"Аԥсшәа ада акгьы саҳаӡом": Нарҭ Ҭлышь - иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз еиҭеиҳәеит

Sputnik
Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дшыхынҳәыз дазааҭгылеит Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд аусзуҩы Нарҭ Ҭлышь.
Иара иажәақәа рыла, Иорданиантәи Аԥсныҟа дааит аа-шықәса раԥхьа. Аԥсуа бызшәа хьысҳаны ишыидыруазгьы, иҿахәы иҳәаратәы аҵара илшеит. "Аԥсшәа ада акгьы саҳаӡом" ҳәа иҳәоит Ҭлышь.
"Аглобализациа ҳхы иаҳархәароуп, ма ҳалаӡоит, иахьатәи аамҭа ҳҽақәҳаршәароуп", - иҳәоит аԥсуа бызшәа арҿиара Афонд аусзуҩы.
2023 шықәсазы 30 шықәса ҵит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.