Дзаҭахыуи Аԥсны апрезидент: аҳәынҭқарратә напхгаразы агәаанагара

© SputnikАдминистрация президента Абхазии
Администрация президента Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аконституциа аиҭакрақәа азутәуп, апрезиденттә ҳәынҭқарраҟынтәи апарламенттә ахь ииастәуп ҳәа иҟоу агәаанагара ахҳәаа азиуеит, ихатәы зхәыцшьа ҳадигалоит аполитикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Sputnik аколумнист Беслан Ҳагба.
Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаара даара илахҿыхуп, иполитикымгьы ауаҩы ҳтәылаҿы имҩаԥысуа ауаажәларра-политикатә процессқәа днарызхьамԥшлар ауӡом, зҿлымҳарак нариҭоит. Ҳаԥсуа политика аинтерес арҭоит, идырцыхцыхуеит ҳполитикцәагьы, урҭ ршьапы еиқәыршәны итәаӡам, лассы-лассы ҳтәыла шырманшәалатәу, ишеиҿкаатәу ҳзеиҭарҳәоит, абжьгара ҿыцқәа ҳадыргалоит.
Аҵыхәтәаны абас еиԥш аԥхьагылара змоу идеианы политикцәак ҳажәлар ирыларҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара ареформа азутәуп ҳәа, иалацәажәоит ҳтәыла иахьа иамоу аконституциатә еиҿкаара ашьаҭақәа ԥсахтәуп ҳәа.
Еимаркуеит-еиҿаркуеит Аԥсны апрезидентра аинститутгьы, иаҳҳәап, иҟоуп имаҷымкәа аполитикцәа, аекспертцәа ари аинститут аԥыхра иадгылоу, қәҿиарала ареспублика анапхгаразы Аԥсны иаҳа ианаалоит, иаҳа иақәнагоуп ҳәа ирԥхьаӡоит апарламенттә форма змоу анапхгара. Абри анҵамҭа автор игәаанагарала, иахьа Аԥсны анапхгараҿы иаҭахызаргьы еиҭакрақәак, апрезидентра аинститут аиқәырхара дадгылоит, иагьиԥхьаӡоит, апарламенттә формахь аиасразы ареспублика макьана иазыҟаҵам ҳәа, иазыҟаҵам иԥсыҽу аполитикатә институтқәа ирыхҟьаны, насгьы, иахьа ҳтәылаҿы ишьақәгылаз, макьана иҳаракым аполитикатә культура иалҵшәаны.
Иахьа Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара аформа аԥсахра ихымԥадатәу зҵаароуп ҳәа ҳазнеиаанӡа, иазгәаҳҭароуп, Аԥсны - макьана иқәыԥшу, ихьыԥшым тәылоуп, аԥсуа жәлар азинтә ҳәынҭқарра аргылараҿы ирымоу аԥышәара маҷӡоуп, насгьы, иаҳхамшҭлароуп, ҳҳәынҭқарра қәҿиарала аизҳара зынӡаск иазԥхьаҳәаақәҵаӡам, ари имариам, иуадаҩу акыраамҭатәи процессуп. Иахьа иҳазҳәаӡом ҳаамҭазтәи Аԥсны инагӡаны ашәарҭара аамҭа иҭысит ҳәа, милаҭҵас, ҳәынҭқарраҵас ҳшьақәгылара нагӡахеит ҳәа. Абарҭқәа азгәаҭаны ҳазнеироуп ҳреспублика иахьа иамоу анапхгаратә форма еиҭакрақәак аҳҭозар.
Аԥсны апрезидентра аҭоурых анализ иаҳнарбоит ари аинститут ҳтәылаҿы ашьақәгылара политикатә хҭыс дуны ишыҟалаз, насгьы, ҳаԥхьаҟа ҳҳәынҭқарра аргылараҿы иамоу аҵакы иҵегь иазҳалоит. Абар ҳаргументқәагьы, абас иҳаракны абри амчратә институт ахә заҳшьо.
Государственная Дума РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Аԥсны аполитикатә статус ахцәажәаразы гәаанагарақәак
Иҳамӡап, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа Аԥсны аҳәынҭқарра анапхгара, амчратә система иаанахәеит мҽхакыҭбаалатәи акризис, иӷәӷәаӡаны икаҳаит анапхгара акультура, ахаҭабзиара. Аполитикатәи, аҳәынҭқарратәи аусураҿы илаҟәӡахеит алеишәа, маҷк иџьбараны иҳамхаҳәозаргьы, иахьа аԥсуаа ҳполитикатә ԥсҭазаара цәгьа еилататоуп, ҳмилаҭ реидгыларагьы даара иԥсыҽуп. Абас иуашәшәыроу, макьана иҟәарҽаруа ашьақәгылара иаҿу аҳәынҭқарра даҭахуп амчратә система еиҿызкааша, атәыла аконституциатә шьақәгылара ахылаԥшра назыгӡаша, насгьы, адунеижәларбжьаратә еизыҟазаашьа еиҳаӡоу ахаҭарнакра азҭаша амаҵурауаҩ - ус еиԥш ареспублика амчраҿ иҟоу Аԥсны ахада, апрезидент иоуп. Аԥсны ахада иуалԥшьоуп аҳәынҭқарратә амчра арӷәӷәара, уи аҳәынҭқарра дагьасимволуп, амилаҭ рыҩнуҵҟа, амчра акәша-мыкәша еимактәқәак, еиҿагыларақәак ҟалозар, апрезидент ихамхабзиарақәа дыриааины, дашьҭазароуп амилаҭ реинраалара, реиқәырхара. Иахьа Аԥсны аполитикцәа рацәоуп, аха апрезидент иоуп аҭакԥхықәра ҷыда зду аԥсуа жәлар рҳәынҭқарратә шьақәгылараҿы ирықәҿиарц, уи иконституциатә уалԥшьоуп.
Ареспублика Аԥсны иахьа апрезидентра аинститут иаҳа иақәнагоуп ҳәа азаҳԥхьаӡоит аԥсуа жәлар ирылаҵәаз аполитикатә культура ҳацклаԥшны, даҽакала иаҳҳәозар, имҩаԥысуа ҳаамҭазтәи аполитикатә процессқәа ҳажәлар "рҽалархәшьатә культура" азгәаҭаны. Аполитикатә наука акатегориақәа ҳхы иархәаны ҳалацәажәозар, аԥсуаа ҳполитикатә практикаҿы макьана аԥыжәара амоуп апатриархалтә, аклантә еизыҟазаашьақәа. Урҭ ирхылымҿиаар залшом аморфра, цқьа еилкаам аполитикатә шьақәгыларақәа, агәаанагарақәа, ахымҩаԥгашьа амодельқәа. Абри ишьақәгылаз аполитикатә ԥсҭазаара азгәамҭакәа Аԥсны анапхгара иахьа иамоу апрезиденттә форма амхра, мамзаргьы, арԥсыҽра - ари иҭакԥхықәрадоу шьаҿахоит, ҳтәыла ҵыхәаԥҵәара змам аилаҩынтра иҭанажьуеит. Иара апарламенттә форма анапхгара ҳалацәажәо иазгәаҭатәуп уи аинститут иаҷыдоу аҭышәынтәаламра, изаамҭанытәым алхрақәа, лассы-лассылатәи амчра аԥсахра.
Насгьы, апарламенттә форма анапхгарахьы аиасразы атәылаҿы ишьақәгылароуп ишәу, еизҳазыӷьоу апартиатә система. Иахьа Аԥсны апартиақәа раԥҵара убас ихҭаркит, рхыԥхьаӡара убас идыррацәеит, наԥшыҩцәак ргәы иаанагар ҟалоит аԥсуаа "апартиатә чымазара ҿкы" рызцәырҵзар ҟалап ҳәа. Ас еиԥш апартиатә "жәылара" зхыԥхьаӡара маҷу амилаҭ рполитикатә ԥсҭазаара арҩашьоит, ишьақәнарҟьоит, рҳәынҭқарратә шьақәгылара ҵнашәаауеит, насгьы, агәрагара уадаҩуп иахьа абас еиԥхьыттоу аполитикатә мчқәа ҳаԥхьаҟа ирылшап ҳәа қәҿиарала аусура зылшо амилаҭтә парламент аԥҵара.
Аҵыхәтәаны, даҽа аргументк Аԥсны апрезидентра аинститут аиқәырхаразы, арӷәӷәаразы. Ҳтәылаҿы иахьа, Анцәа имчала, иапҵоуп аҭагылазаашьа аԥсуаа ҳҭынчны, ҳаинааланы ҳмилаҭ ҳәынҭқарра аргыларазы. Абас еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара ирыбзоуроуп иахьатәи Урыстәыла аиҳабыра, урҭ иҳарҭо ацхыраара, ахылаԥшра. Аха, иаҳԥеиԥшу здыруада, ҳаԥхьаҟа ҳтәыла аполитикатә, ма агеополитикатә кризисқәак ирылашәар ҟалоит, иара Қырҭтәылагьы макьана Аԥсны ишақәмақарыц иақәмақаруеит, реваншк ҳазгозар ҳәа иашьҭоуп. Абас, адәныҟатәи ҳәынҭқаррақәак ҳаԥсадгьыл шәарҭарак иҭадыргылар, Аԥсны ахьчаразы, аиқәырхаразы амилаҭ еидызкыло, амобилизациа рзызуа Аԥсны ахада, апрезидент иоуп.
Апрезидентра аинститут ҳаналацәажәо, ҳара ҳхаҿы иҟоу асимвол мацара змоу атәыла ахада иакәӡам. Аԥсны адекоративтә президент даҭахӡам. Аԥсны даҭахуп, еснагь даҭахызаауеит амчра змоу, адырра змоу, ахьӡ змоу апрезидент. Уи аполитикатә институтгьы ҳтәыла амчратә еилазаараҿы еснагь аԥыжәара амазароуп.
Автори аредакциеи рпозициақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0