https://sputnik-abkhazia.info/20260514/1062984204.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны раԥхьатәи ахада, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба лаҵара... 14.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-14T13:30+0300
2026-05-14T13:30+0300
2026-05-14T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062984038_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f8ccf76facbb2e219e4f16aa6b47d304.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны раԥхьатәи ахада, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба лаҵара диижьҭеи иахьа иҵит 81 шықәса .Аҭҵаарадырраҟны аихьӡара дуқәа змаз аҵарауаҩ, мрагылараҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитика ду ахь днеит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аилашымҭазы. Уи ижәлар драԥхьагылеит иаҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы, иагьилахьынҵахеит уи амҩа хьыӡла-ԥшала анысра. 1992 шықәса нанҳәамзазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла, Арӡынба напхгара азиуан иаарласны иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә хьчара аилак. Иара Аԥсны ахьчаҩцәа драԥхьагыланы ҳтәыла ахьыԥшымра азааигеит.
Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ иахьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Атәыла анапхгара аусзуҩцәа, ауаажәларра, аветеранцәа.
2008 шықәса раахыс Урыстәылантәи Аԥсны иаиухьеит 110 млрд инареиҳаны афинанстә цхыраара иҳәеит арадио Sputnik аефираҿы Ауаажәларратә палата алахәыла, аекономист Дауҭ Агрба.Иара дазааҭгылеит есышықәса апрограмма ахырхарҭақәа рыҽшырԥсахуаз, 2008-2009 шықәсқәа рзы апроектқәа еиҳарак асоциалтә ргыларақәа рахь ишырхаз.Иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, афинанстә цхыраара есышықәса еиҳа-еиҳа ишагхо, убри аан аҩнуҵҟатәи абиуџьет шеизҳауа.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхараз зқьы инареиҳаны азыҳәақәа нарышьҭхьеит.Алахәылацәа ралархәра аҩаӡара даара иҳаракуп рҳәеит ИАЕ "Аԥсны акоманда" аҿы. "Еиҳарак угәы шьҭнахуеит аицлабратә ессеқәа рхаҭабзиара: ҳара иаабоит атәылаҿы иҟоу ауадаҩрақәа инарҵауланы еилызкаауа, аинфраструктура, аекономика, аенергетика, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, ацифраркра рыҿиара иалацәажәо ауаа", — ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара адиректор хада Георги Габуниа.Азыҳәақәа рыдкылара ԥхынгәы 1 аҟынӡа имҩаԥысуеит. Анаҩсан имҩаԥгахоит адистанциатә тестқәа рблокқәа ҩба, цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рзы — латәаралатәи аусмҩаԥгатәқәа.
Ацәыргақәҵа «Аԥхын аламҭалазы» аатуеит Аҟәа, The Wall Gallery аҿы лаҵара 15 рзы. Еиҳарак ацәыргақәҵаҿ еизгоуп еицырдыруа аԥсуа, асовет сахьаҭыхыҩцәа, Варвара Бубнова, Александр Семенцов, Адгәыр Ӡиӡариа, Ахра Аџьынџьал уҳәа рпеизажқәеи рабстракттә усумҭақәеи.Ацәыргақәҵа аԥхын нҵәаанӡа иаартызаауеит.
Аԥсны раԥхьатәи ахада, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Афырхаҵа, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Владислав Григори-иԥа Арӡынба лаҵара диижьҭеи иахьа иҵит 81 шықәса .Аҭҵаарадырраҟны аихьӡара дуқәа змаз аҵарауаҩ, мрагылараҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аполитика ду ахь днеит 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аилашымҭазы. Уи ижәлар драԥхьагылеит иаҳа ианыуадаҩӡаз аамҭазы, иагьилахьынҵахеит уи амҩа хьыӡла-ԥшала анысра. 1992 шықәса нанҳәамзазы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны ианақәла, Арӡынба напхгара азиуан иаарласны иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә хьчара аилак. Иара Аԥсны ахьчаҩцәа драԥхьагыланы ҳтәыла ахьыԥшымра азааигеит. Владислав Арӡынба Алада Ешыра иҳаҭгәынаҿ иахьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Атәыла анапхгара аусзуҩцәа, ауаажәларра, аветеранцәа. 2008 шықәса раахыс Урыстәылантәи Аԥсны иаиухьеит 110 млрд инареиҳаны афинанстә цхыраара иҳәеит арадио Sputnik аефираҿы Ауаажәларратә палата алахәыла, аекономист Дауҭ Агрба.Иара дазааҭгылеит есышықәса апрограмма ахырхарҭақәа рыҽшырԥсахуаз, 2008-2009 шықәсқәа рзы апроектқәа еиҳарак асоциалтә ргыларақәа рахь ишырхаз.Иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, афинанстә цхыраара есышықәса еиҳа-еиҳа ишагхо, убри аан аҩнуҵҟатәи абиуџьет шеизҳауа. Аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәхараз зқьы инареиҳаны азыҳәақәа нарышьҭхьеит.Алахәылацәа ралархәра аҩаӡара даара иҳаракуп рҳәеит ИАЕ "Аԥсны акоманда" аҿы. "Еиҳарак угәы шьҭнахуеит аицлабратә ессеқәа рхаҭабзиара: ҳара иаабоит атәылаҿы иҟоу ауадаҩрақәа инарҵауланы еилызкаауа, аинфраструктура, аекономика, аенергетика, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, ацифраркра рыҿиара иалацәажәо ауаа", — ҳәа азгәеиҭеит аиҿкаара адиректор хада Георги Габуниа.Азыҳәақәа рыдкылара ԥхынгәы 1 аҟынӡа имҩаԥысуеит. Анаҩсан имҩаԥгахоит адистанциатә тестқәа рблокқәа ҩба, цәыббрамзеи жьҭаарамзеи рзы — латәаралатәи аусмҩаԥгатәқәа. Ацәыргақәҵа «Аԥхын аламҭалазы» аатуеит Аҟәа, The Wall Gallery аҿы лаҵара 15 рзы. Еиҳарак ацәыргақәҵаҿ еизгоуп еицырдыруа аԥсуа, асовет сахьаҭыхыҩцәа, Варвара Бубнова, Александр Семенцов, Адгәыр Ӡиӡариа, Ахра Аџьынџьал уҳәа рпеизажқәеи рабстракттә усумҭақәеи.Ацәыргақәҵа аԥхын нҵәаанӡа иаартызаауеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0e/1062984038_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_73896a8967596bd794ea6045f009e29a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио