Аԥсны

Ешыра 30 ҵла инареиҳаны еиҭарҳаит акциа "Агәалашәара абаҳча" аҳәаақәа ирҭагӡаны

Акциа "Агәалашәара абаҳча" ахықәкы – Урыстәыла зехьынџьареи аҳәаанырцә ааигәа иаҵанакуа атәылақәеи рҿы аибашьраан иҭахаз рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 27 миллион ҵла реиҭаҳара.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз аиааира 78-шықәса ахыҵра иазку жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" мҩаԥган Ешыратәи ашкол аҟны мшаԥы 21 рзы.
Аиааира Дуи Аԥсны аҵеицәа иҭахази ргәалашәара аиқәырхаразы ашкол ашҭаҿы еиҭаҳан 35 ҵла – аҷандар, ачамҳа, аԥса, амза, гингко.
Акциа рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Россотрудничествеи " Москва Аҩныи" рхаҭарнакцәа, ешыратәи ашкол аҵаҩцәа.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов аҵаҩцәа ицырхрааны ачамҳаҵла еиҭаиҳаит.
"Акциа хықәкыс иамоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аиԥш егьырҭ аибашьрақәагьы рхадмыршҭырц. Ҳара ҳзы ари асимволтә ҵакы амоуп. Даара акыр аҵанакуеит ари ашкол аҟны иахьымҩаԥысуа, избанзар ашколхәыҷқәа арҭ аҵлақәа жәа-шықәса иахылаԥшлоит нап рыдыркылоит, иргәалашәалоит урҭ рабдуцәеи рхамшҭра ишазку", - ҳәа иҳәеит иара.
Жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча" раԥхьаӡа акәны имҩаԥган 2020 шықәсазы.
Акциа адгылара аиҭеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, Асовет солдаҭ Ржевтәи имемориал аганаҽ аҵла аиҭаҳарала.
1 / 4

Ешыра имҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча"

2 / 4

Ешыра имҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча"

3 / 4

Ешыра имҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча"

4 / 4

Ешыра имҩаԥысит жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара абаҳча"

Акциа "Агәалашәаратә баҳча" ахықәкы – Урыстәыла зехьынџьареи аҳәаанырцә ааигәа иаҵанакуа атәылақәеи рҿы аибашьраан иҭахаз рхыԥхьаӡара инақәыршәаны 27 миллион ҵла реиҭаҳара.
Иара убасгьы, акциа аиҿкаара иалахәын ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны урыстәылатәи аицџьынџьуаа Реидгыла", Аҟәа араион ахадара, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, аҿартә еиҿкаара "Аԥеиԥш", аволонтиорцәа, аҭыԥантәи амчрақәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны
Апатриоттә естафета "Ҳаԥсадгьыл ду" мҩаԥысит Аҟәа