Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аекспорт еиҵахеит, аимпорт еиҳахеит: аҳазалхыҩцәа 2021 шықәса иазку аҳасабырба ҟарҵеит

© Foto / Кабинет Министров РАПремьер-министр обсудил итоги работы Государственного таможенного комитета в 2021г. на встрече с руководством ГТК
Премьер-министр обсудил итоги работы Государственного таможенного комитета в 2021г. на встрече с руководством ГТК - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны азеиԥш тауареикәыршара 35 миллиарди 921 миллион мааҭ шьақәнартәеит.
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы анапхгара аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭарҳәеит ииасыз ашықәс азтәи русура атәы ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Аилак ахантәаҩы Оҭар Хьециеи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи аплантә дҵақәа рынагӡашьа атәы рҳәеит. Дара ринформациала, 2021 шықәсазы Аԥсны азеиԥш тауареикәыршара 35 миллиарди 921 миллион мааҭи шьақәнартәеит. 2020 шықәса иаҿырԥшны ари арбага 9 миллиардки 366 миллион мааҭи рыла еиҳауп.

Ииасыз ашықәс азы атауарқәа рекспорт 781 миллион мааҭ рыла еиҵахеит. Зынӡа 2021 шықәсазы аекспорт ахь ишьҭын 6 миллиардки 60 миллион мааҭи рыхә аалыҵ. Аекспорт ахьеиҵахаз (аԥсыӡхәша – 280 миллион мааҭ; аԥсыӡшыла - 289 миллион мааҭ; аҩы - 215 миллион мааҭ; амҿи амҿлыхқәеи - 46 миллион мааҭ; аба - 72 миллион мааҭ; аихаҷамаҷа - 12 миллион мааҭ) иахҟьаны аекспорттә тауарқәа рҟынтә аҳазалхратә план еиҵахеит. Ироуеит ҳәа иззыԥшыз 49,8 миллион мааҭ ацынхәрас 47,3 миллион мааҭ роуит. 2,5 миллион мааҭ азымхара ҟалеит.
Государственный таможенный комитет - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.12.2021
Аԥсны
Аԥсны аҳазалхратә шәарақәа жәеиза мза аплан 127% рыла инагӡоуп
Убри аан атауарқәа римпорт иацлеит. 2021 шықәсазы 29 миллиарди 864 миллион мааҭи ҟанаҵеит. Ари арбага 2020 шықәсазы аасҭа 10 миллиардки 150 миллион мааҭи рыла еиҳауп. Аноменклатуратә импорт: аминералтә аалыҵқәа– 2 миллиардки 146 миллион мааҭи (алагалатә хышәаҵышәа - 5 миллионки 115 миллион мааҭ); акәацаалыҵ – миллион мааҭ (алагалатә хышәаҵышәа - 2 миллиардки 412миллион мааҭ); аргыларатә маҭәахәқәа – миллиардки 130 миллион мааҭ (алагалатә хышәаҵышәа – 2 миллиардки 989 миллион мааҭ); афармацевтикатә аалыҵ– 588 миллион мааҭ (алагалатә хышәаҵышәа – миллиардки 416 миллион мааҭ); арыжәтә – 575 миллион мааҭ (алагалатә хышәаҵышәа – миллиардки 462 миллион мааҭ).
Иааидкыланы аҳазалхратә шәарақәа рыплан иацҵоуп. Убри аан 2021 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз 2 миллиардки 154,8 миллион мааҭи рцынхәрас 2 миллиардки 732,7 миллион мааҭи алагалан.
Аԥыза-министр Аилак анапхгара рнапы ианиҵеит аусура дырӷәӷәарц атауарқәа контрабандала аҳәаа рахыгара аԥырҟәҟәааразы.
Международный таможенный форум - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.10.2021
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа Москва аиқәшаҳаҭрақәа рнапы аҵарҩит
Ажәабжьқәа зегьы
0