Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Апарламент асессиа, ауаҩшьра, ашьапылампыл азы ачемпионат

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 17-23 рызтәи иналукааша ажәабыжьқәа реиқәыԥхьаӡа.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы Жәлар Реизара адепутатцәа имҩаԥыргеит аԥхынтәи аԥсшьарақәа рышьҭахь раԥхьатәи аилатәара, ирыдыркылеит азакәанқәа. Ареспубликаҿы алаҵаҟаҵара иалагеит, Гагра адепутатцәа ҿыцқәа алырхит. Арҭи егьырҭи ажәабыжьқәеи Sputnik аҿы.

Ҭагалантәи асессиа

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа имҩаԥыргеит аԥхынтәи аԥсшьарақәа рышьҭахь раԥхьатәи аилатәара. Асессиа мҩаԥысит жьҭаара 19 рзы. Адепутатцәа русураан актәи аԥхьарала ирыдыркылеит 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет ахь аиҭакрақәа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ирыдигалаз адокумент аҿы иазԥхьагәаҭоуп абиуџьет ахь ахатә хашәалақәа 351,4 мааҭ ацҵа ҳасабла ралалара.
Ареспубликатә биуџьет иацлоит 861,8 миллион мааҭ, иагьыҟалоит 543,1 миллион мааҭи урыстәылатәи афинанстә цхыраареи.
Аԥсны
Делба еиҭеиҳәеит абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы аицԥаразоужьраҿ Аԥсны ахәҭа аҽшеиҭанакуа
Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы" азакәан апроект рыдыркылеит.
Апроект рыдыркылеит аус зуа азакәанԥҵараҿы иҟоу агхақәа раԥыхразы.
Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла еихнашоит иазԥхьагәарҭо ацәгьоурақәа реилыргара: алашыҩкратә хәмаррақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи; афымцамч мамзаргьы егьырҭ абзазаратә хымԥадара змоу ахыҵхырҭақәа раанкылара ма раԥкра, закәаншьаҭада анаркотикатә хархәагақәа, аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи урҭ иреиԥшу раахәара, рымазаара, рымҩангара, аус аиҭарыдулара, разырхиара, аинерт материалқәа рыҵхра аԥҟарақәа реилагара, аҽеизакрахь ааԥхьара ацәыбналара.
Аԥсны
Жәлар Реизара Ашьаусмҩаԥгаратә закәанеидкыла аԥсахрақәа аланагалеит
Ахәҭаҷ 286 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура (абиуџьеттә ԥарақәа хықәкылада рныхра), ахәҭаҷ 287 иазԥхьагәанаҭо (аҳәынҭқарратә биуџьетнҭыҵтә фондқәа рԥарақәа хықәкылада рныхра) рганахь ала заанаҵтәи аусҭҵаара мҩаԥыргоит ари ацәгьоура аусеилыргара знапы иану аусбарҭа аусеилыргаҩцәа.
Адепутатцәа иалырхит Иреиҳаӡоу аӡбаҩцәа ҩыџьа: Екатерина Адлеиԥҳаи Беслан Берулааи. Иара убасгьы Аԥсны Апарламент адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдума ЕАР Ассамблеиа хадахь, Апарламентбжьаратә еидгылахь, Европатәи Апарламенти адунеи апарламентқәеи рахь иҟанаҵаз ааԥхьара иадгыло ақәҵара рыдыркылеит.
Аԥсны
Аԥснытәи адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдума ЕАР Ассамблеиа хадахь иҟарҵаз ааԥхьара иадгылеит
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ақәыӡбоит Украина анацисттә еиҿкаарақәеи қьырала еибашьуеи бџьарла реиқәыршәара мҩаԥызго, аимак зырцыхцыхуа Мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьа", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аԥсны Жәлар Реизара ашәахтә усхк аҿы азакәанԥҵара аус адызулаша аусутә гәыԥ аԥнаҵеит.
Агәыԥ иалоуп адепутатцәа, ахада иусбарҭа, Аминистрцәа реилазаара, Агәаҭаратә палата, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата русзуҩцәа, иара убас аҵарауаа-аекономистцәа.
Агәыԥ ахантәаҩыс далхуп абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Апарламент аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент ашәахтә закәанԥҵара аус адуларазы аусутә гәыԥ аԥнаҵеит

Аусеицура

Аԥсны аҳәынҭқарра астатистикатә еилакы аиҳабы Кама Гогьиаԥҳаи Урыстәылатәи астатистикатә еилакы ахантәаҩы Сергеи Галкини "2022-2024 шықсқәа рзы астатистика аусхк аҟны аусеицуразы ауснагӡа" рнапы аҵарҩит жьҭаара 19 рзы.
Аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" адыррақәа рыла Аганқәа аилацәажәарақәа мҩаԥыргеит, русеицуреи рԥышәеимдареи ахьалшо ахырхарҭақәа азгәарҭеит.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭстатистика 2022-2024 шықәсқәа рзы русеицуразы аплан рнапы аҵарҩит

Агрипп апрофилактика

Аԥсны аимҳәа иаҿагыло алаҵа аҟаҵара иалагеит. Алаҵа "Ваксигрипп Тетра" араионтә хәшәтәырҭақәеи аполиклиникақәеи рҿы хәыда-ԥсада аҟаҵара алшоит. Зынӡа ареспубликахь 3000 лаҵа аагоуп.

Гагреи Аҟәеи алхрақәа

Гагратәи араионтә еизарахь алхрақәа рылҵшәақәа рылаҳәоуп.
Алхратә ҭыԥ №15 аҿы иқәгылан акандидатцәа Ахра Барцыци Саҭбеи Багаҭелиеи. Ахра Барцыц изы рыбжьы арҭеит 63,7% алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа, Саҭбеи Багаҭелиа - 33%. Зынӡа рыбжьы арҭеит 28,97% алхыҩцәа.
Алхратә ҭыԥ № 9 аҿы дықәгылан кандидатк - Едуард Ҳаразиа. Иара иоуит 99,11% бжьы. Абжьыҭирахь инеит 37,88% алхыҩцәа.
Аԥсны
Гагра араионтә еизарахь алхрақәа мҩаԥысит
Гагратәи алхратә комиссиа Араионтә еизарахь аиҭалхрақәа азгәанаҭеит алхратә ҭыԥқәа №9 (ақыҭа Ԥсахара), №15 (Гагра ақалақь) рҿы ҩыџьа адепутатцәа рзинмчқәа рыҿҳәара ааиаанӡа иахьаанкылахаз иахҟьаны.
Иара убасгьы Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыцс далырхит Дмитри Осиа. Уаанӡа аизара ахантәаҩыс дыҟан заанаҵы знапынҵақәа шьҭазҵаз Иракли Харчылаа.
Аԥсны
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахантәаҩ ҿыц далырхит

Аграждантә хыхьчара аҽазыҟаҵара

Аҟәа аграждантә хыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара аиҳабы Дмитри Осиа иазгәеиҭеит, аҽыԥхьакырҭақәа рыҟны арҽеиратә усурақәа рзы аԥара азоужьра шазԥхьагәаҭатәу анҩстәи абиуџьет анрыдыркыло.
Аԥсны
Аҟәа аграждантә хыхьчаратә ргыларақәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит

Аҭҵаарадырреи атәылеи рцәыӡ

Иҳаҩсыз амчыбжь азы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Маланӡиа.
Арадио
Гәбаз Виктор Маланӡиа изы: иџьабаа зду Аԥсны Ашәҟәы ҟаԥшь ила иахьамбаз ҳгәы иалоуп
Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа - Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика Академиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиа аҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла.
1991 шықәсазы абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ азы "Орнитофауна Абхазии и ее охрана" атемала адиссертациа ихьчеит.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.

Акриминалтә хроника

Алада Ешыра инхо Сергеи Тәанба даанкылан идырны ауаҩшьра ҟаиҵеит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Аусеиларгара агәаанагара инақәыршәаны, жьҭаара 15-16 руыха Алада Ешыра игылоу аус зымо ачашылазауад ахьчаратә ҭыԥ аҟны дшьын ақыҭа анхаҩы Оҭари Мышәба.
Ацәгьауаҩ ҩынтә еиҵамкәан иихәыз Мышәба аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит. Иԥсыбаҩ аӡбара-медицинатә експертизахь инашьҭын.
Сергеи Тәанба даанкылан жьҭаара 19 рзы, иҿахәы иҿыхраан иҿиқәшаҳаҭхеит.
Аԥсны
Ешыратәи анхаҩы даанкылоуп ауаҩшьразы
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Аԥсны атәылауаҩ Селим Дуран дарбаандаҩит, закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәеи аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи раахәара, рымазаара, рымҩангара, ареспубликахь ралагалара мҩаԥигон ҳәа гәҩарас дҟаҵаны.
Дуран аҳәаа иахигеит 1,91 грамм анаркотик мефедрони 59,7 грамм прегабалини.
Аусӡбарҭа аӡбрала Селим Дуран ҩымз дырбаандаҩызаауеит, ихара азиншьаҭа змоу аусӡбарҭа аӡбрала ишьақәдыргылаанӡа.
Аԥсны
Аҟәа инхо ауаҩԥсы даанкылоуп ззин ыҟам амаҭәашьарқәа Аԥсныҟа иахьааигоз азы
Узбекистан атәылауаҩ Сирожиддин Жамалидинов анаркотикқәа раларҵәаразы жә-шықәса иқәҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа асаит.
Аусҭҵаара ишышьақәнаргылаз ала Жамалидинов ишьақәыргылам ахаҿқәа "Лулуя", "Панда" ҳәа хьӡшьарас измаз Telegram аҿы драбадырны, закәаншьаҭада метадон ааихәеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны аҭиразы.
Иаанкылоу анаркотик ахьышьҭеиҵаз аҭыԥ афото ҭыхны "Панда" изишьҭуан, уи анаҩс аахәаҩ изишьҭуан. Беигәа имҩаҿы ҩ-маӡа ҭыԥки Арӡынбеи Чачбеи рымҩақәа реихаԥшьырҭаҿ аҽа ҭыԥки аарԥшын. Еиҭахгьы аилаҳәарақәа Жамалидинов идбалан данааныркылоз.
Аԥсны
Узбекистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы жә-шықәса иқәҵоуп

Аквести афоруми

Кавказ азы аибашьра 80 шықәса ахыҵра иазкын аҭоурыхтә квест. Аквест алахәылацәа Москва Аҩны аҿы еизеит. Уа ирыҭан ахсаалақәа, иахьнеишаз арбаны – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Аибашьра Ду аан агоспиталь ахьыҟаз ақалақьтә хәшәтәырҭа, Идырым асолдаҭ ибаҟа.
Аҿар рҵарадырратә форум "Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш еицаԥаҳҵап" мҩаԥысуеит Очамчыра ақалақь жьҭаара 22-26 рзы.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәцәа ирылшоит амедиаҵакыраҿы рхатәы социалтә проектқәа рӡыргара, иара убас апроектқәа раԥҵашьа, рынагӡашьа рҵарц.
Аԥсны
Аҿар рҵарадырратә форум аадыртит Очамчыра

Аҳәызбақәа рцәыргақәҵа

Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы имҩаԥысит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа-абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла раҳасабырбатә цәыргақәҵа "Х-напы".
Аидгыла ахантәаҩы Ҭимур Ӡиӡариа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵахь ишнагоу ашықәс аҩнуҵҟа иаԥҵаз аусумҭақәа, иҳәеит акомиссиа ишалыркаауа усумҭак-усумҭак. Урҭ нас Аидгыла афонд иаланы еиуеиԥшым ацәыргарақәа ишрылахәхо.
Аекспонат ҵарқәа: Аԥсны абџьарҟаҵаҩцәа Реидгыла рцәыргақәҵа

20 шықәса рышьҭахь

Аклуб "Риҵа" заанаҵы ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахраҿа ранашьахеит. Ари акоманда 20 шықәса раԥхьа ичемпионын. Аныҳәатә ҳамҭаҭара мҩаԥысит Гәдоуҭа астадион аҿы жьҭаара 17 рзы.
Ахәмарыҩцәа ахраҿақәеи амедалқәеи ранеишьеит ашьапылампыл Афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба, иазгәеиҭеит аспорт аҿиараҿы рлагала ду.
Ашьапылампыл азы 29-тәи ачемпионат иалахәын аа-командак: галтәи "Самррзаҟан", очамчыртәи "Ерцахә", аҟәатәи "Нарҭи" "Динамои", афонтәи "Афон", гәдоуҭатәи "Риҵа", гагратәи "Гагра", цандрыԥшьтәи "Саӡ".