Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Делба еиҭеиҳәеит абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы аицԥаразоужьраҿ Аԥсны ахәҭа аҽшеиҭанакуа

© Sputnik / Акоп Кущян Деньги
Деньги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2022
Анапаҵаҩра
Абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы аицԥаразоужьраз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵеиҩын 2015 шықәсазы.
АҞӘА, нанҳәа 18 - Sputnik. 2025 шықәса рышьҭахь абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы аизырҳара Аԥсны ахатә биуџьет ала имҩаԥгахалоит, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Иара иҳәеит убри аан урыстәылатәи ацхыраара шаанымкылахо, аха уи аулафахәы ашьҭыхра акәымкәа аусурҭа ҭыԥқәа реиҿкаара ишазырхахо.
“2023 шықәса инаркны аицԥаразоужьра аҽеиҭанакуеит. Аԥснытәи аган ахәҭа есышықәса иацлалоит. Иаҳҳәап 2023 шықәсазы 35% иацлозар, 2024 шықәсазы иҟалоит 70%, 2025 шықәсазы - 85%. 2025 шықәса инаркны аулафахәы ашьҭыхра хьыԥшымрада аԥсуа ган имҩаԥнагалоит", - иҳәоит Делба.
Дела иҳәеит аинвестициатә ԥарақәа абиуџьет алагалахәҭа иацызҵо аекономика егьырҭ аусхкқәа ишырзырхахо, анаҩс урҭ аулафахәы аизырҳара ишацхраауа.
Продавец на рынке пересчитывает деньги - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2022
Аԥсны
Делба: абиуџьет усзуҩцәа ашықәс алагамҭа инаркны ироушаз руалафахәы рзахырыԥхьаӡалоит
Ажәабжьқәа зегьы
0