АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аҟәарарӷәӷәагақәа ргылатәуп Кьалашәыр аӡиас иаваршәны, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа.
Иара иажәақәа рыла, аӡиас лассы-лассы ихыҵуеит, аԥхасҭа ӷәӷәа рынаҭоит уи аҿықәан ишьҭоу ақыҭақәеи амҩақәеи. 2022 шықәса ры араион ахадара акымкәа миллион мааҭ амҩа аиҭашьақәыргылара иақәдырӡит. Сынтәагьы 350 нызқь мааҭ нырххьеит.
"Ҵыԥх ҳара аӡиас ацарҭа ҳаԥсахит, иҳариашеит, аҟәара ахаҳә ықәҳаԥсеит. Аха ахаҳә ақәԥсара мацара азхаӡом, имырӷәӷәакәа инужьыр, уи ирласны иқәнаӡәӡәаауеит, убри азы аԥара рацәаны иақәҳарӡит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы ари азҵаара аӡбара аҳәынҭқарра аганахьала аӡбарагьы уадаҩуп ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, Кьалашәыр аҟәара 70% раҟара рӷәӷәатәуп аԥхьаҟа аӡы хымҵларц азы.