Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ахада иусутә ныҟәара, Брианск аус ацура, аҳәамырза

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿы ԥхынгәы 11-17 рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Sputnik
Ари амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Ҭаҭарсҭани Башкортосҭани дырҭан, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Москва аиԥыларақәа мҩаԥылгеит, Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа нап диркит. Арҭи егьырҭ аматериалқәеи Sputnik ахҳәааҿы.
Sputnik

Ахада иусутә ныҟәарақәа

Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа усутә ныҟәарыла Ҭаҭарсҭан иаҭааит жәабран 10 рзы.
Казань ақалақь аҿы аделегациа алахәылацәеи ареспублика ахада Рустам Минниханови еиԥылеит, иара убасгьы ирҭааит еиуеиԥшым анаплакқәеи атехнопаркқәеи.
Аԥсны
Бжьаниеи Минниханови Аԥсни Ҭаҭарсҭани русеицуразы ахыхарҭақәа ирылацәажәеит
Ԥхынгәы 12 азы аделегациа Башкортосҭанҟа амҩа иқәлеит.
Ԥхынгәы 13 азы Аслан Бжьаниеи Башкортосҭан ахада Ради Хабирови еиԥылеит. Аганқәа аиҩызареи аусеицуреи рызҵаарақәа ирылацәажәеит. Ԥхынгәы 14 рзы аԥсуа делегациа ареспублика Башкортосҭан Анапхгараҭаратә центр иаҭан, аҿартә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа ирԥылеит.
Башкириа аделегациа Аԥсны аекономикатә, атуристтә, аинвестициатә лшарақәа ӡырыргеит.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани русеицура амҩақәа азгәарҭеит
Аусутә ныҟәара ԥхынгәы 16 рзы ихыркәшахеит.

Москваҟа Озган лусутә ныҟәара

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва ԥхынгәы 13 рзы Урыстәыла аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Александр Новак диԥылеит. Аиԥылараан аганқәа Аԥсны фымцамчла аиқәыршәареи анефҭаалыҵқәа рыхәԥса азҵаареи ирылацәажәеит.
Иара убасгьы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Москва усутә ныҟәарыла лыҟазаараан Урыстәылатәи Аихамҩақәа рдиректор хада Олег Белозиоров диԥылеит.
Аԥсны
Кристина Озгани Урыстәыла Аихамҩақәа рдиректор хадеи еиԥылеит
Аганқәа аусеицуреи аҳәынҭқаррақәа рыбжьара апассаџьырцәеи аидарақәеи рымҩангара аиҿкаара иалацәажәеит. Кристина Озган илҳәеит аладатәи ахырхарҭаҿы аилахарақәа ирхырҟьаны ареспубликахь аҵакы змоу аидарақәа рнеира анеиҵахо шыҟоу.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган усутә ныҟәарыла Москва лыҟазаараан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр Максим Решетников диԥылеит. Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза ареконструкциа азҵаарақәа.
Аԥсны
Кристина Озгани Максим Решетникови Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аартра иалацәажәеит
Ԥхынгәы 15 рзы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа Урыстәыла аенергетика аминистрраҟны ҩ-еиԥыларак мҩаԥылгеит.
Урыстәыла аенергетика аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчаки лареи азааҭгылеит афымца ахархәара хылаԥшра азҭо амаругақәа рықәыргылара азҵаара ахьынӡанагоуи, ахарџь шаҟа иартәоуи.
Иара убас аиԥылараҿы иалацәажәеит аӡынра аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа: афымцамч шаҟа аҭаххо, азымхара ҟалар иарбан мҩақәоу иазыԥшаахо. Уи адагьы, аганқәа алацәажәеит АҲ "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иҟоу алшарақәа.
Урыстәыла аенергетика аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Павел Сорокини Кристина Озгани абылтәы ахәԥса Урыстәылеи Аԥсни ишышьақәгылоу иазкны азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит.
Аԥсны
Урыстәыла аенергетика аминистрраҟны Аԥсны афымцамч азымхареи абылтәы ахәԥсеи ирылацәажәеит

Ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа нап диркит

Ԥхынгәы 13 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ииҭеит агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа.
Ацҳаражәҳәаҩцәа рнапынҵақәа рынагӡара иалагоит иахьынарышьҭыз атәылаҿы урҭ ашәҟәқәа анрыдыркылалак ашьҭахь.
Арӡынба Шургалин идиныҳәалеит амаҵура ҿыц дахьарҭаз, иагьазгәеиҭеит иара дшеицырдыруа дипломат бзиак иаҳасабала. Аусбарҭа анапхгаҩы агәыӷра ааирԥшит иара ихаан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара арӷәӷәареи уи амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәеи рҿы лҵшәа бзиала аусура иацҵахап ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инапынҵақәа рынагӡара далагеит

Аҟәеи Бриански русеицура

Ԥхынгәы 13 рзы Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Брианск ақалақь ахада Марина Дбарԥҳаи ақалақьқәа рыбжьара апартниортә еимадарақәеи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аԥсны
Аҟәеи Бриански аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

Акультуратә реставрациа

Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аусутә еилацәажәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаби акультура аминистр Даур Ақаҩбеи иалацәажәеит Аԥсны акультуратә обиектқәа рреставрациеи реиҭашьақәыргылареи азҵаарақәа.
Даур Ақаҩба аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит:
Аҟәатәи апантеон аҿы абаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы иаҭаху аусурақәа рхарџьынҵа шеиқәыршәоу атәы;
Дәрыԥшьтәи ауахәама аиҭашьақәыргылараз апроект атәы:
Лыхнытәи ауахәамаҿы ахыб иаҭаху ахарџьгьы шышьақәыргылоу атәы;
Аԥсуа ҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль ахыбра аиҭашьақәыргылара ахьынӡанеихьоу атәы;
Дырмит Гәлиеи Нестор Лакобеи рмузеиқәа рыпроект-харџьынҵатә документқәа разыҟаҵара ишаҿу атәы.
Уи адагьы, аиԥылараан иалацәажәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа ирызку абаҟа ҿыц Гәдоуҭа ашьақәыргылара иазку азҵаарақәеи Аԥсны Абираҟ амш иазку агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рыпрограммеи.
Аԥсны
Аԥсны акультуратә обиектқәа рреставрациа азҵаарақәа ирылацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы

Аԥсны аԥхьагыла қәыԥш

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рҿы аԥхьагылаҩцәа ҿарацәа рреитинг аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит.
Ареитинг хықәкыс иамоуп аԥеиԥш змоу аполитикцәа қәыԥшцәа раарԥшра, аус рыцура. Асиа ашьақәыргылараан иазгәарҭоит ироухьоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа, агәазыҟаҵарақәа, жәларбжьаратәи аимадарақәа, рполитикатә ԥеиԥш ахәшьара, АИХқәа рҿы рыӡбахә аҳәара, амаҵзуратә лшамҭа.
Аԥсны
Инал Арӡынба уаанӡатәи Асовет Еидгыла атәылақәа рполитикцәа ҿарацәа рреитинг дахагылоуп

Аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы

Кәыдрытәи аиҩхаа ақыҭақәа Лаҭа, Чҳалҭа, Ажара, Гьынҵәыш рҿы акарантин алагалоуп африкатәи аҳәамырза ахьцәырҵыз азы.
Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа иажәақәа рыла, аиҩхаа иҭоу ауааԥсыра аҳәақәа рааӡон, уажәы урҭ рынхамҩа ааха ду аиуит.
Арадио
Џьонуа Кәыдрытәи аҩхааҿы ицәырҵыз аҳәамырзазы: анхацәа ааха ду роуит
Ареспублика аветеринартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа иажәақәа рыла, авирус шьаҭанкыла ақәхра алшом иара ахәшәтәраҵәҟьа ахьамуа азы. Аԥсны акәзар, аҳәақәа рхы иақәиҭны адәы иқәуп. Аҿкы зыхьны иԥсыз аҳәа былтәуп, аҭыԥ рзҩыдатәуп. Ачымазара аанкылараз ичмазаҩу аҳәақәа зегьы ықәхтәуп.
Урҭ ржьы аҭира зынӡагьы иҟалом, ачымазара аҽамырҭбаарц.