Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дҟаҵоуп Роберт Киут.
Роберт Киут лаҵара 18, 2020 шықәса инаркны Аԥсны АШәМ ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, аамҭалагьы Аԥсны АШәМ ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡон.
Путин идгыларазы
Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб. Аԥсны еиҿкаау аерман уаԥшь Владимир Путин идгылараз аштаб рҽаладырхәырц рыӡбеит.
Аԥсны иҟоу аерман уаԥшь ахада Галуст Трапизониан иазгәеиҭеит Аԥсназы Урыстәыла иааигәоу гәыла бзиоуп, стратегиатә партниоруп, ажәларқәагьы аиҩызаратә еизыҟазаашьа рымоуп ҳәа.
Путин идгыларатә штаб аҽаланархәит Абырзен культуратә центр "Ирини".
- Аԥсны абырзен уаԥшь Путин идгыларазы Аштаб аҽаланархәуеит
Аԥсны аерман уаԥшь Путин идгылара аштаб рҽаладырхәит
Ихуаадоу арахә рҭыԥ рықәҵара
Гәдоуҭа хылаԥшрада игәароу арахә рганахьала ауснагӡатә ҿыцқәа мҩаԥгахалоит аԥшәмацәа рырахә ақалақь ахь рынашьҭра иаҟәыҵаанӡа.
Ақалақь иахьаҵанакуа иныҟәо аԥстәқәа араион акоммуналтә маҵзурақәа ақалақь иалганы иоурышьҭлоит уажәшьҭарнахыс.
Сымсым иажәақәа рыла, ихуаадоу аԥстәқәа рыпроблема ыҟоижьҭеи акрааҵуеит. Анапхгара изныкымкәа рҽазыршәахьеит уи аус аӡбаразы ахараԥсатә санкциақәа рышьақәыргылара, ма рҭакра ала, аха лҵшәа амоуит.
- Џьапуа еиҭеиҳәеит иԥсабаратәым аметод ала арахә рыжәла аизырҳаразы лшарас иҟало