Аԥсны

Гагра ақалақь ахақәиҭтәра амш азы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"

Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны 112-ҩык ашколхәыҷқәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" рхы аладырхәит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6- Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет архәҭақәа рыҟнытә ахы иақәиҭыртәижьҭеи 30 шықәса аҵра амш инамаданы имҩаԥысит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа".
Акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Гагра араион ахадара акультура аҟәша аусзуҩ Лиудмила Сергегиаԥҳа иазгәалҭеит, Гагра ахақәиҭтәраз иҭахаз рфотосахьақәа зку гагратәи ашколхәыҷқәа шракәу.
1 / 3

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"

2 / 3

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"

3 / 3

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа"

1992 шықәсазы иҭахаз Тариел Шамба ифотосахьа зкыз акциа иалахәыз аҵаҩы Нарсоу Харабуа иҳәеит, ари аибашьҩы иӡбахә шизымдыруа. Аха агәра ганы дыҟоуп, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара аагараз иҭахаз аибашьцәа ргәаларшәара шыруалу.
Арадио
Камлиа Гагра ақырҭқәа рыӡхыҵразы: ҳала ҭраа ҳрыхәаԥшуан, абџьар ҳкымызт
Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" иалахәыз Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟа аҟынтәи аныҳәатә концерт мҩаԥысран иахьыҟоу ақалақьтә стадион аҟынӡа ицеит.