АҞӘА, жәабран 2- Sputnik. Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.
Аштаб алахәылацәа Аԥсны атәылауааи рџьынџьуааи рахь -ааԥхьара ҟарҵеит Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә еиҿкаара рҽаладырхәырц.
"Вашингтони урҭ Қырҭтәылатәи рыдгылаҩцәеи Урыстәыла арежим аԥсахра даара ирҭахуп. Дара рзы иарбанызаалак Урыстәыла иҟалар зылшо аилаҩеиласра, Урыстәыла аҵшәаара, Владимир Путин ишьақәҟьара, Аԥсны рнапаҿы аагара, Аԥсны ахьыԥшымра мап ацәкра, ареспубликаҟынтәи ар ралгара гәырӷьара дууп", - аҳәоит аштаб ааԥхьараҿы.
Аиҿкаара иалахәуп ауаажәларратә аԥҵарақәа: "Аԥсны аурыс уаԥшь", "Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказақцәа рыр", "Аԥсны аказақцәеи аибашьра иалахәыз аказақцәа-аветеранцәеи Реидгыла", Аԥсни, Урыстәылеи, ДЖәРИ, ЛЖәРи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы Афонд "Отечество", "Аԥсны инхо урыстәылатәи аџьынџьуаа аекономикатә цхыраара рыҭараз Ассоциациа, "Аԥснытәи аказақцәа руаԥшь".
Аштаб алахәылацәа рнырра алшоит абри аҭел ала: +7 (840) 229-40-40.