Аԥсны

Аԥсыцәгьара аԥыжәара ахьагаз рԥеиԥш бааԥсын: аԥсуаа ҳполитикатә культуразы згәаҭарақәак

Аԥсуа жәлар рполитика-культуратә практикаҿы измиааир ада ԥсыхәа ыҟам цәырҵрақәак рзы игәаанагара дазааҭгылоит аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААУ адоцент, Sputnik аколумнист Беслан Ҳагба.
Sputnik
Уаажәларрас, ҳәынҭқаррас аҭоурых аҿы ишьақәгылахьоу зегьы ирымоуп рхатә политикатә традициақәа, дара ирызҷыдоу аполитикатә қьабзқәа. Арҭ атрадициақәа амилаҭтә ҳәынҭқарра аҿиара дырманшәалар ҟалоит, аха, зны-зынла имҩаԥысуа аполитикатә процессқәа еиларгоит, идырҩашьоит. Ҳарҭ аԥсуа жәларгьы ҳаамҭазтәи ҳполитикатә ԥсҭазаара, ҳполитикатә культура иӷәӷәаны иҳәаақәызҵо иреиуоуп аҵыхәтәаны ҳтәылаҿы ишьақәгылаз ауааԥсыра рхықәкыра, рдунеихәаԥшыра, рхымҩаԥгашьа амодельқәа. Еилаҳкаароуп иахьагьы, ҳаԥхьаҟагьы ҳреспублика ашьақәгылараҿы акультуратә фактор аԥыжәара шамазаауа, уи азгәамҭакәа ҳтәыла еиҿкаарада иаанхоит, излахаз аполитикатә кризис иҵегь иҵаулахоит. Ҵаҟа имаҷӡаны згәаҭарақәак ааҳгоит аԥсуа жәлар аамҭала, иаарласны рполитика-культуратә практикаҿы измиааир ада ԥсыхәа ыҟам цәырҵрақәак.
Дзаҭахыуи Аԥсны апрезидент: аҳәынҭқарратә напхгаразы агәаанагара

Аполитикатә еицлабра

Аҵыхәтәантәи ажәашықәсқәа ҳаԥсҭазаараҿы имцхәны аҭыԥ змоу аполитика аԥсуа жәлар ӷәӷәала ибжьнахит. Иҿыцу, ихьыԥшым адемократиатә ҳәынҭқарра ҳаргылоит ҳҳәан, ҳмилаҭ рҭоурых ԥышәа иамбац аполитикатә еицлабра, аполитикатә қәԥара иалаҳажьт. Насгьы иазгәаҭатәуп, мраҭашәаратәи адемократиатә принципқәа ҳмилаҭ иҩашьаны, ихәанчаны анырра шрызнауз. Ҳполитикатә практикаҿы ицәырҵит аԥсуаа рдоуҳатә хыҵхырҭақәа ирцәыхароу азымчҳара, ашьыцра, аԥсыцәгьара, азааибагара культура злам аполитикатә мчқәа реидыслара. Абас еилататаны ишьақәгылаз аполитикатә ԥсҭазаара рхы иадырхәоит аполитикатә гьангьашцәа, зхатә интерес ада хьаа змам авантиуристцәа. Абарҭ иҽеим аполитикатә цәырҵрақәа азгәаҭаны, Аԥсны иахьа шьаҭанкыла иԥсахтәуп аполитика аҽалархәратә культура, ҳҳәынҭқарратә ԥсҭазаараҿы аҭыԥ аиуроуп аҭакԥхықәра зцу аполитикатә хымҩаԥгашьа.

Иахьа ҳажәлар рполитика-уаажәларратә хымҩаԥгашьа дарбанзаалак иацклаԥшуа иазгәеиҭоит, ҳмилаҭ зегь реиҳа иҳаракӡаны зыхә ршьо, изызҿлымҳау амчра аҽалархәреи, убри иабзоураны малк арҳареи шакәу. Ҳмилаҭ, ҳбызшәа аиқәырхара, ҳхьыԥшымра анагӡара - урҭ наскьагоуп, мҩаҿықә иааныжьуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ҳмилаҭ ирхыргаз азгәаҭаны, аполитикатә мчра абас еиԥш разнеира џьоушьаратә иҟоуп. Еилкаауп, Аԥсны амчра ианакәызаалак иҳаракны ахәшьара змоу институтын, аха ҵыхәаԥҵәарада амчразы ақәԥара ҳмилаҭ арҩашьеит, аполитикатә ԥсҭазаара архәынгеит.

Беслан Ҳагба
аполитолог
Ҳтәыла политикцәақәак, ма ус зхы зыԥхьаӡо ирыбзоураны амчразы ақәԥара, иаҳҳәап, Аԥсны ахада иалхра, мамзар депутатцәак ралхра - арҭ ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы ишәарҭоу политикатә хҭысқәаны иҟало иалагеит. Убри аҟнытә, иаарласны аԥсуа жәлар аполитика аганахьала рхымҩаԥгашьа рԥсахроуп, рполитикатә культура иалхтәуп аинымшәаратә форма зауз амчразы ақәԥара, аԥсуа жәлар рыҩнуҵҟатәи рполитикатә еизыҟазаашьа еснагь аҭыԥ амазароуп ачҳара, аизыӡырыҩра, ҳаҭырла аимак-аиҿак амҩаԥгара.

Аклантә система

Иахьа Аԥсны аполитикатә культура ҳәаақәызҵо иазгәеиҭоит аполитикатә ԥсҭазаараҿы, аҳәынҭқарратә напхгараҿы аԥыжәара змоу аҷыдара - аҭынхатә, мамзаргьы аклантә система. Аԥсуа жәлар рсоциалтә еиҿкаара, рполитикатә система еснагь анырра арҭон аизыҟазааратә, аимадаратә институтқәа. Аԥсны ҩажәи ԥшьба сааҭ аҩыза, аҭынха изхәыцра зҭаху тәылоуп, аха абас ишьақәгылаз асоциалтә еимадарақәа аполитикатә система аиҭакра, аиҵыҵра иаԥырхагахо иалагеит. Ҳара ҳақәгылаӡам ҳмилаҭ уаҵәы инаркны аклантә система алгатәуп ҳәа. Уи аԥыхразы жәашықәсала кавказтәи аҿацә аҿы қәҿиарада аусқәа мҩаԥнагон асовет мчра. Аха, ҳполитикатә культура аклантә еизыҟазаашьа амхра егьа имариамзаргьы, ҳарҭ, аԥсуа жәлар, еилаҳкаароуп, шаҟа ԥырхага анаҭо ари аинститут ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы, избанзар аклантә ҷыдаҟазшьақәа аазхәаз иформалтәым агәыԥқәа роуп иахьа аԥсуа милаҭ еичзырчо, еибазырфо. Ишазгәаҳҭахьоу аиԥш, ари ус мариам, аха маҷ-маҷ аԥсуаа ҳполитикатә культура, ҳполитикатә хымҩаԥгашьа иаанахәароуп азинтә культура. Ҳмилаҭ ирԥеиԥшзар ахатә ҳәынҭқарра аргылара, уи зинтә ҳәынҭқаррахароуп.
Аԥсны аполитикатә статус ахцәажәаразы гәаанагарақәак

Амазаратә интерес

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аполитикатә культура иаҷыдаҟазшьахеит даҽа цәырҵрак - иполитикцәоугьы, иполитикцәамгьы рхымҩаԥгашьаҿ аԥыжәара згаз ахархәаратә (потребительская) идеологиа, амазаратә интерес. Аԥсны Урыстәылантә иаиуз аҳәынҭқарра азхаҵара иабзоураны жәашықәсала изҭакыз амацәаз (аблокада) иҭыҵит, иаԥҵахеит ҳажәлар рсоциал-економикатә ԥсҭазаара аиӷьтәразы аҭагылазаашьа. Аха иаалырҟьаны арҭ иҟалаз аиҭакрақәа ҳмилаҭ ршьапы иқәнаҟьеит, ҳазго ҳагааит ҳәа Урыстәыла иҳаларажьыз амал рҽарҭеит. Ари ахыхга аҿаԥхьа рҽырзаанамкылт ҳполитикцәагьы, иҭрысны амчра амаругақәа рхы иархәаны амал иашьҭалт.
Иазгәаҭатәуп, абас аиԥш аполитикатә хымҩаԥгашьа қәыӡбара шаимоуз ҳауаажәлар рҟнытә, уи акәым, ичҳаны иудукыларатә иҟоуп ҳәа иазнеиуа маҷӡам. Уамашәа иҳамбап абас аиԥш ахцәажәарақәа, избанзар иахьа ҳарҭ, аԥсуа жәлар, ҳхымҩаԥгашьа ҳнацклаԥшыр, иазгәаҳҭоит зегь реиҳа хәшьара ҳаракны иаҳшьо хархәарак, мазарак аиуроуп. Идеиа хаданы ишьҭыхтәыз ҳбызшәа, ҳкультура, ҳаԥсуара аиқәырхара ааныжьны, атәыла дуӡӡахь ҳаԥшуеит - изакәытә мазароу иаҳԥеиԥшу иахьа ҳгәахәтәы ҳахьӡаразы ҳәа.
Аполитолог Беслан Ҳагба: ҳаҩнуҵҟатәи ҳаиҿымкаара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит
Аҵыхәтәаны иаҳҳәарц ҳҭахуп, ҳарҭ Аԥсны бзазарала еиҿкаахар ҳшаргәырӷьо, ҳажәлар беиахаргьы шаҳцәымӷым, аха адунеи амилаҭқәа рҭоурых иаҳнарбоит - зшьақәгылараҿы аԥсыцәгьара аԥыжәара ахьагаз рԥеиԥш бааԥсын, здоуҳатә культура шьҭызхыз милаҭҵас ирызҳаит. Иаҳхамшҭлап, аԥсуа ҵеицәа ҳтәыла рхы ззақәырҵаз ҳҽеиҵҳәаны ҳаԥсҭазаара мҩаԥаҳгаларцаз акәӡам, аха Аԥсны ԥсыуа тәыланы ишьақәгыларц, ҳбызшәа ԥсыуа бызшәаны иаанхарц, ҳдоуҳатә культура еиҵыҵларц азоуп.
Автори аредакциеи рпозициақәа еиқәымшәозар ҟалоит.