Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Озган анапынҵа ҟалҵеит аекономика аусхкқәа зегьы рҿы арбагақәа ранализ ҟаҵазарц

© Sputnik / Томас Тхайцук Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы
Расширенное заседание кабмина по вопросам инвестпрограммы - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Аекономика аминистрраҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара аиндикативтә план аиқәыршәара азы акомиссиа актәи аилатәара мҩаԥысит жәабран 17 азы.
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган анапынҵа ҟалҵеит аекономика аусхкқәа зегьы рҿы арбагақәа реиларгара ҟаҵазарц, иара убас иҟаҵазарц ажәалагалақәа анорматив-зинтә база аиҭакрақәа ралагаларази ашәахтә напхгараҭара аиӷьтәрази. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит.
Акомиссиа аусура иалагоит аминистрцәа Реилазаара ала ишьақәырӷәӷәоу иааиуа ашықәс азы аиндикативтә план ашьақәыргылара иҿыцу аԥҟара инақәыршәаны. Акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи, иара убас араионқәеи Аҟәа ақалақь ахадареи рхаҭарнакцәа.

Аилацәажәараан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган еизаз рахь лхы рханы аекономика аусхкқәа зегьы рҿы аекономикатә рбагақәа реиларгара шхымԥадатәиу азгәалҭеит.

Озган илҳәеит ааглыхра амҿхак аиҿкаараан, аекономика асубиектқәа руалафахәшәареи рхашәалеи рфонди реиҿкаараан жәлар рынхамҩа аусхкқәа раан иҟаҵәҟьоу арбагақәа рҽанрыцәхьаркуа ыҟоуп, уи абиуџьет алагалатәхәҭа иҵоурамкәа ианыԥшуеит ҳәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра 2023 шықәсазы асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план арбагақәа иааиуа афинанстә шықәса азы абиуџьет ашьақәгылара иашьаҭаны иҟоуп, урҭ ԥхынгәымза 1, 2022 шықәса иахымгакәа ахәаԥшразы аминистрцәа Реилазаара ахь инагазароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0