Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин инапынҵақәа рынагӡара далагеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Михаил Шургалин
Михаил Шургалин  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр аҿы имҩаԥысит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ииҭеит агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа, ари иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аԥсны ААР Амедиацентр аҿы.
Ацҳаражәҳәаҩцәа рнапынҵақәа рынагӡара иалагоит иахьынарышьҭыз атәылаҿы урҭ ашәҟәқәа анрыдыркылалак ашьҭахь.
Арӡынба Шургалин идиныҳәалеит амаҵура ҿыц дахьарҭаз, иагьазгәеиҭеит иара дшеицырдыруа дипломат бзиак иаҳасабала. Аусбарҭа анапхгаҩы агәыӷра ааирԥшит иара ихаан Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара арӷәӷәареи уи амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәеи рҿы лҵшәа бзиала аусура иацҵахап ҳәа.
"Шәара ишыжәдыруа еиԥш, Аԥсны ишазханаҵаз Донецктәи Луганстктәи Жәлар Рреспубликақәа рхьыԥшымрақәа, ҳара ҳадгылоит Урыстәыла арратә операциа, уи лҵшәа бзиала ишымҩаԥысуа аабоит. Ҳара ДЖәРи ЛЖәРи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарҭбаауеит, аиқәшаҳаҭрақәа разыҟаҵара ҳаҿуп", - иҳәеит Арӡынба.
Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны дахьыҟоу гәыкала дшеигәырӷьо, адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зуа иколлегацәа иҩызцәа бзиақәа реиԥш дшырзыҟоу.
"Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит, еиҳараӡак иахьатәи аамҭазы адунеи аҿы иҟоу аибарххарақәа раан, Аԥсны шаҳзыҟоу, иҟанаҵаз азхаҵарақәа, аоперациа ҷыда иахьадгылоу. Ҳара ҳгәы иахәоит иҳабжьоу аиқәшаҳаҭрақәа Аԥсны ахьақәныҟәо. Агәыӷра сымоуп наҟ-наҟгьы ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, ҳастратегиатә партниорра аҿиара ишацаҳҵо, аҩганк реимадарақәа шҳарӷәӷәало", - иҳәеит Шургалин.
© Sputnik / Томас Тхайцук Посол России в Абхазии Михаил Шургалин вручил копии верительных грамот Иналу Ардзинба
Посол России в Абхазии Михаил Шургалин вручил копии верительных грамот Иналу Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2022
Посол России в Абхазии Михаил Шургалин вручил копии верительных грамот Иналу Ардзинба
Ажәабжьқәа зегьы
0