Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿар рҵарадырратә форум аадыртит Очамчыра

© Foto / Госкомитет молодежи и спорта Молодежный образовательный форум в Очамчыре
Молодежный образовательный форум в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.10.2022
Анапаҵаҩра
Аҿар рҵарадырратә форум "Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш еицаԥаҳҵап" мҩаԥысуеит Очамчыра ақалақь аҿы жьҭаара 22-26 рзы. Уи иалахәуп Аԥсны, Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла, Ҟарачы-Черқьесиа, Санкт-Петербург, Тамбов рҟынтәи аделегациақәа.
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҿар рҵарадырратә форум официалла иаадыртит Очамчыра асабша, жьҭаара 22 рзы, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы жәларбжьаратәи аимадарақәа рзы аҟаза хада Руслан Инаԥшьба.
"Очамчыра Акультура аҩнаҟны официалла иаартын афорум. Уи аҿы иқәгылеит Аԥсны аиҳабыра, Очамчыра ахадара, иара убас адепутатцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи. Апрограмма гәырӷьаратәуп, ааԥхьарақәа рыда, аконцертгьы мҩаԥган", – иҳәеит Инаԥшьба.
Афорум алахәцәа Очамчыра инеит жьҭаара 21 рзы. Уи аҽны имҩаԥысит актәи алекциақәа. Аусмҩаԥгатә аҵарадырратә хырхарҭақәа ԥшьба рыла ишьақәгылоуп. Уи амедиаусхк, аҿартә халанапхгара, аволонтиорра, акомандеиҿкаара.
Объявление  победителей конкурса Гордость Абхазии-2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2022
Аԥсны
Аицлабра "Аԥсны агәадура -2022" аҟны иаиааиз рыхьӡқәа ҳәоуп
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны уи алахәцәа ирылшоит амедиаҵакыраҿы рхатәы социалтә проектқәа рӡыргашьа, иара убас апроектқәа раԥҵашьа, рынагӡашьа рҵарц.
"Акомандеиҿкаара захьӡу акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара урҭ акоммуникациа абжьаҵашьа, нетворкинг аҳасабала аимадашьа дҳарҵоит. Иара убас ара аус руеит еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы урыстәылатәи аҟазацәа. Дара рԥышәа ҳамадара иазхиоуп. Сгәы иаанагоит уи иазҿлымҳахарц рылшоит Аԥсны аҿар рыдагьы, егьырҭ атәылақәа рҟынтәи алахәцәагьы ҳәа", – инаҵишьит Инаԥшьба.
Аҿар рҵарадырратә форум "Ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш еицаԥаҳҵап" мҩаԥысуеит Очамчыра ақалақь аҿы жьҭаара 22-26 рзы. Уи иалахәуп Аԥсны, Аахыҵи Нхыҵи Уаԥстәыла, Ҟарачы-Черқьесиа, Санкт-Петербург, Тамбов рҟынтәи аделегациақәа.
Акция в поддержку  России Сила в правде - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.10.2022
Аԥсны
Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу: Владимир Путин идгылараз акциа мҩаԥысит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0