Аԥсны

Бжьаниа имҩаԥигеит 2021-тәи ашықәс алҵшәа хадақәа ирызкыз инарҭбаау аилатәара

Аԥсны аекономикатә рбага хадақәеи Аинвестпрограмма анагӡара азҵаарақәеи ирызкыз аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы жәабран 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит атәыла аекономикатә ҿиаразы иактуалтәу азҵаарақәеи 2021-тәи ашықәс аихшьалақәеи ирызкны. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Аиԥылара иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада Иусбарҭа, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа, Апрокуратура хада, Амилаҭтә банк, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура рнапхгара, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.

Аиԥылара аартуа, ахада иазгәеиҭеит уажәаԥхьагьы ари аҩыза аиԥылара амҩаԥгара игәы ишҭаз, аха аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи егьырҭ амзызқәеи ирыхҟьаны уажәраанӡа ишзалмыршахаз.

Атәанчахәытә фонд алҵшәақәа

Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәлариа афонд 2021 шықәсазтәи абиуџьет ахашәалақәа рынагӡара атәы дазааҭгыло иҳәеит иааидкыланы абиуџьет ахашәалақәа аныхтәқәа раасҭа еиҳаны инагӡоуп ҳәа. Иара иҟаиҵаз адыррала, уи иартәеит 4,7 млн мааҭ. Ишәам ацәынха иартәеит 47,5 млн мааҭ.
Арадио
Абжьаҟаза: Гәылариа атәанчахәытә фонд ашәарақәа ирызкны
Ахада дазҵааит атәанчахәқәа ианаамҭоу рызшәаразы афинансқәа разоужьра иаԥырхагоу амзызқәа арбану ҳәа, агәынамӡара ааирԥшит ҳтәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаара аӡбара амҩаԥгашьеи атәанчахәы рызшәара аиҿкаашьеи рзы.
Ианаамҭоу финансла аиқәыршәара иаԥырхагоуп ҳәа мзыз хадас Гәлариа иааигеит 2020 шықәса рзы афонд абиуџьет иазԥхьагәаҭаз аԥара нагӡаны ахыԥхьаӡалара шалымшаз аҷыдалкаатә ҭагылазаашьеи COVID-19 иахҟьаны иаалырҟьаны аԥкрақәа ралагалареи.
2022 шықәса рзы атәанчахәқәеи, ацхыраагӡақәеи, ахәцҵақәеи ршәаразы афонд аҭахрақәа мызкы идыртәоит 101 500 мааҭ иреиҵамкәа ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәлариа.
Аԥсны
Апарламент Аԥсны ибиуџьеттәым афондқәа быжьба 2022 шықәсазтәи рбиуџьетқәа аднакылеит
Бжьаниа иазгәеиҭеит атәанчаҩцәа ианаамҭоу аԥара рызшәара аҵак ду шамоу, иара убас рыгәгьы рҽаниҵеит анапынҵақәа анынамыгӡаха, амаҵзуратә хаҿқәа хаҭала аҭакԥхықәра ишақәыршәахо.

Аҳазалхреи, ашәахтә усбарҭеи, Амилаҭтә банки раҳасабырба

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа имҩаԥгоу аусура атәы дазааҭгыло, иҳәеит 2021 шықәса рзы иахыԥхьаӡалоу аҳазалхратә шәатәқәа рырбагақәа ишдыртәаз 2 млрд 732 млн. мааҭ, ари 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа 577 млн мааҭ рыла еиҳауп иҳәеит иара.
Аԥсны
Аекспорт еиҵахеит, аимпорт еиҳахеит: аҳазалхыҩцәа 2021 шықәса иазку аҳасабырба ҟарҵеит
2021 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара иазку ажәахә ҟаиҵеит афинансқәа рминистр Владимир Делба. Уи иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалақәа рыла арбага хадақәа рынагӡара ишартәаз 107,8%. Ашәахтәтәи егьырҭ ихымԥадатәу ашәатәқәеи рзеиԥш мҽхакы 2021 шықәсазы иартәеит 3 млрд 400 млн мааҭ.
Еизаку аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатә хәҭа анагӡара аихшьала иҳаҩсыз ашықәс азы иартәеит 107,8 процент ҳәа азгәеиҭеит афинансқәа рминистр.
2021 шықәсазтәи аԥара-кредиттә политика анагӡашьеи Аԥсны абанктә система аусура алҵшәақәеи ртәы дазааҭгылеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. Иара ишазгәеиҭаз ала, абанк ала имҩаԥысуа аԥаратә хархәагақәа рытрансҳәаатә еикәшара иартәеит 97,6 млрд мааҭ.
Аԥсны
2021 шықәса рзы Аԥсныҟа 51,5 млрд мааҭ аԥара аланагалеит
Бараҭелиа иажәақәа рыла, ҵыԥхтәи ашықәс азы анапынҵатә ԥаратә еикәашара аизҳара азгәаҭан. Ареспублика абанктә система акассақәа рышҟа инеит 43,8 млрд мааҭ. 2021 шықәсазы Аԥснынтәи ааигәатәии харатәии аҳәаанырцәтә тәылақәа рахь ииаган 9,2 млрд мааҭ иҳәеит Амилаҭтә банк ахантәаҩы.
Иара убас Бараҭелиа далацәажәеит 2022 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа ртәы. Арахь иаҵанакуеит Аԥсны Амилаҭтә ԥарашәаратә система атерминалтә инфраструктураҟны еимадарада ахәԥсашәара атехнологиақәа ралагалара, абанктә система арзҩыдаразы аԥхьаҟатәи аусура, Fraud-мониторинг асистема аԥҟарақәа реиӷьтәра уҳәа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа.
Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Џьансыхә Нанба аҳасабырба ҟаиҵеит Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрра иҳаҩсыз ашықәс азы аусура иазкны.
Арадио
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Нанба 2021-тәи ашықәс азы ашәахтәқәеи аизгақәеи рырбагақәа ирызкны

Аинвестпрограмма анагӡашьа

Аслан Бжьаниа адҵа ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа иадҳәалоу аусура дырццакырц, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала афинансзоужьра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит 2022 шықәсазтәи Аинвестициатә программа анагӡара аҿҳәара арццакразы алшарақәа зегьи амеханизмқәеи рхы иадырхәарц.
"Иалшо зегьы ҟашәҵа ишьақәыргылоу аҿҳәарақәа ҳарԥысразы, уи ишиашоу иахьыԥшуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны аԥхьаҟа ҳаззыҳәо аԥара ацҵаразы ҳалшара. Аус ашәыру иҳамоу аԥышәеи аимадарақәеи. Сара сганахьала, азҵаара аӡбара напы аласкуеит аамҭа анааилак, аха аԥхьа шәара шәнапы иану аус шәырццакыроуп", - иҳәеит ахада.
Аԥсны
Озган анапынҵа ҟалҵеит аекономика аусхкқәа зегьы рҿы арбагақәа ранализ ҟаҵазарц
Инарҭбаау аилатәараҟны ирылацәажәеит афымцамч аусхк, ақыҭанхамҩа уҳәа ирызкыз егьырҭ азҵаарақәагьы.