АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Михаил Мурашкои реиԥылараан ирылацәажәеит агәабзиарахьчара аусхк аҟны аурыс-аԥсуа усеицура азҵаарақәа ҳәа аҳәоит ахада исаит.
Аԥсны ахада ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны COVID-19 иаҿагыланы ақәԥараҿы иҟанаҵо ацхырааразы. Иазгәаҭоуп 2020 шықәсазы:
- Аԥсныҟа ҩынтә иааны ишыҟаз Агәабзиарахьчара аминистрреи Роспотребнадзори рделегациақәа;
- Ишырманшәалаз акоронавирустә инфекциа злаҽыз урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рахь ргаара асистема;
- Гәдоуҭатәи аковидтә центр аҿы ацхыраара шыҟарҵоз урыстәылатәи аҟазауаа рыбригадақәа;
- Ставропольтәи аҿкчымазараҿагыларатә институт аепидемиологцәеи авирусологцәеи рколлегацәа ирыцхрааразы ареспубликатә баклабораториақәа изныкымкәа ишырҭаахьоу;
- Аԥсны Урыстәыла аҟынтәи ишаиухьоу 50 000 диагностикатә тест система.
Аиԥылараҿы иазгәаҭан атәылақәа рыҩба рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицура амҩаԥысшьа.
Убас, Урыстәыла хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса асистемаҿ аԥгаԥса ҟарҵеит Аԥсны инхо урыстәылаа 50 нызқьҩык. Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуижьҭеи аԥгаԥсатә цхыраара роухьеит 4000-ҩык атәылауаа.
Аганқәа иазгәарҭеит Аԥсны аҵакыраҿ иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа хәшәылеи медицинатә хархәагалеи реиқәыршәара шеиҿкаау. Аиқәшаҳаҭра абиуџьет есышықәса ишьақәнартәоит 50 миллион мааҭ.
Аслан Бжьаниеи Михаил Мурашкои азааҭылеит аԥсуа ган иазнархиаз Аԥсны акардиологиатә центр аргылараз аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект.
Убас, 2021-2022 шықәсазтәи аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп амедицина-техникатә дҵа ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргыларазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Урыстәылатәи аҳақьымцәа Гәдоуҭа ахәышәтәырҭаҿ ирыцхраауеит
-
Башкириатәи аҳақьымцәа гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны русура ашьҭахь аҩныҟа игьежьит
-
"Агуманитартә хсаала": Урыстәыла ацхыраара шыҟанаҵо шьақәыргылоуп