Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Запорожиетәи аобласт анапхгара ирҳәеит УАМ амчрақәа инарҭбаан аҽеидкылара иалагеит ҳәа

Запорожиетәи аобласт ақалақь Васильевка аҿы иҟоуп Украинеи Урыстәыла арегион ҿыцқәеи рыбжьара Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Украинатәи арратә мчрақәа инарҭбаан аҽеидкылара иалагеит Васильевка ажәлара рҽазыҟаҵо ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Запорожиетәи аобласт ахадара Ахеилак алахәыла Владимир Рогов "Соловьев Live" аефир аҿы.
"Уажәтәи аамҭазы аиҿахысрақәа цоит, артиллериа алагьы. Арҟәша дуқәа рҽеидыркылоит. Украинатәи ар Харковтәи ахырхарҭаҟынтә Днепропетровскҟа ииаргеит, Херсонтәи ахырхарҭа аиԥш Запорожиетәи ахырхарҭахьгьы. Аиҳаракгьы араионқәа Ореховои Гулиаиполеи рахь Васильевкеи Пологи рыжәларазы", - иҳәеит ачынуаҩ.
Иара иазгәеиҭеит уажәазы ара еиҳа ишәарҭоу хырхарҭаны ишыҟоу.